Феқрие Папба: адгьыл сшьапы анықәгылоу, санаарыхуа бзиа избоит

© Foto / Сырма АшәԥҳаФеқрие Ҭаскәачиԥа-Папба
Феқрие Ҭаскәачиԥа-Папба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Феқрие Ҭаскәачиԥа - Папба дазааҭгылоит Каилар ақыҭаҿы аԥсуаа рынхашьеи-рынҵышьеи реизыҟазаашьеи ртәы.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Ҭырқәтәыла иҟоу аԥсуа қыҭақәа аԥсуа цәа рыҟәнуп. Аԥсуа хьӡқәа рыхҵоуп. Анхацәа адгьыл иқәаарыхуеит, ԥсуаҵасла рхы ныҟәыргоит, раԥсуа бызшәа иахӡыӡаауеит. Убас еиԥш, Каилар ақыҭа инхоит 200 ҭӡы инареиҳаны аԥсуаа. Каилар инхо ҳџьынџьуаҩ Феқрие Ҭаскәачиԥа — Папба, 80 шықәса дырзааигәоуп. Ҳара ҳаниқәшәа, иара ауҭра дҭан, анаҩс излеилаҳкааз ала, адгьыл ақәаарыхра даара бзиа ибоит. Ҳаицәажәарагьы абас ахы ыҵнахит:

"Аԥснынтә ахҵәара иақәшәаз ҳауаажәлар, ишыжәдыруа еиԥш арыцҳара ӷәӷәа иҭагылан атәым дгьыл аҿы. Сара Каилар ақыҭаҿы сынхоит. Ара, камбашь кәара ҳәа иҟоуп, уигьы аԥсыуа қыҭоуп. Лхаа ҳәа иҟоуп, уигьы Каилар иаҵанакуан усҟан.

Февзы Ҷыҭанаа Аԥснынтә ахҵәара иақәшәаз дырхылҵшьҭроуп. - Sputnik Аҧсны
Февзы Ҷыҭанаа: ҳара атәымџьара ҳаҟазаргьы, ҳаԥсуара бзиа иаҳбоит

Ари ақыҭаҿы иуԥылоит абас еиԥш иҟоу ажәлақәа: Агәымбақәа, Ацәеибақәа, Апапбақәа, Купалаа, ара Қапааи Кәпалааи еишьцәоуп ҳәа еибабоит, Ебжьноуаа, Адарымбаа, Пасаниаа, Барцыцаа, Аҷанбақәа, Дбараа, Алеиаа, Аҭеибақәа, Ажьибақәа… Атәым милаҭ ҳалаӡам ақыҭаҿы.

Болу, Диузџье, Ҳендеқь, Адаԥазар, Измиҭ уҳәа, ирыҵаркуа аԥсуа қыҭақәа рацәоуп, аԥсуаа шьарда ыҟоуп. Шәышықәса инарзааигәоу аҭаҳмадацәа ҳамоуп. Аԥсшәа ҳара ҳандуцәеи ҳабдуәеи иаҳдырҵеит. Ара, аҵара ахьаҳҵоз аԥсышәалаҵәҟьа ҳцәажәар руамызт.

Ихҵәаны иааз ҳаиҳабацәа ахеиқәырхара иашьҭан, аҵарадыррахь рхы кыдмызт. Аԥхьара хәыҷы-хәыҷы ианалага, адәахьы акрыура аԥшьыргеит. Аҿар, ақалақьқәа рахь ицо иалагеит, абызшәагьы рҽадцаланы ирымҵо аҭагылазаашьа иҭашәеит, абызшәа ахьырымҳәоз ицеит.

Ҿыц иахьӡаны иҟоу аҷкәынцәа аԥсшәа рыздырӡом. Аиҳабацәа уи ҳгәы ҳнархьгәышьоит. Ҳазланхо атәым милаҭ аҟны пату ҳақәуп, ҳажәа иазыӡырҩуеит. Аԥсуаа иҟәныумшьаратәы адгьылқәа ҳамоуп. Аҿар Аԥсны бзиа ирбоит. 

Сара ауҭраҭых ааӡара саҿуп. Уажәшьҭа сықәра ыҟоуп, адгьыл сшьапы анықәгылоу, санаарыхуа бзиа избоит. Ҳабацәа ахандеира акәын изҿӡаз. Аԥсны сымнеиӡац, абара сзхьаауеит. Аԥснаа, ҳашьцәа, шәыхабарқәа ҳаҳалоит. Шәыбзиа ҳаигәырӷьоит, шәгәы шәзырхьуа акрыҟазар, ҳарҭгьы ҳгәы ҳнархьуеит. Ҳаиҭанаиааира мариахар ҳҭахуп, ҳаибабалароуп лассы-лассы.

Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ, ажурналистика знапы алаку Сезаи Кәпалба - Sputnik Аҧсны
Сезаи Кәпалба: збызшәа ззымдыруа, иԥсадгьыли иареи реимадара еиҳа-еиҳа ихьысҳахоит

Ара, ԥшьҩы сашьцәеи сареи ҳаидынхалон. Урҭ ирхылҵыз ыҟоуп. Ҳарҭ фҩы аишьцәа ҳаҟан, рыззегь ԥсгәышьеит, саҳәшьа заҵәык даанхеит. Ажәытәра аҟәырҷахақәа реиқәырхара ҳашьҭоуп. Аԥсуа, анхара-анҵыраҿы ихы иаирхәоз амаҭәахәқәа, ҳашҭа-ҳгәара аҟны, уаҩ илаԥш иахьақәшәаша ицәырганы иҳамоуп.

Ажәытә ауаџьаҟқәа рҟны амца еиқәҵаны, архнышьна ачуан ахакнаҳаны, ҳанацәеи ҳандуцәеи абысҭа баҟаӡа ируан, аԥсуа хәқәа ҟарҵон. Уажәгьы иҟаҳҵоит аԥсуа хәқәа, аха сани сандуи иҟарҵоз даҽа гьамак исзаларҩашьом. Сара ааҩык амаҭацәа сымоуп.

Акызаҵәык сгәы сзырхьуа, аӡәызаҵәык аԥсшәа издыруам. Абар иахьсыдгылоу, иаҳҳәо акгьы рзеилкаауам. Шаҟа игәнаҳароузеи ари? Ҳаԥсшәа аныӡ, ҳаԥсуарагьы, ҳмилаҭгьы ыӡуеит. Зегь раԥхьа аԥсшәа еиқәырхатәуп. Уи азы зегьы ҳабжьы ӷәӷәаны иҳаргароуп.

Ҳаргьы ҳаныхәыҷқәаз аԥсшәа мацара акәын иаҳдыруаз, аха нас аҭырқәшәа ҳамҵеи. Раԥхьа уԥсшәа ҵа, нас егьырҭ абызшәақәа рышьҭкаара узымариахоит. Ииашоуп, ауаҩы дзынио аҭагылазаашьа дшақәшәо еиԥш ауп, аха егьа ус иҟазаргьы ауадаҩрақәа ирылҵтәуп", — дҳацәажәон 80 шықәса ирзааигәаз Феқрие Ҭаскәачиԥа. 


Ажәабжьқәа зегьы
0