Ҭаниа: Қырҭтәыла еснагьеиԥш ахы мҩаԥнагеит

© Sputnik / Томас ТхайцукАԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Кан Ҭаниа.
Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Кан Ҭаниа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа зхадараҟны дыҟаз Аԥснытәи аделегациа алахәын нанҳәа 31 инаркны цәыббра 2 рҟынӡа Арцах (Ашьха Ҟарабах) имҩаԥысуаз ауснагӡатәқәа.

АҞӘА, цәыббра 6 – Sputnik, Бадри Есиава. Аԥснытәи аделегациеи Ермантәыла Апрезидент Серж Саргсиани Ашьха-Ҟарабах имҩаԥысуаз аныҳәатә уснагӡатәқәа раан иҭыхыз рфото аганахьала Қырҭтәыла ахымҩаԥгашьа "ахшыҩдара атеатр" еиԥшуп ҳәа азиҳәеит Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ инапынҵақәа назыгӡо Кан Ҭаниа.

"Ермантәыла Апрезиденти ҳделегациа алахәылацәеи еицҭаҳхыз афото асоциалтә ҳақәа рҟны сдаҟьаҿ иқәсыргылеит. Уи збаз ақырҭуа журналистцәа Қырҭтәыла аполитикцәақәак ахҳәаа азырурц ирыдыргалеит. Аха зегьы еснагь еиԥш "ахшыҩдара иатеатрхеит", — иҳәеит Ҭаниа.

Иара иажәақәа рыла аиԥылара мҩаԥысуан Степанакерт инацәхыкны 15 километра ахьыбжьоу аҭыԥ аҟны. Уаҟа Ашьха-Ҟарабах ашьаҭаркра 25 шықәса ахыҵра азгәарҭон. Егьырҭ аделегациақәа реиԥш Аԥснытәи аделегациагьы ирԥылеит. Аиԥылара аофициалтә ҟазшьа аманы иҟамызт. Адипломатиатә ԥҟарақәа рыла ахәылԥаз ахь инаԥхьаз зегьы аԥсшәа рарҳәон.

"Аиԥылараан иҭыхыз афотосахьа акомментариақәа ацҵаны асоциалтә ҳақәа рахь иҭазгалеит", — иҳәеит Ҭаниа.

Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра уи инадҳәаланы аофициалтә зыҳәа нанашьҭит Ермантәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистррахь афото ахҳәаа арҭарц. Ермантәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра акәзар аиԥылара аофициалтә ҟазшьа амамызт ҳәа аҳәамҭа ҟанаҵеит.

Ҭаниа игәаанагарала Қырҭтәыла еснагь еиԥш Аԥсны иашьҭазҩоит, жәларбжьаратәи аиныррақәа рыԥкра хықәкны иҟаҵаны.

Ажәабжьқәа зегьы
0