Атәыла Ахада Фазиль Искандер иҩны даҭааит

© Sputnik Владимир БегуновАтәыла Ахада Фазиль Искандер иҩны даҭааит
Атәыла Ахада Фазиль Искандер иҩны даҭааит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Фазиль Искандер иԥсҭазаара далҵит ԥхынгәы 31 рзы Москва. Ашәҟәыҩҩы иҭаацәа рыҳәарала Москва анышә дамардоит.

АҞӘА, нанҳәа 1 – Sputnik, Владимир Бегунов. Атәыла Ахада, аиҳабыра рхаҭарнакцәа, адепутатцәа ашәахьа, нанҳәа 1 азы ашәҟәыҩҩы ихәыҷра ахьихигаз аҩны иаҭааит. Ашәҭшьыҵәрақәа Фазиль Искандер ипатреҭ аҿаԥхьа ишьҭарҵоит. Абри атәы ҳзааицҳаит ҳкорреспондент аҭыԥ аҟынтәи.

Жәлар Реизара адепутат Сергеи Шамба иҳәеит Москва Фазиль Искандери иареи шеиқәшәалоз. Иара игәаанагарала Искандер ашәҟәыҩҩра адагьы дфилософ дуун.

Адепутат Ахры Бжьаниа иажәақәа рыла Искандер Фолкнери Маркеси дрываургылар ауеит ҩаӡарала.

"Сара исҭахуп схәыҷқәеи сареи Фазиль ибаҟа ахьгылоу амҩаду ала ҳныҟәалар", — иҳәеит Бжьаниа.

Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба - Sputnik Аҧсны
Рауль Ҳаџьымба Фазиль Искандер иҭаацәа дрыдашшылеит

Фазиль Абдул-иԥа Искандер диит хәажәкыра 6 1929 шықәса рзы, Аҟәа. 1954 шықәса рзы далгеит А.М. Горки ихьӡ зху Алитературатә институт.

Ҩышықәса рышьҭахь дхынҳәуеит Аԥсныҟа, Аҳәынҭшәҟәҭыжьырҭа аԥсуа ҟәша аредакторс.

1956 инаркны иҩымҭақәа ркьыԥхьуан ажурналқәа: "Смена", "Неделя", "Костер", "Сельская молодежь" уҳәа рыҟны. Раԥхьатәи иажәеинраалақәа реизга "Горные тропы" ҭыҵит 1957 шықәса рзы Аҟәа. 1966 шықәса рзы ажурнал "Новый мир" аҟны икьыԥхьын аповест — "Созвездие Козлотура".

Искандер ирҿиамҭақәа ирылукаартә иҟоуп "Сандро из Чегема" (1973-1988, автобиографиатә ҩымҭа).

Искандер иажәабжьқәеи иповестқәеи еиҭагоуп шамахамзар европатәи абызшәақәа зегьы рахь.

Искандер иҩымҭақәа ирылхны иҭыхын абарҭ афильмқәа: "Воры в законе", "Пиры Валтасара, или Ночь со Сталиным", "Маленький гигант большого секса".

Фазиль Искандер ианашьан аорденқәа "За заслуги перед Отечеством" III (1999), II (2004), IV (2009) аҩаӡарақәа, "Ахьӡ-аԥша" аорден I аҩаӡара, Аԥсны (2002).

Апланета маҷқәа руак ихьӡ ахуп Фазиль Искандер.

2009 шықәса рзы Аԥсны абанк иҭнажьит 10 апсарк иҟоу, Фазиль Искандер изку агәалашәаратә раӡнытә аԥсар "Выдающиеся личности Абхазии" асериа аҟынтәи.

Ажәабжьқәа зегьы
0