Баграт Шьынкәба и-"Ажәа" аԥхынтә кинотеатр аҟны

© Sputnik / Томас ТхайцукШьынқәба иажәеинраала "Ажәа" авидеозарисовка
Шьынқәба иажәеинраала Ажәа авидеозарисовка - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥхынтә кинотеатр "Волна" аҟны имҩаԥгаз апоезиа ахәылԥаз еизнагеит ирацәаҩны апоетцәа ҿарацәеи апоезиа абзиабаҩцәеи.

АҞӘА, нанҳәа 24 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Sputnik Аԥсны апродиусор Амина Лазԥҳаи арежиссер Илона Хәарцкиаԥҳаи нанҳәа 22 рзы акинотеатр "Волна" аҟны имҩаԥгаз апоезиа ахәылԥаз аҟны ицәырыргеит Баграт Шьынқәба иажәеинраала "Ажәа" авидеозарисовка.

Ари ахҭыс ахы акит аԥсуа поезиа аларҵәара хықәкны измоу апроект "Sputnik.Аԥхьарақәа" аҟынтәи, лҳәоит Амина Лазԥҳа.

"Ҳмаҵзура асаит аҟны Аԥсны еицырдыруа ауаа аԥсуа поезиа алыԥшаахқәа ирыԥхьо ианалага саргьы исҭаххеит уи схы аласырхәыр, џьара акы саԥхьар. Даара акраамҭа иалысхуан сзыԥхьашаз ажәеинраала – ҟазшьала иснаалоз, аамҭа иақәшәоз, иара апроект ахаҭа аконцепциа иаҵанакуаз. Акыр ианеилсырх ашьҭахь иалыскааит Баграт Шьынқәба иажәеинраала "Ажәа". Ажәеинраала аналысх ашьҭахь иазхәыцтәхеит иара азыӡырыҩцәа ишрызназгашаз", — лҳәоит лара.

Амина лажәақәа рыла ажәеинраала "Ажәа" азыӡырыҩцәа рызнагара шыманшәалахаша ҳәа арежиссиор Илона Хәарцкьиаԥҳаи лареи акраамҭа иазхәыцуан. Аҭыхратә ҭыԥ ҳәа иалырхит Диоскуриа.

"Аҭыхрақәа ахьымҩаԥаагашаз аҭыԥ аналаҳх асценари ааҩит. Уи раԥхьа иргыланы иара ажәеинраала иашьашәалазар акәын, иара убасгьы саргьы иснаало иҟазар акәын. Авидиозарисовка пилоттә проектуп. Ҳара иазыԥхьагәаҳҭоит Аԥсны аҭоурых-культуратә ҭынха абаҟақәеи аԥсуа поетцәа рлитературатә рҿиамҭақәа зыгәҭылсоу асериа мҩаԥаагарц, ҳәарада асиужет, аҭыԥ, ажәеинраалақәа рҽырыԥсахлашт", — лҳәеит Лазԥҳа.

Арежиссиор Илона Хәарцкьиаԥҳа лажәақәа рыла ари аролик "ауаҩы иусуратә процесс аан иԥыло ауадаҩрақәеи ирҿиаратә мҩеи ирметафоруоп".

"Асиужет аҟны ҵаҵӷәны ишьҭаҳхыз арҿиамҭоуп. Ҳара Баграт ииҳәаз еиҭаҳамҳәеит, ҳара – ауаҩы аусура иазнеишьа, иҭагылазаашьа роуп иааҳарԥшыз", — лҳәеит Хәарцкьиаԥҳа.

Аамҭакала аоператоррагьы арежиссеррагьы мҩаԥызгоз Илона иаҳзеиҭалҳәеит аусура амҩаԥысраан ԥынгылақәаны илымаз ртәы.

"Аԥсабараҟны аҭыхрақәа рымҩаԥгара уадаҩуп. Аиҳаракгьы аҳауатә ҭагылазаашьак аналкаатәу. Ҳара иаҳҭахын ақәеи аԥшеи. Зегь азырхианы урҭ ҳарзыԥшын. Ақәаҵәҟьа акадыр аҟны иахьубарҭамхо азы "иԥсабаратәымыз" ақәа аԥаҳҵеит", ҳәа азгәалҭоит Илона.

Авидеозарисовказ ҷыдала иҩын амузыка, авиолончель, афлеита, аскрипка, альт рахь ииагаз. Уи авторс даиуит Наала Аҩӡыԥҳа.

Хәарцкьиаԥҳа илҳәоит абри астиль аганахьала аусурақәа ирыцҵахоит ҳәа.

"Иҳауеит алшара ганкахьала аԥсуа поезиа алазырҵәар зылшо аалыҵ аԥҵара, аҽаганкахьалагьы аҭыхратә ҭыԥқәа раарԥшра. Уажәтәи аҭыхрақәа раан уи ҭоурыхтә баҟоуп. Ԥхьаҟатәи апроект шьаҭаны иаиуеит абасеиԥш иҟоу асахьаркыратә форма", — лҳәоит арежиссиор.

"Волна" аҟны имҩаԥысыз апоезиа ахәылԥаз еизнагеит хыԥхьаӡара рацәала апоетцәа ҿарацәа. Аофициалтә хәҭа ашьҭахь еиҿкаан иаарту амикрофон. Дасу изҭахыз иман алшара иажәеинраала мамзаргьы бзиа иибо апоет иажәеинраалак аԥхьара.

Аиҿкааҩ Насҭа Агрԥҳа иазгәалҭеит апоезиа ахәылԥаз зеиҿкааз апоетцәа ҿарацәа рхы аадырԥшырци дара-дара еибадырырци шакәу.

© Sputnik / Томас ТхайцукСъемка видеозарисовки "Слово" на крепости Диоскурия.
Съемка видеозарисовки Слово на крепости Диоскурия. - Sputnik Аҧсны
1/6
Съемка видеозарисовки "Слово" на крепости Диоскурия.
© Sputnik / Томас ТхайцукСъемка видеозарисовки "Слово" на крепости Диоскурия.
Съемка видеозарисовки Слово на крепости Диоскурия. - Sputnik Аҧсны
2/6
Съемка видеозарисовки "Слово" на крепости Диоскурия.
© Sputnik / Томас ТхайцукСъемка видеозарисовки "Слово" на крепости Диоскурия.
Съемка видеозарисовки Слово на крепости Диоскурия. - Sputnik Аҧсны
3/6
Съемка видеозарисовки "Слово" на крепости Диоскурия.
© Sputnik / Томас ТхайцукСъемка видеозарисовки "Слово" на крепости Диоскурия.
Съемка видеозарисовки Слово на крепости Диоскурия. - Sputnik Аҧсны
4/6
Съемка видеозарисовки "Слово" на крепости Диоскурия.
© Фото : Илона ХварцкияКадр из видеозарисовки "Слово" на стих Б.Шинкуба.
Кадр из видеозарисовки Слово на стих Б.Шинкуба. - Sputnik Аҧсны
5/6
Кадр из видеозарисовки "Слово" на стих Б.Шинкуба.
© Илона Хварцкия"Слово".
Слово. - Sputnik Аҧсны
6/6
"Слово".
1/6
Съемка видеозарисовки "Слово" на крепости Диоскурия.
2/6
Съемка видеозарисовки "Слово" на крепости Диоскурия.
3/6
Съемка видеозарисовки "Слово" на крепости Диоскурия.
4/6
Съемка видеозарисовки "Слово" на крепости Диоскурия.
5/6
Кадр из видеозарисовки "Слово" на стих Б.Шинкуба.
6/6
"Слово".

"Ажәеинраала ақьаад ианануи иануаҳауеи ихазы-хазуп. Асоциалтә ҳақәа рҟны аҿарацәа ражәеинраалақәа санрыԥхьоз исҭаххеит урҭ еидызгаларц, еибасырдырырц. Уи адагьы еилыскааит ажәеинраала ануаҳауа ишыссиру", — лҳәоит Агрԥҳа.

Агрԥҳа лажәақәа рыла ахәылԥаз аҽалархәразы азыҳәақәа рацәан. Иаарласны еиҿкаахар алшоит аҽа хәылԥазык – аԥсуа поезиа иазку.

Ажәабжьқәа зегьы
0