Аҩӡба: Ԥсҳәы афашистцәа рҟнытә аҭарцәра аибашьра зегьы алахьынҵа ианырит

© Sputnik / Томас ТхайцукАҭоурыхҭҵаарақәа рдоктор Аслан Аҩӡба
Аҭоурыхҭҵаарақәа рдоктор Аслан Аҩӡба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббрамза 9, 1942 шықәсазы ақыҭа Ԥсҳәы анемец фашистцәа рҟынтәи ахы иақәиҭтәын. Аҭоурыхҭҵаарақәа рдоктор Аслан Аҩӡба дазааҭгылеит ари ахҭыс Кавказ аибашьра алахьынҵа ишырнырыз.

АҞӘА, цәыббра 9 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Цәыббырамза 9, 1942 шықәсазы Ԥсҳәы афашистцәа рҟнытә аҭарцәра Кавказ аибашьра зегьы алахьынҵа ианырит, иҳәеит аҭоурыхҭҵаарақәа рдоктор Аслан Аҩӡба.

"Аԥсны ашьхақәа рҟны имҩаԥысуаз аибашьра, аиҿагылара зегьы алахьынҵаҿы аҵак ду амоуп. Лаҵарамза 1942 шықәса рзы Аԥсны ақалақьқәа абомбақәа рыларыжьуа иалагеит. Нанҳәамза 14, 15, 16 рзы анемеццәа акаҵәарақәа ҩба рымпыҵархалеит, Клухоратәии Санчаратәии, аха Марыхә цәыббра 5 рҟынӡа ирзымгаӡеит, уи зыхҟьаз Асовет Еидгыла ар уа иахьыҟаз ауп", — ациҵеит уи.

Аслан Аҩӡба иазгәеиҭеит, акаҵәараҿы аибашьрақәа ирылагаанӡа аӷацәа аԥшыхәратә усқәа шымҩаԥыргоз.

"Аԥсны иаҵанакуа ашьхақәа рҿы аибашьра алагеит 1942 шықәсазы, уи Кавказ азы аибашьра иахәҭакуп. Кавказа азы аибашьра, егьырҭ иаҳҳәап Курсктәи аибашьреи, мамзаргьы Сталинградтәи ирываҟәылоит, избанзар урҭ рылҵшәақәа анаҩстәи аибашьра ианырит", — иҳәеит уи. 

Абарҭ ах-еибашьрак иалдыршеит аибашьра шьаҭанкыла аԥсахра, Асовет Еидгыла ар аиааирақәа рго иалагеит.

Ԥсҳәы анемец фашистцәа рҟынтәи ахы ишақәиҭыртәыз атәы шәазыӡырҩыр ҟалоит абра.

Аҭоурыхҭҵааҩ иазгәеиҭеит анемец фашисттә гәыԥқәа еиҿкаан аҽазыҟаҵара бзиа змаз аспортсменцәа рыла. Урҭ ашьхаҿы иманшәаланы аибашьра рылшон, иара убас Аслан Аҩӡба иажәақәа рыла анемец фашистцәа ирацәаҩны арумынцәа рылан, урҭ усҟан афашистцәа ирыдгыланы еибашьуан.

Аҵарауаҩ иажәақәа рыла, Кавказ аиқәырхара иалнаршеит Ҭырқәтәыла аибашьра аламлара. Урҭ рыр аҽазыҟаҵаны аҳәаа аҟны игылан, аха афашистцәа Аԥсны анырзымга аибашьра иаламгеит.


Ажәабжьқәа зегьы
0