Аԥыза-министр иԥхьатәара аполитикатә ҭагылазаашьа иаԥырхагахом

© Sputnik / Томас ТхайцукАминистрцәа реилазаара.
Аминистрцәа реилазаара. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ԥхынгәы 26 рзы Аԥсны Аԥыза-министр аҳәамҭа ҟаиҵеит ԥхьатәара дышцо ала.

АҞӘА, ԥхынгәы 27 — Sputnik. Аԥсны Аԥыза-министр Артур Амқәаб ԥхьатәара ицара нырра дук аполитикатә ҭагылазаашьа ианаҭом. Избанзар атәылаҟны ӡбра дуқәак Аԥыза-министр иӡбо иҟам, ҳәа рҳәоит аекспертцәа.

Амқәаб Аԥыза-министрс ҳәа дҟаҵан 2015 шықәса хәажәкыра 20 рзы. 2016 шықәса жәабранмзазы Жәлар Реизараҟны адепутат Алмас Џьапуа азҵаара ықәиргылеит Аԥыза-министр игәрамгаразы. Адепутат иҟаиҵаз ажәахә аҟны иҳәан Аԥсны Аконтрольтә палата алкаақәа инарықәыршәаны ареспублика ауаажәларра паспортла реиқәыршәара аус еиҵархоуп ҳәа. Убри инамаданы 2016 шықәса мшаԥымзазы Гал араион аҟны аҭыԥантәи ахаланапхгараҭаратә органқәа рахь алхрақәа зымҩаԥымсит ҳәа. Иара убасгьы Аџьапуа иазгәеиҭеит Аԥыза-министр иусура лҵшәа дук аанашьҭуам ҳәа.

Аԥсны Аԥыза-министр инапынҵақәа шьҭеиҵеит - Sputnik Аҧсны
Аԥсны Аԥыза-министр инапынҵақәа шьҭеиҵеит

Аԥыза-министр игәрамгара азҵаара изныкымкәа алацәажәара ахган. Аҩаша, ԥхынгәы 26 рзы Амқәаб иусура ааныжьразы арзаҳал ииҩыз инамаданы атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба дидикылеит. Амқәаб иазгәеиҭеит Аџьапуа иара иганахьала иҟаиҵаз аҽыԥныҳәақәа зегьы Апрокуратура хада иҿаԥнаҽит ҳәа.

ИАР Аинститут Кавказ аҟәша аиҳабы Михаил Александров иажәақәа рыла, Аԥыза-министр иҟамзаара Аԥсны аполитикатә ҭагылазаашьа анырра анаҭом.

"Аԥсны Аԥыза-министр иӡбрақәа акырӡа зҵазкуа ракәны иҟам. Имҩаԥысыз ахҭыс аиҳарак ауаажәларра рҟны аҭынчра ашьақәыргылара иазырхоуп", — иҳәеит Александров.

Абасеиԥш ауп игәаанагар шыҟоу МГИМО Кавкази арегионалтә шәарҭадареи рпроблемақәа Рцентр анаукатә усзуҩ еиҳабы Вадим Мухановгьы. Иара иажәақәа рыла Аԥыза-министр инапынҵақәа рышьҭаҵара политикатә хәмарроуп, компромиссуп.

Вице-премьер Шамиль Адзынба - Sputnik Аҧсны
Шамил Аӡынба Аԥыза-министр инапынҵақәа неигӡоит

"Иҟалаз азыԥхьагәоуҭартә иҟан, избанзар аҵыхәтәантәи аамҭақәа рзы Аԥсны аполитикатә кризис аҭыԥ амоума уҳәо иҟан. ААР (МВД) ажәлара иадҳәалаз ахҭысқәа анапхгареи аоппозициеи рыбжьара аизыҟазаашьақәа ирфальстартны уахәаԥшыр ауеит, избанзар аоппозициа шьақәҟьаны рхы анырба абасеиԥш иҟаз акциагьы рымҟәыҵҟьеит", — иҳәоит Муханов.

Аексперт иазгәеиҭеит Аԥыза-министр инапынҵақәа рышьҭаҵара атәы иалацәажәоижьҭеи акрҵуеит, избанзар ииасыз ашықәс азы атәыла асоциал-економикатә ҿиараҿы еиҭакра ҳәа акгьы ыҟамызт.

"Уи адагьы Аԥыза-министр икомандахьгьы азҵаара рацәа ыҟан. Азҵаара рацәа ыҟан аҭыԥантәи абизнеси иареи реизыҟазаашьахь. Уи адагьы Рауль Ҳаџьымба аполитикатә ҭагылазаашьа аԥсахра џьара акала азхьаԥшра аиҭар акәын", — иҳәоит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0