Сынтәа актәи аклассқәа хԥа аатуеит Бзыԥҭатәи аԥсуа школ аҟны

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаБзыԥҭатәи абжьаратә аԥсуа школ №1
Бзыԥҭатәи абжьаратә аԥсуа школ №1 - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Бзыԥҭатәи абжьаратә аԥсуа школ №1 аҟны сынтәа актәи аклассқәа хԥа аатуеит.

ГАГРА, нанҳәамза 11 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Хышықәса раахыс Бзыԥҭатәи абжьаратә аԥсуа школ №1 аҟны рхыԥхьаӡара иацло иалагеит аҵаҩцәа. Ари ашкол аҟны уажәшьҭа иаадыртуеит хԥа-ҳԥа класс. Иааиуа аҵара шықәс ҿыц азы, араҟа ирзыԥшуп 60-ҩык инарзынаԥшуа актәи акласс ахәыҷқәа.

Убри аҟынтә, иахьа Гагра араион Ахадара рымчала ашкол аҿы нап аркуп ҿыц иаадыртраны иҟоу акласс аҿы акапиталтә-ремонттә усурақәа рымҩаԥгара. Мышқәак рышьҭахь арҭ аусурақәа хырқәшахоит.

Анаҩс, Гагра араион аҵара аҟәша аиҳабы Беслан Дбар ицхыраарала, акласс еиқәыршәахоит апартақәеи аҟәардәқәеи акласс ӷәи уҳәа, аҵаратә процесс зда ихәарҭам амаҭәахәқәа рыла.

Гагратәи аԥсуа школ аҵаҩцәа рҵаратә процесс мҩаԥыслоит аҟазартә школ ахыбраҟны - Sputnik Аҧсны
Гагратәи аԥсуа школ аҵаҩцәа рҵаратә процесс мҩаԥыслоит аҟазартә школ ахыбраҟны

"Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра еилгеижьҭеи, хԥа-ҳԥа класс ҳашкол аҟны иҟамлацызт. Анцәа ирызирҳааит аԥсуаа ҭаацәарақәа. Аҭагылазаашьа схы иархәаны, иҭабуп ҳәа расҳәоит Бзыԥҭа аҳабла иалҵыз, иахьа ҳҳәынҭқарреи ҳраиони амаҵ азызуа, ҷыдала аԥсуа школ аԥеиԥш хьаазго Аԥсны Жәлар Реизара ахантәаҩы Валери Бганбеи Аԥсны Аԥыза аминистр Беслан Барцыци Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганбеи, араионтә Еизара ахантәаҩы Асҭан Агрбеи", — лҳәеит Бзыԥҭатәи аԥсуа школ №1 адиректор Римма Агрԥҳа.

Иара убас, Римма Агрԥҳа иазгәалҭеит, иҭаԥҽыз ашкол ашҭа, Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганба иҟаиҵаз афинанстә цхыраара иабзоураны акаҭран ықәырҭәаны ишыҟарҵаз. Уажәшьҭа араҟа абҩарҵәыра амҩаԥгарагьы алыршахоит.

Аҵара шықәс ҿыц аҽазыҟаҵара инақәыршәаны, егьырҭ аклассқәа рҿгьы хәҭа-хәҭала аремонттә усурақәа мҩаԥысуеит.

Римма Агрԥҳа Бзыԥҭа иқәынхо аԥсуа ҭаацәарақәа аџьшьара рылҭеит рыхшара аԥсуа школ иахьаврымго.

Ажәабжьқәа зегьы
0