Рауль Ҳаџьымба Фазиль Искандер иҭаацәа дрыдашшылеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба
Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер иԥсҭазаара далҵит амҽыша, ԥхынгәы 31 рзы, ҳәа аарыцҳауеит Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟынтәи.

АҞӘА, нанҳәамза 1 – Sputnik. Ашәҟәыҩҩы Фазиль Искандер иԥсҭазаара далҵит амҽыша, ԥхынгәы 31 рзы, ҳәа аарыцҳауеит Урыстәыла ашәҟәыҩҩцәа Реидгыла аҟынтәи. Абри инамаданы Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба адашшыларатә шәҟәы рзишьҭит Искандер иҭаацәа, иуацәа, иҭанхацәа. Абри атәы аҳәоит атәыла Ахада иофициалтә саит аҟны.

"Зегьы ҳзы ихьанҭоу абри аамҭазы азин сышәҭ гәалсра дула иналукааша ауаҩы ду, Аҧсни Урыстәылеи жәлар рышәҟәыҩҩы, "Ахьӡ-аҧша" аорден I аҩаӡара занашьоу Фазиль Искандер иҧсҭазаара иалҵра инамаданы шәыдышшылара.

Фазиль Искандер анырра ду аиҭеит аҧсуа литературеиҧш адунеитә литературагьы. Уи ирҿиамҭақәа зегьы ирныҧшит и-Ҧсадгьыли ижәлари рышҟа имаз абзиабара, ижәлар рҟазшьа, рқьабз, рҵас.

Фазиль Искандер. - Sputnik Аҧсны
Фазиль Искандер иԥсҭазаара далҵит

Ҟәыҕара згым ашәҟәыҩҩы ду иаҧҵамҭақәа аҧсҭазаараҿы ицәырҵуа еиуеиҧшым азҵаарақәа зегьы рҭакқәа рыла игәылырҭәаауп. Фазиль Абдул-иҧа илшон иахьатәи адунеи аганқәа зегьы инарҵауланы рызнеира, еилыкка рыхцәажәара.

Фазиль Искандер ирҿиара ахааназы адунеитә литература иахәҭакны иалалоит, ахатә ҭыҧгьы ааннакылоит.

Ас еиҧш ауаҩ дуӡӡа иҧсра цәыӡ дууп алитературатә уаажәларра рзеиҧш, ҳтәыла зегьы азгьы.

Даҽазныкгьы аҧсуа жәлар зегьы рыхьӡала Фазиль Абдул-иҧа иуацәа, иҭынхацәа, иҩызцәа гәалсрыла срыдышшылоит. Иҧсаҭа бзиахааит!", ҳәа аҳәоит адашшыларатә шәҟәаҟны.

Ажәабжьқәа зегьы
0