Аминистрцәа Реилазаара аиҿкаара ҿыц иаҿуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАминистрцәа Реилазаара
Аминистрцәа Реилазаара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥыза-министр ҿыц иалхра инамаданы аиҿкаара иаҿуп Аминистрцәа Реилазаара ҿыц.

АҞӘА, нанҳәа 24 – Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба инапы аҵеиҩит аминистрцәа раҭаразы Аусԥҟа.

Аусԥҟа инақәыршәаны:

Аџьеи, аусура аҭареи, асоциалтә еиқәыршәареи рзы министрс даҭоуп Аџьба Руслан Таиф-иҧа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Акультуреи аҭоурых-культуратә ҭынха ахьчареи рзы министрс даҭоуп Арсалиа Ельвира Анатоли-иҧҳа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Аҭагылазаашьа ҷыдақәа рзы министрс даҭоуп Кәыҵниа Лев Константин-иҧа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Атәылахьчара аминистрс даҭоуп арра аинрал Қьышьмариа Мираб Борис-иҧа.

Аҧсны Аҳәынҭқарра Акурортқәеи атуризми рзы министрс даҭоуп Гарцкиа Авҭандил Зефик-иҧа.

Ажәабжьқәа зегьы
0