АҞӘА, цәыббра 9 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ақалақь аԥхасҭа иаиуз азы ацәыӡқәа рырхынҳәра ақалақь абиуџьет иашәо иҟам, иҳәеит Аҟәа Ахада Адгәыр Ҳаразиа аиԥылараҟны.
Адгәыр Ҳаразиа иазгәеиҭеит аҳҭнықалақь аҟны аӡхыҵрақәа аобиективтә мзызқәа шрымоу.
"Аӡы рацәаны ианҩеиуа аӡыршьҭрақәа ирхыҵуеит. Насгьы иазхәыцтәуп ақалақьи амшыни еиҟараны ишышьҭоу", — иҳәеит иара.
Ақалақь Ахада иҳәеит ауааԥсыра ашәахтәқәа ршәалар шакәу акоммуналтә маҵзурақәа аус руларц азы. Уи адагьы иара иҳәеит ақалақьуаа рхаҭақәа аӡышьҭрақәа шырҟьашьуа, ирбалак шҭарыжьуа. Аӡхыҵрақәа раан урҭгьы аӡцара иаԥырхагахоит.
Аиԥылара алахәылацәа ирҳәон аӡхыҵра ашьҭахь иарбанызаалак маҵзурак ауааԥсыра ишырмыцхрааз.
Аизара иалахәын аиҳарак аԥхасҭа зауз араионқәа руааԥсыра. Урҭ иазырыԥхьаӡоит аӡхыҵра еиҭах аҟалара алзмыршо ауснагӡатәқәа мҩаԥгам ҳәа.
Аҟәа Ахада иазгәеиҭеит иахәҭоу аусурақәа рзы атехника рыҭара дшазыхиоу.