Алакә еиԥшу ахҭыс

© Sputnik / Томас ТхайцукАгәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаара "Кьараз" анагӡаратә директор Камма Гоԥиаԥҳа
Агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаара Кьараз анагӡаратә директор Камма Гоԥиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Агәыҳалалратә уаажәларратә еиҿкаара "Кьараз" анагӡаратә директор Камма Гоԥиаԥҳа хылаԥшра зырҭоз ҭаацәарак рҟны цәыббра 7-8 руха хшара дзауаз аԥҳәыс деиллыргеит.

Апрофессионал ԥҳәысеилыргаҩ лыда, раԥхьаӡа акәны ахәыҷы ишьҭыхра шлылшаз атәы ҳкорреспондент Рада Ажьиԥҳа илзеиҭалҳәеит Камма Гоԥиаԥҳа лхаҭа.

Акраамҭа агәыҳалалратә еиҿкаара "Кьараз" хылаԥшра знаҭо аҭаацәараҟны ахәыҷырацәа ран аҩны ахшароура лықәнакит. Уи ацхыраара лылҭар акәхеит Камма.

"Лареи ҳареи ҳаиԥылар акәын Аҟәатәи ахшараиурҭаҿы еиуеиԥшым апроцедурақәа лахыжьразы. Ҭелла ҳаицәажәеит ҳаиԥыларцы, избанзар лхы рахәымкәа илбон", еиҭалҳәоит Камма.

Цәыббра 7, ахәылбыҽха аԥҳәыс лҟынтәи аҭеласра анырацәаха Камма еилылкааит уи лыхшараиура шааигәахаз.

"Атакси саԥхьеит, аха иара лассы имааит. Лара сылзасны иласҳәеит ирласны амҩа сшықәлоз. Амҩа санықәла ацхыраара ласы ахь аҭел сасит. Ирасҳәеит иҟаз аҭагылазаашьа. Дара аҭакс "амашьына ыҟаӡам, шәыԥшы" рҳәеит. Зыхшараиура ааигәахаз аԥҳәыс лакәзар лхала ахшараиурҭахь дзаауамызт избанзар даазгашаз ҳәа хаҵа дыҟамызт убри аамҭазы аҩны", — лҳәоит Камма.

Камма дахьнеишаз даннеи ахәыҷира иалагахьан, ан лакәзар – дыԥслымткуан.

"Сгәы иаанагомызт асеиԥш саниап ҳәа. Арахь атәымҩнаҟны ак ахьыҟоу, иахьышьҭоу сыздырам. Уи адагьы ахәыҷ ишьҭыхра акәым аԥҳәыс ахшара дышлоуагь сымбацызт. Изуа-исҳәо сақәымшәо сааихәлахеит азныказ. Ацхыраара ласы ахь аҭел сеиҭасит, ма џьара ак сыҵарҳәап ҟасҵеит. Лара лакәзар лхы дахәо дыҟамызт. Избон ангьы ахәыҷгьы сцәыԥсыр шалшоз. Исаҳахьаз, афильмқәа рҟны избахьаз зегь сгәаласыршәеит", — лҳәоит лара.

Аҳақьымцәа ракәзар ахәыҷы дани ашьҭахь иҷапан шыхҵәатәыз ҭелла иларҳәеит.

"Ахәыҷы диит. Арахь иҷапан шыԥҟатәу сыздырам. Еиҭах ацхыраара ласы ахь аҭел сасит. Урҭ исарҳәеит иҟаҵатәыз, аха аҳәара мариоуп, аҟаҵароуп ицәгьоу. Ахәыҷы дышьҭысхит, нас исгәалашәеит иан лгәы дықәуҵар шакәыз. Ҳшеилыхоз ацхыраара ласгьы неиит. Ахәышәтәырҭахь ҳанаауаз амҩан зегьы ахәыҷы дысгәыдырӷәӷәала дыскын. Сшәон иакәым џьара акы ҟасҵазар ҳәа. Анцәа иџьшьаны аҳақьымцәа зегь бзиоуп, ангьы ахәыҷгьы машәыр рымам рҳәеит. Ԥыҭрак ашьҭахь ан аҭел дысзасны дсазҵааит ихьӡысҵарызеи ҳәа. Богдан аҟны ҳаангылеит", — ихлыркәшоит алакә еиԥшу аҭоурых Камма Гоԥиаԥҳа.

Лара иҳалҳәеит ари аҩаха лацәааихьшь шылзыҟамҵо, илыхҭысыз лыбла ихымҵуа ишыхгыло. Ус акә егьыс акә насыԥ лыман лхы лбоит лыцхыраарала аҽа уаҩԥсык адунеи дахьанылаз азы.

Аҟәатәи ахшараиурҭаҟнытә Sputnik адырра арҭеит ангьы ахәыҷгьы бзиахәха ишыҟоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0