Рауль Ҳаџьымба усутә визитла Гагра дыҟан

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаРауль Ҳаџьымба усутә визитла Гагра дыҟан
Рауль Ҳаџьымба усутә визитла Гагра дыҟан - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба усутә визитла Гагра дыҟан.

ГАГРА, Нанҳәамза 20 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Атәыла Ахада Рауль Ҳаџьымба, иахьа усутә визитла Гагра араион даҭааит, иара ибеит араҟа акапиталтә-ремонттә усурақәа ахьымҩаԥысуа аобектқәа жәпакы.

Рауль Ҳаџьымба, Аԥыза аминистр Беслан Барцыци Гагра араион Ахадара аиҳабы Заур Бганбеи ицны, раԥхьаӡакәны иаҭааит Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1. Араҟа дара аихагылақәа рыхԥагьы рҟны агәаҭарақәа мҩаԥыргеит.

"Бзыԥҭатәи аԥсуа школ ргылан 1963 шықәсазы. Уи аамҭа иалагӡаны хәҭа-хәҭала ауп акәымзар, акапиталтә-ремонттә усурақәа мҩаԥгаӡамызт. Аҳабла ахадареи араион анапхгареи иҟарҵо ацхыраарала аклассқәа жәпакы рҟны имҩаԥгоуп аремонт, иҟоуп иахьымҩаԥысуагьы. Сынтәа иааҳартуеит актәи аклассқәа хԥа. Ихымԥадатәиуп, ауадабжьарақәеи аспорттә зали реиҿкаара. Уи аҿы шәыцхыраара ҳақәгәыӷуеит", — лҳәеит, Бзыԥҭатәи абжьаратә школ №1 адиректор Римма Агрба.

Анаҩс атәыла анапхгара аҭааит Гагратәи аҟазаратә школ.

Сынтәа Гагратәи абжьаратә школ №1 ахыбраҟны акапиталтә-ремонттә усурақәа рымҩаԥгара нап дыркра азԥхьагәаҭоуп азы, ашколхәыҷқәа рҵаратә процесс ииагахоит аҟазаратә школ ахыбрахь. Убри аҟнытә, араҟагьы иахьа акапиталтә-ремонттә усурақәа мҩаԥысуеит.

"Гагратәи абжьаратә школ №1, аинвестициатә программа инақәыршәаны, ҩышықәса ирылагӡаны шьаҭанкыла ишьақәыргылахоит. Уи аамҭа иалагӡаны, аԥсуа школ ахәыҷқәа абраҟа рҵаратә процесс мҩаԥысроуп, уи адагьы ԥсыхәа ыҟам. Сара агәра згоит, абжьаратә школи аҟазаратәи аӡәи-аӡәи русура ԥырхага шрырымҭо. Аҟазаратә школи Бзыԥҭатәи аԥсуа школи рҟны иахьа имҩаԥысуа аусурақәа араион Ахадара макьаназы рымч ақәхоит. Ҳара ҳганахь алагьы ацхыраара ҟаҳҵоит", — ҳәа инаҵишьит атәыла Ахада.

Амилаҭ маҭәа афестиваль мҩаԥысит Гагра - Sputnik Аҧсны
Амилаҭ маҭәа афестиваль мҩаԥысит Гагра

Иара убас, Рауль Ҳаџьымба даҭааит Нарҭаа рашҭа. Араҟа ибеит аҭыԥантәи аҿар рымчала, Гагра араион анапхгара рыцхыраарала зусура хацаркхаз аӡыршә.

Анаҩс, атәыла Ахада ибеит, аиҿкааратә усурақәа ахьымҩаԥысуа Акомсомолтә парк.

Рауль Ҳаџьымба дызҭааз аобектқәа иреиуахеит, "Колоннада" аҿаԥхьа зеиҭашьақәыргылара нап аркыу аӡыршә. Уи ашьҭахь, имҩа хан, апринц Ольденбургски ипарк ахь.

Амшын аԥшаҳәатә парк аинвестпрограмма инақәыршәаны, шықәсқәак рышьҭахь еиҭашьақәыргылахоит.

Анаҩс еицыз зегьы аҭааит, аҽны Гагра ақалақь, асасааирҭа "Абхазиа" ашҭаҟны имҩаԥысуаз аԥсуа маҭәа иазкыз афестиваль.

Атәыла Ахада далахәын, афестиваль аҳәаақәа ирҭагӡаз, амемориалтә комплекс аҟны ашәҭ шьҭаҵара ацеремониа, иара убас ацәаҳәа анысра.

Рауль Ҳаџьымба Гагра имҩаԥгаз иусутә визит хырқәшан аныҳәатә концерт аҭаарала.

Ажәабжьқәа зегьы
0