Џьниа: хаҭалатәи ацәыргақәҵақәа рымҩаԥгара асахьаҭыхҩы инаҭо рацәоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны асахьаҭыхцәа Реидгыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Витали Џьниа.
Аԥсны асахьаҭыхцәа Реидгыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Витали Џьниа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла сынтәа иахыҵит 75 шықәса. Аидгыла ашьақәгылашьеи, иахьатәи аҭагылазаашьеи ртәы Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа илзеиҭеиҳәеит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Витали Џьниа.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа  

Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла аиҿкаара аԥшьган 1939 шықәсазы Аҟәатәи асахьаҭыхратә ҵараиурҭа еиҿызкааз, аурыс ҟазацәа имҩаԥыргоз арҿиартә усура иабзоураны. 

Художница Амра Чичибая - Sputnik Аҧсны
Амра лдунеи лашара

"Асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла аԥсуа культура иаларгалаз даараӡа ирацәоуп. Аҵара наркомс дыҟан Занҭариа, уи иажәалагала 1936 шықәсазы иаԥырҵеит асахьаҭыхцәа Реидгыла ҳәа. Уи аамҭазы, аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа ҳәа  аӡәгьы дыҟамызт, иҟаз аурысцәеи ақырҭцәеи ракәын. Дара рыӡбахә ҳҳәозар дыҟан Садокеевич ҳәа, Бухов, Контеров, Петров. Дара рымчала ишьақәгылеит ари Аидгыла. 1937 шықәсазы Лакоба ибзоурала иаартын асахьаҭыхратә школ. Ари ашкол аҟны ҩы-шықәса ахәыҷқәа аҵара рҵон, уи ашьҭахь ари ашкол ҟарҵоит училишьчены. 1939 шықәсазы аҵаҩцәа рыцхыраарала иаартын ацәыргақәҵа. Уи ашықәс инаркны ауп изыԥхьаӡоу асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла шьақәгылеит ҳәа", — ҳәа иҳәоит Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла ахантәаҩы ихаҭыԥуаҩ Витали Џьниа.

Шықәсыктәи аусурала раԥхьатәи зшьаҿақәа ҟазҵоз Аидгыла ҿыц иалнаршеит Аԥсны аус зуаз асахьаҭыхҩцәа русумҭақәа рцәыргақәҵа аартра, уи нахыс асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла мҽхакы ҭбаала аусура иалагеит, еиҵагыло иалагеит раԥхьатәи аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа.

"Аԥсуаа рҟынтә раԥхьатәи асахьаҭыхыҩ ҳәа дыԥхьаӡоуп Марина Ешԥҳа, лара акыр шықәса дахагылан асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла. Лара ллагала дууп, аҿар рааӡараҿы алшара ҟалҵит, иаԥылҵон аҭагылазаашьа бзиақәа. Марина Ешԥҳа дҟаза дуӡӡан, адырра ду лыман. Лара леиԥш иҟаз асахьаҭыхыҩцәа ҳамаӡамызт усҟантәи аамҭазы. Ашьҭахь, раԥхьатәи асахьаҭыхыҩцәа Академиа иалганы иааз иреиоуп: Хәыта Аҩӡба, Зоиа Џьынџьалԥҳа, Иури Ҷкадуа, Станислав Иванба – дара аиҳабыратәи абиԥарахь иаҵанакуеит. Дара рышьҭахь Витали Лакрба, Сергеи Ҵәыџьба, Уасил Мхонџьиа уҳәа реиԥш иҟаз цәырҵуа иалагеит. 70-тәи ашықәсақәа рзы даараӡа ишьҭыҵуеит аԥсуа аҟазара, аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа еиҵагылоит", — ҳәа азгәеиҭеит аҟаза.

Аԥсны Аџьынџьтәылатәи еибашьра 1992-93 ашықәсақәа рзы ааха ӷәӷәа аиуит асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла.

Асахьаҭыхыҩцәа ҿарацәа рцәыргақәҵа "Аҿара аамҭа" Гәдоуҭа иаартын

"Аԥсны арыцҳара ианақәшәа асахьаҭыхыҩцәа 17-ҩык аиааира рхы ақәырҵеит, урҭ рҟынтә ф-ҩык Аԥсны Афырхаҵа ҳәа ахьыӡ ҳаракы рыхҵоуп, хә-ҩык Леон иорден ранашьоуп, ԥшь-ҩык Агәымшәаразы амедал иаԥсахеит. Аибашьра ашьҭахь Аԥсны раԥхьатәи ахада Владислав Арӡынба аҟазара иадҳәалаз зегьы дацклаԥшуан, уи ашьҭыхра дашьҭан ҳара зегьы ҳеиԥш. Аԥсны ахы аҵыхәа цәыргақәҵак ҳаманы иҟазар, иара дымнеикәа ҟаломызт. Аибашьра анцоз Санкт-Петербург ааԥхьара ҳаман, ҳара ацара ҳтахымызт, аха иара дҳацәҳаны ҳишьҭит, уи аҵакы еиликаауан иара. Усҟантәи аамҭазы, асахьаҭыхыҩцәа рхеидкыла дахагылан, аҟаза ду Сергеи Габелиа, ашьҭахь Нугзар Логәуа, сара, иахьа Адгәыр Амԥар дахагылоуп асахьаҭыхҩцәа рхеидкыла. Ирацәаны ацәыргақәҵақәа мҩаԥаагахьеит, Нхыҵ Кавказ ҳахьымцац республикак ыҟаӡам. Иахьынӡаҳалшо аԥсуа культура апропаганда азаҳуан. Хахьнеилакгьы аӡәы ҳрыҵахуа ҳаҟам", — ҳәа иҳәеит иара.

Витали Џьниа ҷыдала иазгәеиҭеит аҵыхәатәантәи ашықәсқәа рзы аидгыла абзоурала иҟаҵоу аусқәа шырацәоу. Аиҳабыратәи абиԥара иаҵанакуа асахьаҭыхыҩцәа аҿарацәа ишрывагылоу.

Аконкурс "Аҵасқәа" Гран-при Липецкҟа ицоит

"Асахьаҭыхцәа Реидгыла аҿарацәа ирнаҭоу уи ауп, дарбанзаалак асахьаҭыхҩы ирҿиаратә мҩаҟны ирацәазар ауп имҩаԥигахьо ацәыргақәҵақәа, Аԥсны акәым, уи анҭыҵгьы. Жәибжь-ҩык аԥсуа сахьаҭыхҩцәа Урыстәылатәи асахьаҭыхцәа Реидгыла иалоуп, уахь уалаларц есԥшьы-шықәса хаҭалатәи ацәыргақәҵақәа мҩаԥгалатәуп. Иахьазы, аусурақәа ҳаҿуп ҳсахьаҭыхцәа Ҵәыџьԥҳа, Амԥар Урыстәылатәи асахьаҭыхцәа Реидгыла иалаларц азы", — хәа иҳәеит Џьниа.

Витали Џьниа иажәақәа рыла ацәыргақәҵатә зал аҟны иазԥҳьагәаҭоуп лассы-лассы аԥсуа аурыс сахьаҭыхцәа рцәыргақәҵақәа рымҩаԥгара.

"Ҳцәыргақәҵатә зал аҭагылазаашьа бааԥсны иҟан, иахьа абар уамак рыгам шьҭа аиҭашьақәыргыларатә усурақәа ахырқәшарахь инеиуеит. Цәыббра мзазы иаҳгәиҭоуп Шәачатәи асахьаҭыхыҩцәа ааԥхьара рыҭаны ҳсахьаҭыхҩцәеи дареи пленер ҳасабала ацәыргақәҵа аиҿкаара. Ас еиԥш иҟоуп аиԥыларақәа иаҳнаҭо рацәоуп, аиҩызареи, адырреи ацлоит", — ҳәа азгәеиҭеит иара.

75 шықәса рыҩнуҵҟа Аԥсны асахьаҭыхыҩцәа Реидгыла еиҵанааӡеит абаҩхатәра злоу, агьама ҷыда змоу асахьаҭыхыҩцәеи, аҿыханҵаҩцәеи, аграфикцәеи.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0