АҞӘА, цәыббра 9 — Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Аԥсни Венесуелеи еиԥшым аконтинентқәа рҟны ишыҟоугьы гәыла-ԥсыла еизааигәоуп, иҳәеит Аԥсны Ахада ихаҭыԥуаҩ Витали Габниа Урыстәыла иҟоу Венесуела Ацҳаражәҳәарҭа аамҭалатә гәрагаҩы Альвиро Енрике Кордеро дидкыло.
"Аԥсуа дгьыл аҟны бзиала шәаабеит ҳәа шәаҳҳәоит. Шәара иахьа Латынтәи Америкаҟны аԥыжәара змоу ҳәынҭқарроуп. "Ҳара ҳастратегиатә ҩыза" хада ҳәа иаҳшьоит Урыстәыла. Уи ахахьы иагеит ҳаинтересқәа адунеи зегь аҟны рыларҵәара. Ҳара ҳганахьала шәара ҳшәықәгәыӷуеит Алатын Америка иатәу атәылақәа рҟны уи аҩыза амиссиа шәхахьы ижәгап ҳәа", — иҳәеит Габниа.
Атәыла Ахада ихаҭыԥуаҩ иазгәеиҭоит: "ҳара ибзианы иаадыруеит Венесуелагьы иахьазы имариоу аамҭаны ишыҟам. Ижәдыруазар ҳҭахуп иҳалшо ала ҳашшәыдгыло", — иҳәеит Габниа.
Альвиро Енрике Кордеро Витали Габниа ҭабуп ҳәа иеиҳәеит иажәақәа рзы, иазгәеиҭеит Венесуела шазыхиоу Аԥсны ганрацәала ацхраара.
"Ҭабуп ҳәа шәасҳәоит исышәҭаз адкыларазы. Иахьазы Венесуела аамҭа уадаҩқәа ианырҭагылоу, Аԥсны адгылара ҳара ҳзы акраҵанакуеит", — иҳәеит иара.
Габниа иазгәеиҭеит атәылақәа рыҩбагь реинырра аплан аус адулара хымԥадатәины ишыҟоу.