Григориев ааԥхьара ҟаиҵеит алхрақәа рхы рыладырхәырц

© Sputnik Томас ТхайцукСемен Григорьев.
Семен Григорьев. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп цәыббра 18 рзы. Аԥсны иахьаҵанакуа аус рулоит алхратә ҭыԥқәа 9.

АҞӘА, цәыббра 9 – Sputnik, Роберт Џьопуа. Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп цәыббра 18 рзы. Аԥсны иахьаҵанакуа аус рулоит алхратә ҭыԥқәа 9. Ахәаша, цәыббра 9 рзы "Алхыҩцәа рклуб" алахәылацәа реиԥылараан Аԥсны иҟоу Урыстәылатәи Афедерациа Ацҳаражәҳәаҩ Семион Григориев ааԥхьара ҟаиҵеит алхрақәа активла рхы рыладырхәырц Аԥсны инхо Урыстәыла атәылауаа.

"Сгәы иаанагоит Аԥсны ауааԥсыра рҩыза, рстратегиатә партниор, ргәыла – Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа рхы ахьрыладырхәуа аҵак дуӡӡа амоуп ҳәа", — иҳәеит Григориев.

Урыстәылатәи Афедерациа Аҳәынҭқарратә Думахь алхрақәа мҩаԥысраны иҟоуп цәыббра 18 рзы. Аԥсны иахьаҵанакуа аус рулоит алхратә ҭыԥқәа 9.

Аԥсны инхоит 90 000-ҩык рҟынӡа урыстәыла атәылауаҩра змоу. Урҭ ирымоуп азин абжьыҭиразы.

Ажәабжьқәа зегьы
0