Путин Узбекистан Апрезидент иҭаацәа дрыдашшыларц Самарканд дыҟоуп

© Sputnik / Евгений Одиноков / Амедиаҵәахырҭахь аиасраПутин атәыла Апрезидент иҭаацәа дрыдашшыларц Самарканд дааит.
Путин атәыла Апрезидент иҭаацәа дрыдашшыларц Самарканд дааит. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владимир Путин ицхырааҩ Иури Ушаков аҳәамҭа ҟаиҵеит Путин атәыла Апрезидент иҭаацәа дрыдашшыларц арахь дааит ҳәа.

АҞӘА, цәыббра 6 — Sputnik. Урыстәылатәи Афедерациа Апрезидент Владимир Путин Самаркандҟа днеиит Узбекстан Апрезидент Ислам Каримов иҭаацәа дрыдашшыларцы.

Ислам Каримов иԥсҭазаара далҵит 78 шықәса дшырҭагылаз. Атәылаҟны хымштәи алахьеиқәратә мшқәа рылаҳәоуп.

Урыстәылатәи Афедерациа Аиҳабыра рхада Дмитри Медведев - Sputnik Аҧсны
Медведев: Урыстәылеи Узбекистани реизыҟазаашьақәа ԥхьаҟагьы идырӷәӷәалоит

Каримов анышә дамардеит асабша, аҭоурыхтә ԥсыжырҭа Шахи-Зинда аҟны аԥсылмантә ҵасқәа инарықәыршәаны.

Каримов иԥсра ашьҭахь атәыла аконституциа инақәыршәаны атәыла ахада инапынҵақәа неигӡалоит Апарламент хыхьтәи апалата ахантәаҩы Нигматилла Иулдашев. Иара убри аан аԥсыжразы акомиссиа аиҿкаара напхгара аиҭон атәыла Аԥыза-министр Шавкат Мирзиев.

Владимир Путин ицхырааҩ Иури Ушаков аҳәамҭа ҟаиҵеит Путин арахь иаара аофициалтә ҟазшьа амам, уи атәыла Апрезидент иҭаацәа дрыдашшыларц арахь дааит ҳәа.

Каримов иԥсыжразы Самаркандҟа иааз Урыстәыла аофициалтә делегациа напхгара аиҭон Дмитри Медведев.

Владимир Путин усҟан арахь иаара иаԥырхагахеит уаанӡа ишьақәыргылаз иусутә график.

Ажәабжьқәа зегьы
0