Бадраҟ Аҩӡба, Sputnik
1941-1945 шықәсқәа рызтәи Аџьынџьтәылатә еибашьра Дуӡӡа алахәыла Антип Асабуа диит 1906 шықәса рзы Хәаԥ ақыҭан. Аибашьра ишалагазҵәҟьа абџьар днаҵагылеит. Усҟантәи аамҭазы Антип Асабуа хҩык аԥҳацәа драбын. Иԥҳаиҵыб Ԥуца хымз анылхыҵуаз ран лыԥсҭазаара далҵит.
"Саб аибашьра дыҟан. Сан даныԥсы сан лҭаацәа сыргеит ааӡара", ҳәа лгәалалрышәоит лара.
Антип Асабуа агрономс аус иуан.
"Инапала еиҭеиҳаз ашәыр рацәаӡан. Иара уажәыгьы имажәӡакәа изҿалоу ыҟоуп", — лҳәеит Ԥуца.
Антип илшон иҭаацәаратә ҭагылазаашьа инамаданы арра дымцаргьы, аха иара аган иҽеимҭеит.
Антип Асабуа Керчь азы иқәԥоз дрылан. Ицеибашьуаз иҩыза иажәақәа рыла 1942 шықәса раахыс еиҩнагеит.
"Изааигәаз дҭахеит ҳәа рыӡбеит, избанзар ихабарк ыҟамызт. Аҵыхәтәантәи ишәҟәы аҟны иҩуан ӷәӷәала схәуп ҳәа", — лҳәоит иԥҳа.
Аӡәгьы игәы иаанагомызт 1944 шықәса рҟынӡа аибашьра далахәын ҳәа.
Антип Асабуа иуацәа акраамҭа аԥшаарақәа мҩаԥыргон. Иԥҳа Ԥуца лымшира аҽны ироуит адырра 1944 шықәса рзы Беларуссиа ахақәиҭтәраан дҭахеит ҳәа.
"Сымшира аҽны цәалашәарак сыман. Сҭаца аинтернат аҟны саб иӡбахә анылба схагарҭа сымамкәа саанхеит. Иԥсы ҭаны даазшәа сҟалеит", — лҳәеит Ԥуца.
Антип Асабуа дҭахеит жәабран 22 1944 шықәса рзы Витебсктәи аобласт аҟны. Анышә дамадоуп Леозненсктәи араион ақыҭа Шугаево аҟынтәи аиашьаратә нышәынҭраҿы.
Антип Асабуа иӡбахә еилкаахеит акыршықәса аԥшаарақәа знапы рылаку Варлам Нанба илшарала.
Варлам Нанба еиқәиршәеит Аԥснынтәи аибашьра иалахәыз быжь-нызқьҩык рҟынӡа рсиа.
"Иахьазы ишьақәсыргылахьеит 180-ҩык рҟынӡа ауааԥсыра анышә иахьамадоу. Иаԥысҵеит Фейсбук аҟны агәыԥ. Уаҟа иасырбоит исымоу аинформациа", — иҳәеит иара.