АҞӘА, цәыббра 3 — Sputnik, Рада Ажьиԥҳа. Еицырдыруа абызшәадырыҩ Ҭамара Шьаҟрылԥҳа лгәалашәараз имҩаԥгаз анаукатә конференциа иалахәын ауаажәларратә-политикатә усзуҩцәа, аҵарауаа, аус лыцызуаз, лҵаҩцәа, дыздыруаз, Аԥсны ахада Рауль Ҳаџьымба.
"Ҭамара Шьаҟрылԥҳа дпатриот дуун, лгәы аартын зегьы рзы. Аԥсны аҳәынҭқарра ашьақәгыларазы лымч, лылша, лдырра акгьы деигӡомызт. Уаҩы дшәаны аԥсышәала акгьы анимҳәоз, ибжьы анимыргоз Ҭамара Шьаҟрылԥҳа лаҳәшьа Екатерина Шьаҟрылԥҳаи лареи имыршәа-имырҳа аԥсны аӡбахә рҳәон, иӡырыргон", — ҳәа азгәеиҭеит Ҳаџьымба.
Алингвист, афилологиатә наукақәа рдоктор Лили Ҳагԥҳа илҳәеит еицырдыруа ауаажәларратә усзуҩ, аҵарауаҩ Ҭамара Шьаҟрылԥҳа лнаукатә усура ганрацәала ишеибаркыз, аԥсуа бызшәа аморфалогиеи асинтаксиси рыҭҵаараҟны лызнеишьа иахьагьы аҽаӡәы ишиламҩашьо.
"Ҭамара Платон-иԥҳа дреиуоуп раԥхьатәи аԥсуа бызшәадырыҩцәа, абызшәатә цәырҵра аҭҵаараан хымԥада ажәа аҩныҵҟатәи аҵаки асемантикеи азыԥхьагәаҭалатәуп ҳәа изыԥхьаӡоз. Лара лаамҭа акыр иаԥылгон", — азгәалҭеит Ҳагԥҳа.
Аԥсны аҭоурыхи, археологиеи, аетнологиеи ркафедра аиҳабы Антонина Ҳашԥҳа иазгәалҭеит, Ҭамара Шьаҟрылԥҳа Аԥсны аԥеиԥш лаша иреиҳаны акгьы шылмаргылоз.
"Ҭамара Платон-иԥҳа лыԥсҭазаараҟны Аԥсны аинтересқәа иреиҳаны акгьы лыргыломызт. Ҳара даҳцәыӡит аҵарауаҩ ду, аҿар рымҩақәҵаҩ, арккаҩы. Аилкаара уадаҩуп лҭахара зхароу ауаа ирыхәҭоу иахьақәыршәам", — ҳәа лҳәеит лара.
Ҭамара Шьаҟрылԥҳа – аҵарауаҩ, афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор, ауаажәларратәии аполитикатәии усзуҩ. Анаукатә статиақәеи ашәҟәқәеи жәпакы равтор. Аҟәатәи апедагогикатә институт аҿы аҧсуа бызшәеи алитературеи акафедра раҧхьатәи аиҳабы. Аус луан анаукатә усзуҩ еиҳабыс аҧсуаҭҵааратә институт аҟны. Активла амилаҭтә-хақәиҭратә қәҧареи ихьыҧшым Аҧсны аҳәынҭқарра ашьақәгылареи рҿы Ҭамара Шьаҟрылԥҳа ллагала акыр идууп.
Ҭамара Платон-иҧҳа Шьаҟрылԥҳа дҭахеит абҵара 12, 2004 шықәсазы, Аҧсны Ахада иалхра иахылҿиааз аилаҩеиласра аамҭазы.