Ҳагԥҳа: абызшәа аҭҵаара сгәызырԥхаз Ҭамара Платон-иԥҳа лоуп

© Sputnik / Томас ТхайцукАлингвист, афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор Лили Ҳагԥҳа
Алингвист, афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор Лили Ҳагԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Еицырдыруа абызшәадырыҩ Ҭамара Платон–иԥҳа Шьаҟрылԥҳа 90 шықәса лхыҵра инадҳәаланы лгәалашәарақәа дырзааҭгылеит, лара хаҭала дыздыруаз, дымҩақәызҵоз алингвист, афилологиатә наукақәа рдоктор, апрофессор Лили Ҳагԥҳа, Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа дынлыҿцәажәоз.

- Лили Риза- иԥҳа, Ҭамара Шьаҟрылԥҳаи шәареи шәеибадырра шԥаҟалеи?

— Ҭамара Платон-иԥҳаи сареи ҳаибадырра амш ахааназ исхашҭуам. Уи ииашаны, изыбзоуроу лаҳәшьа Екатерина Шьаҟрылԥҳа лоуп. Сара Аҷандаратәи абжьаратә школ саналга, сҭалеит арҵаҩратә институт, афилологиатә факультет, аԥсуа-анемец ҟәша. Убра аҵара ҳлырҵон Екатерина Платон-иԥҳа.

Научная конференция посвященная Тамаре Шакрыл. - Sputnik Аҧсны
Аҟәа имҩаԥган Ҭамара Шьаҟрылԥҳа лгәалашәаразы анаукатә конференциа

Урҭ ашықәсқәа рзы, протест ҳасабала, аиашамрақәа дырҿагыланы Ҭамара Шьаҟрылԥҳа аус луӡомыз, аҩны дыҟан. Аҩбатәи акурс аҟны сыштәаз, ҽнак зны Екатерина Платон-иԥха ус салҳәеит "саҳәшьа Ҭамара џьаргьы аус луӡом, аҩны дыҟоуп. Ус салҳәеит бара ибгәаԥхо астудентцәа рҟынтә аӡәыр дыҟазар, иақәшаҳаҭхозар, исҭахын сызҿу, снапы злаку аус дсырбаратәы иаалар са сахь ҳәа".

Екатерина Платон-иԥха бақәшаҳаҭзар бызгоит, шәеибасырдыроит ҳәа салҳәеит. Сара саалыхәаԥшын, Екатерина Платон-иԥха убри ааҟара дхазынан, амра лҿалашоушәа убри ааҟара дыԥхан,бзиа ҳалбон астудентцәа, ус сазхәыцит ари арысҟак дыбзиазар лаҳәшьа егьала дыҟоуп сҳәан сақәшаҳаҭхеит. Схәыҷын сқәыԥшын сара сзы лажәақәа акырӡа аҵанакуан. Ҭамара Платон-иԥҳа уи аԥхьа дсымбаӡацызт, ашә аартны аҩны ҳанынаҩнала иҭацәыз ҭыԥк ыҟамызт, иахьабалак шәҟәыла иҭәын.

Лара дҩагылан дгәырӷьаҵәа даасԥылеит, "ари иаабгаз аҭыԥҳа дабатәиу", лҳәан Екатерина длазҵааит, ари "д-Аҷандаратәиуп"  лҳәеит, "ҟоҳ, уи шԥабзиоу" лҳәан саагәыдлкылеит, убас иҟалеит ҳаибадырра. Шықәсыки бжаки, ес-хаша слызнеиуан, саннеилакгьы х-сааҭк ҩ-сааҭк еиҵны саанхаӡомызт. Адҵақәа сылҭон, сылаԥш зхызгаша сыҵалҳәон, алкаақәа ҟаҳҵон. Быуа-бҭынха, бҭаацәа, бахьыҟазаалак базыӡырҩла ауаа рцәажәашьа, аиԥшымзаара аилыргара баналагалак уи иаҵанакуеит абызшәа аҭҵаара былшоит ҳәа.

- Абызшәа аҭҵаара шәгәызырԥхаз Ҭамара Платон-иԥҳа лоуп уҳәар алшоума?

— Разҟыс исыман аинститут санҭаз Шоҭа Ҟасҭеи–иԥа Арсҭаа рҵаҩыс дахьсымаз, агәыԥ анеихыршозгьы, апрактикатә усурақәа анымҩаԥаагозгьы иара инапы санын. Ҭамара Платон- иԥхаи, Шоҭа Ҟасҭеи-иԥеи анырра ду ҟарҵеит абызшәҭҵаара снапы ахьаласкыз. Дара рыҩаӡара аҟынӡа ҳзымнеизаргьы, иҳалшо ала аус аауеит. Аҭҵаарадырратә конференциақәа астудентцәа злахәыз зныкымкәа-ҩынтәымкәа сазыҟалҵахьан. Аҭҵаарадырратә литератураҿы макьаназы изызхьамԥшыцыз азҵаарақәа рыла адокладқәа слырҟаҵон, уи аԥхьа ақыҭақәа рыҟны аҭҵаарақәа мҩаԥызгон. Аматериалқәа иаазгоз астатиақәа рылаҳхон. Иахьа, 80 инреиҳаны анаукатә статиақәа сравторуп, аха раԥхьа Ҭамара Шьаҟрылԥҳа лыдҵала инысагӡоз астаиақәа рыла иахьалаго сгәы аздууп, уи азыҳәангьы иреиӷьу аԥхьахә ҳәагьы ахьыӡ соуит. Ҭамара Платон-иԥҳа, ауниверситети, аспирантуреи санҭаз лылаԥш схын. Ашьҭахь аҵара салганы санааи, абызшәа аҟәшаҿы алаборант ҳасабала аусура саналагоз Ҭамара Шьаҟрылԥҳа, лаб иашьа Константин Семион-иԥа апсуа бызшәа аҭҵааратә институт еиҳабыс дыҟан, иара еиҳабык иаҳасабала иабжьагажәа сыцан.

- Лусумҭақәа ҳрылацәажәозар, иарбан усумҭақәоу еиҳа иҷыдоу, аинтерес зҵоу? 

— Лусумҭақәа ус имарины, ус знык унаԥхьаны игәныукало иҟам. Избан акәзар, лара лаамҭазтәи атрадициатә абызшәадырра иҟаз даԥыҩланы, заа иҭылҵаауан иҿыцу абызшәа ахырхарҭа, уи лара заа илныруан. Атрадициатә бызшәадырраҿы раԥхьа игылоу ажәа аформа ауп, убри бзианы иҭылҵаауан. Лара илыԥхьаӡон абызшәа анҭыуҵаауа ихадароуп ҳәа — алогика. Ажәлар, абызшәа ныҟәызго амилаҭ рменталитет ишаныԥшуа, рхымҩаԥгашьа ишаныԥшуа еиҳарак абри акәын дызҿыз. Ус иҟаз зегьы рыҟны аԥхьа дгылан. 

- Ҭамара Платон-иԥҳаи шәареи аус еицыжәуан Аԥсуаҭҵааратә институт абызшәа аҟәшаҟны. Еиҳабык, рҵаҩык, абызшәадырыҩк, аҭҵааҩы лаҳасабала дышԥашәгәалашәо? 

— Лҟазшьа ҷыдақәа иреиуан, еизарак ыҟоума аӡәы иажәа даԥыҩлаӡомызт. Дхәыҷы дду, иаҳаракыра заҟаразаалак, аҭҵарадырратә ҩаӡара имазма имамызма абас дҭынчӡа дтәаны ажәак лаҩлмыршәуа дӡырҩуан. Ацәажәара ишаалгалакь еиԥш зҵаарак мҭиикуа, акы дамазҵаакуа ҟалашьа амамызт, акы хьасс илымкышәа, мамзаргьы зегьы дақәшаҳаҭушәа ҿымҭӡакәа дындәылҵны дцаӡомызт. Нас зегь рацкьыс сара исгәаԥхоз лҟазшьақәа ируакуп, изакәызаалак иуҳәаз аҟынтәи, иҭыуҵааз аҟынтәи, зынӡа имаҷу ухатәы згәаҭарак ҟауҵазар, еиҳарак аҿар ҳабжьара убри лара ҳгәы азҭалҵон. Ахааназ иаҳлырбомыз лаҳаракыра, абарҭ аҿар рацкьыс сеиҳабуп, реиҳа здыруеит ҳәа лхы мҩаԥылгомызт. Сара сзыҳәан игәадуроуп Ҭамара Платон-иԥҳа леиԥш арҵаҩы дахьсымаз. Ахӡыргара ахааназ дашьҭаӡамызт, уамакала дагьыџьбаран, убри аҟара ацқьара рацәаны илылан. 

© Foto / предоставила семья Шакрыл Тамара Платоновна Шакрыл.
Тамара Платоновна Шакрыл. - Sputnik Аҧсны
Тамара Платоновна Шакрыл.

- Шәцәажәараҿы изныкымкәа иазгәашәҭахьеит, Ҭамара Платон-иԥха лыҟамзаара ӷәӷәала ишаныԥшуа абызшәа аҿиара.

— Ҳәара аҭахума лыҟамзаар ӷәӷәала иаҳныԥшуеит. Аибашьра ашьҭахь иреиӷьу ҳастудентцәа аҳәаанырцәҟа аспирантура иалго, адоктортә диссератициак џьара ирыхьчо иҟамызт. Абызшәадырра анҭыуҵаауа адунеи аҟны абызшәақәа рыҿиашьа уацклаԥшны ԥҳьаҟа уцалароуп, ҳара аибашьра иахҟьаны маҷк ҳҳьысҳахеит. Иахьа, Ҭамара Платон-иԥҳа дыҟазар, лара дызҿыз аганахь ала ҩыџьа хҩык азыҟалҵазҭгьы акырӡа абызшәа шьҭнахуан. Исҳәар жәа хьантахо сыздыруам, аха ирацәаҩуп ҳпатриотут ҳәа зхы иазызхәо, аха лара леиԥш иҟаз маҷуп. Шәазхәыц ҭаацәарак аҟнытә, Шьаҟрылаа дуқәа Аԥсны аҵаралашара аус ф-ҩыуаа рхы ахҭнырҵеит. Дара реиԥш Аԥсны даҽа ҭаацәарак ыҟаӡам. Дара зегьы рбызшәа, ркультура, рҭоурых иазааԥсеит. Ицәырганы ҳалацәажәарц ҳгәы иҭоуп дара рҭаацәара рыхьӡ акамыршәразы Жәларбжьаратәи анаукатә конференциа аиҿкаара. 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0