Путин: иласымзаргьы Ҭырқәтәылеи ҳареи ҳусеицура ҿиалоит

© Sputnik / Сергей Гунеев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраҬырқәтәыла Апрезидент Ердогани Урыстәыла Апрезидент Путини.
Ҭырқәтәыла Апрезидент Ердогани Урыстәыла Апрезидент Путини. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара аибарххарақәа аҭыԥ роуит 2015 шықәса абҵарамзазы урыстәылатәи аҳаирплан Су-24 аҭырқәа ир ианкарыжь ашьҭахь.

АҞӘА, цәыббра 6 — Sputnik. Ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргыларазы аусурақәа мҩаԥысуеит. Ишаҳҭаху аиԥш иласымзаргьы зегьы планла ицоит, иҳәеит Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин апресс-конференциаҟны.

"Ҩ-ганктәи аизыҟазаашьақәа реиҭашьақәыргыларазы аусурақәа мҩаԥысуеит. Ишаҳҭаху аиԥш иласымзаргьы зегьы планла ицоит. Акы арбгара, аԥхасҭатәра еснагь имариоуп. Аиҭашьақәыргылароуп иуадаҩу",- иҳәеит Путин.

Асеиԥш аҽеиҭакра шьаҭаны иаиуит Ҭырқәтәыла Апрезидент Ердоган Урыстәыла Апрезидент Путин ихьӡала иааишьҭыз ашәҟәы. Ашәҟәаҟны Ҭырқәтәыла Апрезидент иҟалаз ахҭыс азы аҭамзаара шьҭеиҵеит.

Урыстәылеи Ҭырқәтәылеи рыбжьара аибарххарақәа аҭыԥ роуит 2015 шықәса абҵарамзазы урыстәылатәи аҳаирплан Су-24 аҭырқәа ир ианкарыжь ашьҭахь.

Сынтәатәи ашықәс рашәарамзазы Ердоган иҟаиҵеит раԥхьатәи ашьаҿа атәылақәа реимабзиара аиҭашьақәыргыларазы. Ԥхынгәы алагамҭазы Ердогани Путини ҭелла еицәажәеит. Уи ашьҭахь Владимир Путин алаҳәара ҟаиҵеит Москвеи Анкареи рыбжьара ахәаахәҭра-економикатә еизыҟазаашьа аиҭашьақәыргылара апроцесс ишалагоу азы.

Ажәабжьқәа зегьы
0