Ԥачулиа: Аҩбатәи адунеизегьтәи еибашьра алагара аҳәынҭқарра дуқәа ирхароуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАҭоурыхҭҵааҩ Валикәа Ԥачулиа
Аҭоурыхҭҵааҩ Валикәа Ԥачулиа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҭоурыхҭҵааҩ Валикәа Ԥачулиа, Аҩбатәи адунеизегьтәи еибашьра ахыркәшара амш аҽны дазааҭгылеит уи зыхҟьази Аԥсны аҵеицәа уи рхы шаладырхәызи.

Аҭоурыхҭҵааҩ Валикәа Ԥачулиа Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба изеиҭеиҳәеит Аҩбатәи адунеизегьтәи еибашьраҿы Аԥсны иалҵыз аҵеицәа рхы шаадырԥшыз атәы.

– Валикәа Маџьыҭ-иԥа, шәазааҭгылар ҳҭахын Аҩбатәи адунеизегьтәи еибашьраҿы аиааира агараҿы Аԥсны иалҵыз аибашьцәа иҟарҵаз алагала.

– Сара раԥхьа иргыланы исҳәарц исҭаху Аҩбатәи адунеизегьтәи еибашьра зыхҟьаз. Иахьагьы ашәарҭара ыҟоуп. Аибашьра алагаанӡагьы ишыҟалоз убаратәы иҟан, Гитлер аҽазыҟаҵара даҿын, уи аҳәынҭқарра дуқәа зегьы ирбон. Иахьа ишыжәдыруа иҟоуп (ИГИЛ) ззырҳәо атеррористцәа, урҭ аҳәынҭқарра дуқәа рҿагыланы ирабашьуеит, аха Гитлер ихаан уи аҩыза аидгылара ыҟамызт.

– Шәгәы ишԥаанаго, избан аҳәынҭқарра дуқәа Гитлер изиԥырхагамхеи?

– Англиеи Франциеи ирхароу даара ирацәоуп, дара ирҭахын Гитлер Асовет ҳәынҭқарра дақәларц, уи уахь дхьадырԥшуан. Аибашьра мышқәак шагыз Англеи Францеи рделегациа Москва иҟан, убри аус азы, аха изеинымаалеит. Убасҟан еидгылар, аибашьра ҟалаӡомызт. Аибашьра иаԥшьызгаз аҳәынҭқарра ианаамҭоу иаанукылар ауп. Аҩбатәи адунеизегьтәи еибашьра иалахәын 61 ҳәынҭқарра, адунеи иқәынхо ажәларқәа 80% аланакит ари аибашьра.

– Ишдыру еиԥш Аԥсны аҵеицәа Аҩбатәи адунеизегьтәи еибашьра рхы аладырхәуа иалагеит Аџьынџьтәылатә еибашьра ду аналага 1941 шықәсазы, аха уи анхыркәшаха ашьҭахьгьы забџьар шьҭамҵакәа афашисттә Иапониаҟа рхы дырхеит. Убри шәалацәажәар ҳҭахын маҷк.

– Уаанӡа Германиа иаҿагыланы еибашьуаз адивизиақәа рацәаны Иапониаҟа идәықәырҵеит. Уаҟа иҟан Квантунтәи ар ҳәа изышьҭаз, урҭ зегь реиҳа иӷәӷәаз ҳәа иԥхьаӡан. Аџьынџьтәылатәи еибашьра иалахәыз рацәаны уаҟа еибашьуан, аԥсуаагьы уахь инарылаҵаны. Иапониа аибашьра иалагеит нанҳәамза 9 азы, иагьхыркәшан цәыббра ҩба рзы. Уа еибашьуаз аԥсуаа рхыԥхьаӡараҿы дыҟан Платон Рабаиа, уи ԥшыхәҩыс дыҟан, уи илша даара ирацәан. Иара убас Николаи Аиба Иапониа деибашьуан, уи ианашьан Аџьынџьтәылатәи еибашьраҿы аорден, иара убас Сталин иҟынтәи аҳаҭыртә салам шәҟәы изынашьҭын.

 

Ажәабжьқәа зегьы
0