Ашшра зуз урыстәылатәи апароолимпиец деилкаахеит

© AFP 2023 / FABRICE COFFRINI Архивтә фото.
Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Рио-де-Жанеиро апароолимпиада мҩаԥысраны иҟоуп цәыббра 7 - 18 рзы.

АҞӘА, цәыббра 1 — Sputnik. Еилкаахеит 34-ҩык урыстәылатәи апароолимпиеццәа, Аспорттә орбитражтә ӡбарҭахь (CAS) ашшыԥхьыӡқәа назышьҭыз рыхьӡқәа. Абри атәы аанацҳауеит Р-Спорт.

Жәларбжьаратәи апароолимпиатә еилакы (IPC) ахада Филип Креивен нанҳәа 7 рзы ирылеиҳәеит IPC еицҿакрыла урыстәылатәи акоманда Апароолимпиада —2016 ахь рнеира шаанкылахо азы аӡбара.

Урыстәылатәи апаралимпиец Роман Петушков - Sputnik Аҧсны
Роман Петушков CAS иҟанаҵаз аӡбразы: ари уаҩрам

Апароолимпиеццәа урыстәылатәи реилак нанҳәа 23 рзы CAS ахь инарышьҭуеит апеллиациа, аха CAS уи мап ацәнакуеит. Абри ашьҭахь Швеицариа Афедералтә ӡбарҭахь ашшыԥхьыӡ нашьҭын CAS ахымҩаԥгашьаз. Уаҟа аҳәарагь ҟарҵон CAS иаднакылаз аӡбра аҿҳәара инахарц. Швеицариатәи аӡбарҭагьы ашшыԥхьыӡ мап ацәнакуеит.

Ахашаҽны еилкаахеит урыстәылатәи аспортсменцәа 34-ҩык аҽазнык CAS ахь аколлективтә рзаҳал шынарышьҭыз. Амаҵзура "Р-Спорт" аспорттә агент Андреи Митьков адырра шеиҭаз ала урҭ: Маргаритеи Ивани Гончароваа, Алексеи Быченок, Витали Гриценко, Алексанр Ганзеи, Арсен Курбанов, Акжана Абдикаримова, Наталиа Кочерова, Александра Могучаиа, Ирина Вертинскаиа, Влад Баринов, Вероника Доронина, Алексеи Ашапатов, Дмитри Душкин, Ольга Позднышева, Анна Пимуткина, Евгени Малых, Олесиа Баисарина, Витали Телеш, Иан Шкулка, Владимир Балынец, Степанида Артахинова, Анастасиа Диодорова, Олесиа Владыкина, Дариа Стукалова, Арслан Гильмутдинов, Сергеи Устинов, Сергеи Батуков, Алексеи Обыденнов, Сергеи Пудов, Светлана Мошкович, Наталиа Иануто, Иулиа Сибагатова, Сергеи Семочкин роуп.

Рио-де-Жанеиро апароолимпиада мҩаԥысраны иҟоуп цәыббра 7 — 18 рзы.

Ажәабжьқәа зегьы
0