Чамагәуа: аинтернет аҿы срылаҵәеит "Медеиа" ашьҭахь

© Sputnik / Томас ТхайцукЏьумбер Чамагәуа
Џьумбер Чамагәуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аспектакль "Медеиа" ақәыргылараан аԥша аныҵыс ахәаԥшцәа ргәалашәара иазаанхеит аспектакль арежиссиор Александр Титель алашара знапы ианыз Џьумбер ихьӡ ҳәаны дышиԥхьоз. Аспектакль амҩаԥысраан атехникатә маҵзурақәа зҿыз атәы шәаԥхьар шәылшоит Sputnik аматериал аҟны.

Аԥсуа ҳәынҭқарратә драматә театр адиректори атеатр атехникатә усзуҩцәеи Sputnik акорреспондент Владимир Бегунов изеиҭарҳәеит уи ауха "Медеиа" аиқәырхара рыҽшазыршәоз.

Аопера "Медеиа" Аԥсны зеиԥш ҟамлацыз қәыргыламҭаны иаԥшьган. Иара ҟалеит артистцәагьы ахәаԥшыҩцәагьы рзы зеиԥш ҟамлацыз ԥышәараны уи ауха иҵысыз амшцәгьеи аԥшацәгьеи ирхырҟьаны.

Аспектакль актәи акт анынҵәа ашьҭахь ииаган Аԥсуа драматә театр ахыбра ашҟа. Уа иара мҩаԥысуан х-сааҭк рҟынӡа.

Самсон Ҷанба ихьӡ зху Аԥсуа драматә театр адиректор иҳәоит: "Акультура аминистрреи ҳареи аилаӡара ҳаман москватәи актиорцәа агримиоркақәа рхы иадырхәарцы. Ус ала дара рҽыԥсахны, арантәи рҽеилаҳәаны аспектакль мҩаԥысраны иахьыҟаз "Аҟәатәи абааш" ахь автобусқәа рыла иргеит. Асааҭ жәба рахь инеихьаны атеатр аҳаркит".

Адгәыр Џьениа иажәақәа рыла "Медеиа" атеатр аҟны иацҵахоит ҳәа иарҳәеит ҭелла, асааҭ жәаҩа рыбжазы.

"Зегьы срыԥхьеит. Аҽазыҟаҵара ҳалагеит. Асцена рхиатәын. Аспектакль ауаа рацәа алахәын, урҭ раркышьа иазхәыцтәын. Нас афымцалашара дырцәеит. Аспектакль цонаҵы агенератор ауп афымцалашара аузышьҭуаз", — иҳәоит иара.

Адраматә театр асцена амашинист хада Сафар Чачхалиа иажәақәа рыла апроблема цәырнагеит ақәа зкылсыз ахыбгьы.

"Аоркестр азы асқамқәа асценахь ҳнахеит. Усеиԥш иашам аха аҭагылазаашьа иақәыршәаны иҟаҳҵеит", — иҳәоит Сафар.

Атеатр лашарала аиқәыршәаҩ хада Џьумбер Чамагәуа еиҭеиҳәоит ашьҭалара иҽаназирхиоз аамҭазы аҭел ишизасыз. Адҵа ирҭеит атеатр ахыбра лашарала аиқәыршәаразы. Егьырҭ аамҭақәа рзы уи ҩымш рҟынӡа уадхалоит, уажәы аамҭа зынӡаск иҟамызт. Ишалшо ала ирластәын.

Медеиа аҳәынҭкарратә драматә театр ахь ииаган - Sputnik Аҧсны
"Медеиа" аҳәынҭкарратә драматә театр ахь ииаган

"Ахыб акылсра иалагеит, асофитқәа ақәа рықәҭәон. Урҭ ырцәатәхеит. Нас авансценаҿгьы икылсит ақәа. Зегьы Џьумбер, Џьумбер ҳәа сызҿырҭуан. Сара сеихьӡомызт. Ҩымш рышьҭахь интернет аҟны фырхаҵаны сшаарԥшыз збеит".

Абжьы арежиссиор Ричард Чкадуа еиҭеиҳәоит:

"Ҳара ҳзы ари аҭагылазаашьа стандарттәымызт. Ауха асааҭ жәаҩа инаркны иаашаанӡа аусура ҳаҿын. Адәахьы иҟазгьы аабомызт, адәылыԥшыха ҳамамызт" ҳәа.

Адгәыр Џьениа иажәақәа рыла атеатр аусзуҩцәа зегьы шьамхахьы аӡы илагыланы арыцқьара иаҿын.

"Сара зегьы ҭабуп ҳәа расҳәар сҭахуп рхы иамеигӡакәа аԥхьа аспектакль ахьеиқәдырхоз, нас – атеатр", — иҳәоит иара.

Ажәабжьқәа зегьы
0