Здание репатриации - Sputnik Аҧсны
Арепатриациа
Аԥсадгьыл ахь архынҳәразы аҳәынҭқарратә еилакы аинформациала 11 нызқьҩык рҟынӡа ҳџьынџьуаа Аԥсны атәылауаҩра рымоуп. Рыԥсадгьыл ахь ихынҳәит хә-нызқьҩык рҟынӡа.

Февзы Ҷыҭанаа: ҳара атәымџьара ҳаҟазаргьы, ҳаԥсуара бзиа иаҳбоит

© Foto / Сырма АшәԥҳаФевзы Ҷыҭанаа Аԥснынтә ахҵәара иақәшәаз дырхылҵшьҭроуп.
Февзы Ҷыҭанаа Аԥснынтә ахҵәара иақәшәаз дырхылҵшьҭроуп. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Февзы Ҷыҭанаа иԥсадгьыл ахь абзиабареи, уатәи иԥсҭазаареи ртәы дырзааҭгылоит.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Февзы Ҷыҭанаа Аԥснынтә ахҵәара иақәшәаз дырхылҵшьҭроуп. Ҭырқәтәыла Диузџьа иҟоу Мҵара ақыҭа деиуоуп. Шықәсқәак раԥхьа Бычкыдара ақыҭахь нхара диасит. Ԥшьҩык аԥацәа драбуп, хҩык аишьцәа ыҟоуп. 

"Гәыла Аԥсны ҳаҟагәышьоуп. Ҳара атәымџьара ҳаҟазаргьы, ҳаԥсуара бзиа иаҳбоит. Аиҳабы аиҵбы закәу ҳдыруеит. Аҭаца аҩнаҭаҿы лхы пату ақәҵаны иныҟәылгоит. Лыԥшәмеи лареи лабхәа иҿаԥхьа еицҵәырҵӡом. Аиҳабацәа иахьырбо аб ихәыҷы дикӡом, аҿар арыжәтә џьбара рхы иадырхәаӡом аиҳабацәа ианрыдтәало.

Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ, ажурналистика знапы алаку Сезаи Кәпалба - Sputnik Аҧсны
Сезаи Кәпалба: збызшәа ззымдыруа, иԥсадгьыли иареи реимадара еиҳа-еиҳа ихьысҳахоит

Сара сахьынхо сыҩны аԥсыуа цәа аҟәнуп. Уахьынаԥш-ааԥшуа аԥсуа бзазаратә маҭәахәқәа улаԥш рықәшәоит. Ауаџьаҟқәа рыман ажәытәан ҳаҩнқәа. Амца еиқәҵаны ачуанқәа рҿы абысҭа ҳуан, аԥсуа хәқәа ҟаҳҵоит уажәгьы. Ауаџьаҟқәа уажәы шамахамзар аҩнқәа ирымаӡам, уи ажәытәра иагеит ҳҳәар ҳалшоит.  

Аха, ҳачуанқәа еиқәҳархеит. Иҟоуп ҳаиҳабацәа Аԥснынтәи иааргаз амаҭәахәқәагьы. Урҭ ҳабла ҷыцқәа реиԥш ҳрыхӡыӡаауеит. Сара аҩны икнаҳаны исымоуп архнышьна. Уи сабдуцәа Аԥснынтә иааргаз акоуп. Иара убас, еиҭаҳаны исымоуп ҳаиҳабацәа рыԥсадгьыл аҟынтә иааргаз аӡахәагьы.

Аҭырқәа идгьыл аҿы ажь еиқәаҵәа зҿалоз аӡахәа ыҟаӡамызт, ашкәакәа акәын иаадрыхуаз. Сара сӡахәа ажь еиқәаҵәа ауп иҿало, аха аҩы еиқәаҵәа ҭасҭәаӡом. Акәаҭана инаркны ацәмаҭәахәқәа зегьы ныҟәызгоит. Сара аԥсыуа нхаҩык ихы шныҟәиго еиԥш сынхоит.

Аџьықәреи аасрыхуеит, ауҭраҭых ҟасҵоит, арахә-ашәахә сзануп. Аҟәыдахақәа рацәаны илысхуеит еснагь. Аԥсуа, аҟәыди абысҭи игхар ҟалоума нас?!  Ала сымоуп "Уарбан" ахьӡуп. Сара тәанчара сыҟоуп, џьарак сызтәаӡом, смахәҿа еилҳәаны аусура бзиа избоит".

Зыҩаӡара ҳараку аҳақьым Қьенан Албогачиев. - Sputnik Аҧсны
Зыҩаӡара ҳараку аҳақьым - Қьенан Албогачиев

 Аԥсуа дмаашьозароуп, ихгьы ныҟәигароуп, исасцәагьы ишахәҭоу дырԥылароуп. Аԥсуа исасдкылашьа даҽакы иалаҩашьоума? Араҵла рацәаны исымоуп. Адгьыл ду ҳамоуп, ашәыр  ааҳрыхуеит. Аӡынразы абнахь ҳцаны амҿы ылаҳхуеит. Аԥсуара ныҟәызго изы даараӡа ибзиоуп.   

Аҭырқәа идгьыл аҿы маҷк ҳаилахәозаргьы, ҳқьабызқәа рмырӡра ҳашьҭоуп. Аԥсуа ишҭа ҭбааны, ицқьаӡа, икеикеиуа иҟазароуп, шәҭыла иҭалаҳазароуп. Аҭырқәеи аԥсуеи рынхашь-нҵышьа еиԥшӡам. Аԥсуа қыҭақәа араҟа мдыршьа рымаӡам. Аԥсуа ишҭа ҭахкаауп, апсуа цәа аҟәнуп.

Аԥсны знызаҵәык акәзаргьы снеины избар, сгәы ҭынчхон. Сара Аԥсны инхо сыжәлантәқәа Ҷыҭанааи ҳареи ҳаибамбаӡац. Асалам рзынасҭиуеит, аиҳабацәа рнапы сагәӡуеит, аиҵбацәа рылақәа гәыдыскылоит!

 

Ажәабжьқәа зегьы
0