Инга Ҭаниаԥҳа: Риҵатәи аҳәырԥсарраҟны 15 туристтә обиект аус руеит

© Sputnik Владимир БегуновРиҵатәи ареликттә милаҭтә парк
Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк адиректор лхаҭыԥуаҩ Инга Ҭаниаԥҳа даҳзалацәажәеит апарк 2016 шықәса рзы аҭаара шымҩаԥысуа.

Риҵатәи ареликттә милаҭтә парк адиректор лхаҭыԥуаҩ Инга Ҭаниаԥҳа ҳкорреспондент Бадраҟ Аҩӡба даниҿцәажәоз далацәажәеит апарк 2016 шықәса рзы аҭаара шымҩаԥысуа атәы.

- Риҵатәи ареликттә парк асасцәа аднакылоит. Уаанӡатәи ашықәсқәеи сынтәатәи ашықәси еидкыланы уахәаԥшуазар иуҳәарц иалшозеи?

— Арбагақәа еиҿҳарԥшуазар иахьа иаҳҳәар алшоит атуристцәа рхыԥхьаӡара есыҽны еизҳауеит ҳәа. Ҵыԥхи сынтәеи еидкылан уахәаԥшуазар, сынтәа аԥсшьаҩцәа рхыԥхьаӡара еиҵоуп, аха ҳаԥхьаҟа нанҳәа шьҭоуп. Аиҳарак абри амзаз ауп аԥсшьаҩцәагьы анырацәо.

- Инга Уасил-иԥҳа, иахьа апарк анапхгара аԥсшьаҩцәа ирыдыргалозеи? Иҿыцу краԥшьгоума?

— Риҵатәи апарк екскурсиатә обиектуп. Шеишықәсала арахь иаауеит атуристцәа. Уаанӡа аӡиа Риҵа амацара акәзар ирбарц ирыдаагалоз, уажәы Ауадҳарагьы налаҵаны 15 рекреациатә обиект ыҟоуп. Урҭ зегьы мышкала урхысыр алшоит.

- Акурорттә усхк адагьы Риҵатәи апарк анаука-ҭҵааратә усурақәа мҩаԥнагоит. Уи азы ишәҳәарц ишәылшозеи?

Атуристцәа. - Sputnik Аҧсны
Ахба: сынтәа 300 000-ҩык атуристцәа Аԥсны иаҭаахьеит

— Анауака-ҭҵааратә усурахь иаҵанакуеит адәытә ԥшыхәрақәа, иааҳакәыршаны иҟоу аԥсабара аманиторинг. Уажәазы ара аус ауеит аекологиатә рккара аҟәша.

- Иара убасгьы абна нхамҩа аҟәшагьы аус ауеит. Уи иарбан напынҵоу иамоу?

— Аҟәша аилазаарахь иаҵанакуеит абнатә нхамҩа аинспекторцәа. Урҭ дасу рхатәы ҵакырақәа рзалхуп. Дара абнара хылаԥшра арҭоит атуристцәа аҭыԥ аҭҵаараҿы ирыцхраауеит. Урҭ ирзеиҭарҳәоит амца еиқәуҵар ахьауа, ишауа, апалаткақәа шыргылатәу…

- Амцаԥшь хәаҷа ишԥаҿагылоу?

— Аманиторинг иаҳнарбоит аԥхынтәи аамҭазы ахәаҷа аҽшеиҵнахуа. Аԥсабараҟны иара зыцәшәаша акгьы ыҟам. Аамҭак ала ахыԥхьаӡара ааиҵахаргьы нас еиҭеизҳауеит.

- Ауадҳара зыԥсы зшьар зҭаху рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа еизҳауеит. Аха аҭыԥқәа азхом. Иазыԥхьагәаҭоума акоттедж ҿыцқәа рыргылара?

— Сара екологк иаҳасабала сақәшаҳаҭым ауаа рацәа уа рыҟазаара. Аха аҵыхәтәантәи ахәышықәсақәа рыҩныҵҟа араҟа иргылоуп 50 ҭыԥ змоу аҩнхәыҷқәа. Ҵыԥх арҭ аҩнқәа рҟны рыԥсы ршьеит 2 000-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра.

Ажәабжьқәа зегьы
0