Аркади Џьопуа: археолог изанааҭ шьҭызхуа аҿар даара имаҷуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа еиҭеиҳәеит амузеи аусуреи, есышықәсатәи археологиатә ԥшаарақәеи рылҵшәақәа.

Аԥснытәи аҳәынҭқарратә музеи аиҳабы Аркади Џьопуа Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба изеиҭеиҳәеит амузеи аусураҿы аихьӡарақәеи аиҵахарақәеи ртәы.

– Аркади Иван-иԥа, иаҳзеиҭашәҳәа амузеи иахьатәи аусура шеиҿкаау.

– Амузеи аихьӡарақәа маҷымкәа иамоуп, шамахамзар аҟәшақәа рҟны аекспозициақәа реиҿкаара аус цоит. Хымԥада иҳамоуп ауадаҩрақәа, избанзар, ҳусура афинанстә ҭагылазаашьа иадҳәалоуп. Амузеи аҭагылазаашьа убас иҟоуп, еиуеиԥшым аекспонатқәа адәахьынтә иаагатәуп, уи азы иаԥҵатәуп еиуеиԥшым аекспедициақәа, амузеи ахатә машьына амазар ауп. Ак ҳаман, аха уи бжьысит иҳахәо иҟам.

– Ишәҳәаз анаҩсан, уаҳа уадаҩра шәымоума шәусураҿы?

– Аекспонат змоу ауаҩы ахә умшәакәа иануимҭо ыҟоуп, усҟан аекспертиза ҟаҵаны, иаҭаху аспециалистцәа адгаланы ахәԥса шьақәҳаргылалоит. Аҳәынҭқарра адгаланы амаҭәарқәа анааҳхәо ыҟоуп. Амузеи аҟны иаԥҵоу аҵарауаа рыҟәша, еизаны абри ада ԥсыхәа ҳамаӡам, ҳҭоурых азы акразҵазкуа маҭәаруп анырҳәо, убасҟан ауп ианааҳхәо. Аха иҟоуп хәыда-ԥсада ажәытә маҭәарқәа ҳазҭо.

– Есышықәса Аԥсуаҭҵааратә институти амузеи еицхырааны археологиатә ԥшаарақәа мҩаԥыжәгоит, ишԥацо сынтәа ари аус?

– Аԥсуа институт афинанстә цхыраара ҟанаҵоит. Аус ҳацыруеит Москватә археологиатә институт аусуаҩцәа, иара убас афинанстә цхыраара ҳарҭоит. Сынтәа жәеизашықәса ҵуеит Ҭҟәарчал ақалақь Џьанҭоу аҳабла аҟны аԥшаарақәа мҩаԥаагоижьҭеи. Уаҟа иҟоуп ажәытәтәи анышәынҭра, сҩыза Александр Скакови сареи аус еицаауеит. Џьанҭоу иааԥшуеит иуникалтәу амаҭәарқәа. Урҭ аус рыдуланы, ареставрациа ҟаҵаны аҳәынҭқарра ахаҵгыланы, апрезидент Рауль Ҳаџьымба дацхрааны амузеи афонд хаҳарҭәаауеит. Амузеитә ҵакы змоу амузеи аҿы ишьҭаҳҵоит, егьырҭ амаҭәарқәа азеиԥш ҵәахырҭаҿы. 

– Ирацәаҩума иахьа археолог изанааҭ шьҭызхуа аҿар?

– Даара имаҷуп, ҳзыԥсахуа маҷҩуп. Ҳаиҳабацәа дуқәа Георги Шамба, Михаил Гунба ҳацәцагәышьеит. Даараӡа уаацәшәаратәы иҟоуп аҭагылазаашьа, аӡәык-ҩыџьак ракәымзар археолог изанааҭ шьҭырхуеит.


Ажәабжьқәа зегьы
0