Ажурнал "Сатирикон" идырым адаҟьақәа

© Public Domaine алафи асатиреи зныҧшуаз ажурнал "Сатирикон".
алафи асатиреи зныҧшуаз ажурнал Сатирикон. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
20-тәи ашәышықәса алагамҭазы Урыстәыла аҧхьаҩцәа рыбзиабара зцыз акьыҧхьтә ҭыжьымҭақәа ирхыҧхьаӡалан алафи асатиреи зныҧшуаз ажурнал "Сатирикон". Уаҟа икьыҧхьуан аҭоурыхтә хҭысқәа зхатәы гәаанагарала ирызнеиуаз алаф ажанр азҟазацәа. Уи алафи асатиреи рышәҟәы аҧхьаҩцәа гәахәарала ирыдыркылеит.

Sputnik, Дмитри Габелиа

Аха усҟан зегьы инагӡаны ирыздыруамызт "сатириконаа" ауаатәыҩса ҳҭоурых ахҭысқәа дара рлафала еицакны ишаадрҧшуаз.

Еилкаауп "адунеи азеиҧшҭоурых" аҟны аҭыҧ шрымаз еиуеиҧшым ахҭысқәа. Урҭ, ишыҟаҵәҟьаз акәымкәа, инеиҭак-ааиҭакны, ирлафны ҳазлацәажәо ажурнал ианылон, анаҩс, абиҧарақәа иаҳбартә, иҳаҳартә амузеитә архивқәа рҿы ирҵәахуан.

1900-тәи ашықәсқәа рзы "сатириконаа" иреиуаз аӡәы ҳаҧсшьарҭатә қалақьк аҿы дааны дыҟазаарын. Уи ҳақалақь азҿлымҳара аимҭар, ақьачақьра зцыз илаҧш иҵамшәар ҟалашьа амамызт. Ҳаамҭазтәи аҧхьаҩ еиликааратәы, иахьатәи амш аҟазшьа иақәшәартә аус адуланы, иҳаӡбеит ишәыдаагаларц шәышықәса инархыҳәҳәо изхыҵуа уи ианҵамҭақәак.

"Амшын Еиқәа иаҧну ҳақалақь, зхы пату ақәызҵо егьырҭ ақалақьқәа реиҧш, аҭоурых ашьапы акуеит ажәытәра инаркны. Конкретла иаҳҳәозар, уи аҭоурых алагеит быжь-нызқь шықәса раҧхьа, ашыци, ахәаци, алакациеи иаркы-ирцә ҳәа ауаҩы данрылаз аамҭа инаркны. Дук мырҵыкәа, даҽакала иуҳәозар ҩ-нызқь шықәса ааҵхьан еиҧш, ауаҩы имахашьаха шәит, игәы ҕәҕәахеит, абна дылҵны адәы ақәларагьы цәгьа имбо дааҟалеит.

Аҟаҿыҳәа ицҳаша, мамзаргьы аҟылҧҳәа дылбааздаша, шьҭахьҟа абна дылазцалаша иеиҧш зеиҧшраз, иаҵкыс иеицәаз, мамзаргьы иеиҕьыз аҧстәы анимба, изхара амшын аҳауа анифа ара даҧшәыманы ихы иҧхьаӡо далагеит. Иаарласӡаны иааигәа-сигәа иҟаз аҧшӡара зегьы агәамсам ахирҵәеит, ихишьааит.

Лакәа Деметр игәараҭа - Sputnik Аҧсны
Ихшыҩ ҵарын, алаф иҿан, дуаҩ ҟәышын: Деметр Лакоба иҭоурых

Иахьагьы археологцәа рыҧшаарақәа рҿы ирҧылалоит ажәытәуаҩ еиҧхьытта икаиҧсоз акыцлыхқәа, ахаҳәлыхқәа, иахьахәлаанӡа иҿыҵакыз абаҩқәа уҳәа, убас егьырҭ аихаҷамаҷақәагьы. Усҟаноуп ахы анакыз ауаҩы иахьанӡа иааигаз ашьцылара бааҧс – инаҩс аҟьамсар ааныжьра. Убас, ажәытә аурымқәа имаҷымкәа адунеи дырхәашеит рсаркьаҧҽыхақәеи, рабџьари, рҧараҿырпи рыла.

Имаҷымкәа агәамсам аанрыжьит аҭырқәа-мпыҵахалаҩцәагьы. Ара аҧшәымара аанкыланы итәан, аха иқәызгода рнаҩс иаанрыжьыз аҟәарџмарџ? Иаҳдыруеит иқәызго – археологцәа! Иаҳҳәап, зқьышықәса рышьҭахь ҳаамҭазтәи ауаҩы ихаҭара шьақәзыргылараны иҟоу археологцәа иахырҳәаари, шәгәаанагарала, иахьа ачықьра илаҳажьуа "пепси-кола" абанкақәа?

Ауааҧсыра, ижәдыруаз – шәышьҭахь иааншәыжьуа агәамсам ҧхьаҟатәи археологцәа рзы иаарту шәҟәуп. Убри аҟнытә, уаҵәы шәхылҵ-ҧылҵ зцәыҧхамшьаша ахаҷамаҷа ааншәыжьла. Иаҳҳәап, Мысра ауаажәлар иахьа ишацәыҧхамшьо еиҧш реиҳабацәа зны ирзаанрыжьыз, ишабалак, иахьабалак идыргылоз апирамидақәа.

Ҳгьежьып амшын аҧшаҳәаҿы ишьҭоу ҳақалақь-ҧсшьарҭа ашҟа. Атрым-трымҳәа амца ахыҧареи, еиқәада аҟаҧҟаҧ шырҳәало еиҧш, аҽырбареи рыда, ажәытәуаҩ идыруан адольмен аргылашьагьы. Уадак змоу ари ахыбра аргылара зынӡа имариаӡоуп. Шәҟәаҟәа илықәҵан иаашәгоит ахаҳәҟьаҟьақәа ҧшьба, нас аҧшьыркца аҧшра аҭаны еидшәыргылоит, ахәбатәи ахаҳәҟьаҟьа наганы хыбс инықәышәҵоит, убри ашьҭахь ишәхамышҭроуп шәара иахьышәзыманшәылоу аҭыҧ аҿы акылҳара аҭара.

Адамрақәа (адольменқәа) рыҩныҵҟа аҵарауаа ирыҧшаахьоу аргылаҩцәа рыбаҩқәа изларҳәо ала, ари ахыбра ианаамҭоу акылҵәара аҭара, нас уи зыргылаз ианаамҭоу рҭыжьра ажәытәуаа зны-зынла ирцәеилагалон. Егьа ус иҟазаргьы, ҳазлацәажәо ахыбра маншәалан, ахарџьқәа рацәаны иацмызт, насгьы уи аргыларазы аинстанциақәа – аҳаҧқәа рҿы азин алхра аҭахымызт.

Агәыҧ аиҳабы хаҳәла знык даҽа хаҳәк днықәсыр – уца иргылала. Абас ала, доусы изгәаҧхоз иахьигәаҧхоз, ихала, мамзаргьы абнауаа-гастарбаитерцәа рыцхыраарала ахаҳәқәа еиқәҵаны ахан дыргылон, анаҩс уи адольмен ахьӡырҵон.

Ҳазлацәажәо ахыбрақәа зызкыз, издыргылоз аганахьала иаку гәаанагарак ахьыҟам алшара ҳнаҭоит ҳхатәы гәаанагара ашьақәыргылара. Атуризми арекламеи ирызку ажәытә материалқәа хәыцхәыц иҭҵаазар, ишьақәырҕәҕәахон ҳаамҭазтәи атуристцәа рзы адамра ишжәытә-рекламатә хыброу. Иамаикыр ҟалоит иақәшаҳаҭым, аха уи хәыҷык аргамагьы ацуп.

Ишдыру еиҧш, ажәытә хылҵшьҭрақәа абнауаҩра рылыжжуан, ҵарадыррала ирыцҳан, иахьанӡагьы убас иаанхон абырзенцәа ракәымзар.

Аинрал Иуана Туманов - Sputnik Аҧсны
Урыстәыла Аҳра аинрал Туманов "дшаԥсыуахаз"

20-тәи ашәышықәса алагамҭазы "Сатириконаа" ишырыҩуаз ала, "абырзенцәа нхон Бырзентәыла, ицәажәон иҧсхьоу ажәытә бырзен бызшәала, убри аҟнытә ажәытә бырзенцәа ҳәа ирышьҭан. Бзиа ирбоз аусқәа иреиуан анцәахәқәеи афырхацәеи иҟам-ианым рыхҳәаара". Акрызҵазкуа ари аус анаҩс, абырзенцәа ирылан ахәаахәҭра, џьарак иазымкуа иахьахәлаанӡа аныҟәара.

Еиуеиҧшым аҳәынҭқаррақәа рҳауатә ҳәаақәа еилаганы, ахәаахәҭразы изныкымкәан иаахьан ҳаҧшаҳәа аҿықәахьгьы. Урҭ Бырзентәыла ацара-аара ргәы аныҧнаҵәа, араҟа иаадыртит, анаҩс "супермегамаркет" ҳәа адунеи иалаҵәаз ахәаахәҭырҭатә ханқәа.

Иазгәаҭатәуп, жәытәнатәаахыс Амшын Еиқәа аҧшаҳәа ишаднаҧхьалоз атуристцәеи аҧсшьаҩцәеи. Усҟан атуризм аҩаӡара рацәак иҳаракымызт аха ахарџьқәа рацәаны иацын. Апутиовкақәа зхы аҭәашьара зылшоз аҳцәеи ар рҧызацәеи ракәын. Урҭ шьцылараны ирыман атуристтә круизқәа рымҩаҧгара.

Амҩахь амықәшәатәқәа ирықәымшәарц архәҭақәа рышьҭаҧало ирыцын. Акруизқәа ирылахәыз рзы еиҿыркаауаз алахҿыхратә усмҩаҧгатәқәа рҳәаа ҭшәацәан: ақалақьқәа рымпыҵахалара, абаагәарақәа ргәыдлара, зыхкы еиуеиҧшым аибашьрақәа.

Аҳцәеи ар рҧызацәеи қьабзны ирыман иргәаҧхоз адгьылқәа дара рыҧсшьарҭатә ҭыҧқәа рхыҧхьаӡалара, аҭыҧантәи ауааҧсыра маҷк иргәамҧхозаргьы. Ҿырҧштәыс иааҳгозар, абырзенцәеи, Мрагылара ҷыдала иазыҟаз урҭ раҧхьагылаҩ Алықьсандр Филип-иҧа Македониатәии иргәаҧхон Џьамтәыла анеи-ааирақәа.

Дук хара имгакәа, аҳ, А. Ф. Македониатәи Џьамтәыла даныҟоу аҩны дыҟоушәа игәы иабаларц, маӡа-аргама уи адгьылқәа итәитәуа далагеит. Рыцҳарас иҟалаз, ацашьа-аашьа иақәымшәо мрагыларатәи атәылақәа ишрыдхоз, абырзенцәа ирхашҭит дара рхатәы ҧсадгьылгьы шыҟаз.

Абырзенцәа џьамтәылатәи ауарҳалқәа ирылабылгьонаҵы, аҳәсахәыҷқәа ирышьклаҧшуанаҵы, аурымқәа имҳәаӡакәа Бырзентәылаҟа сасра инеит. Аурым легионқәеи урҭ рҧызацәеи Адриатикатәи амшын аҧшаҳәа ҧсшьарҭасгьы ишьҭырхит. Аха, даҽа рыцҳарак. Бырзентәыла аоливкақәа ишрыҵатәаз, аурымцәа ирызгәамҭаӡеит ртәыла аварварцәа ишырцәыргаз.

Аварварцәа усҟан иқәыҧшын, игаӡан азы аурымқәа ргәы иаанагеит: "ирбааит аҿар ацивилизациа захьӡу, џьара акы днарҵап, ҳара ҳаилаханаҵы ҳтәылагьы иахылаҧшып". Урҭ даара агха рыхьит – аҿар ахаангьы хылаҧшрада иааныжьлатәымзаап. Избанзар аварварцәа уаҟа еиқәдырҽаҽақәаз рырҽеира аурымқәа хҧаҟа-шәышықәса иадхалеит. Ирацәахеит ироуз ацәыӡқәагьы. Изгада урҭ? – аварварцәа мап ркуеит, раҿаҧҽрагьы иахьа уажәраанӡа аӡәгьы илымшац.

Хатәгәаԥхарала еибашьра иааз. - Sputnik Аҧсны
Агәыҳалалра ыҟанаҵ дыҟазаауеит ауаҩгьы

Нҵәашьа зқәымыз атуристтә круизқәеи, архәҭа, ахылҵшьҭрақәа, аҩныҟа амҩа рацәҟьаларақәеи алкаа рызуа, иақәнагоу ахәшьара аҭауа, урҭ аамҭақәа аҵарауаа "Ажәларқәа реиҭаҵра Ду" ҳәа ахьӡ ҧшӡа арҭеит. Усҟантәи атуризм аҩаӡара ахьысҳарақәа рҵәахырц акәхап…

Ҳақалақь-ҧсшьарҭа аҭоурых ҳазыгьежьуа, иҳәатәуп, абырзенцәеи аурымцәеи ирышьҭаррхны ҳаҧшаҳәаҿы ишыӡхыҵыз византиааи, агенуезцәеи, амонгола-ҭаҭарцәеи рахь ҳџьанаҭ-қалақь аӡбахә замхаҳәаз – агуннқәа. Урҭ раҧхьагьы ҳаҧшаҳәа шьахәла иргәаҧхахьан аҭырқәа-мпыҵахалаҩцәа. Аҭырқәцәа шәышықәсала џьашьахәыс ишьҭыхны ирыман аҭыҧантәи аҧсабара, ашәыр, аҩы, нас рҭырқәаблақәа ҭыгга, рыҿқәа аартны иззыҧшуаз аҭыҧҳацәа.

Усҟан Ҭырқәтәыла амода аиндустриа иалан амегауадалықьқәа рныҟәгарақәа. Уи инамаданы, иццакыццакуа ҳаҧшаҳәахьы рхы дырхеит ақьаҕьариацәа рагенствақәа русзуҩцәа. Ҳазлацәажәо аамҭазы аилахәаахәҭра уадаҩамызт. Арҧызба аҟәара ишьапы шаақәиргылаз еиҧшҵәҟьа ажәазаҵәык иҳәон "иаазшә…". Уи иаанагон; "ишәымоу атауар ансышәмырба, зегьы шәааидкыланы қьаранџьцәас шәызгоит". Аҵак дуӡӡа змоу ари ажәа заҳаз анхацәа – ауарҳалқәа, ажәқәа, акәыҭқәа, уҳәа убас егьырҭ атауарқәагьы рцәыргара иалагон, аха аҭырқәцәа зышьҭаз иҧхашьаны, ишәаны ибналан ашьхаҟа зшьапы зҽазыргоз аҭыҧҳацәа ракәын.

Зхы зымаҧагьаз аҭырқәцәа, аҭыҧҳацәа реиҧш, имҵарсны ирго иалагеит рнапы иаамҧыхьашәоз зегьы – абна, агыгшәыгқәа, аргыларатә маҭәахәқәа, абылтәы, афымцатә цәаҳәақәа уҳәа убас егьырҭгьы. Мыцхәы зхыҧхьаӡара рацәахаз аҭырқәцәа аҭыҧантәи ашьхарыуаа рконституциатә зинқәа еиларго иалагеит, еиҳараӡакгьы ртауар аҭира азин рымҭакәа, дара амала иахьыргоз азы.

Уи иахҟьаны иҟало иалагеит аҭыӡшәақәа, аиҿагыларақәа, аибапҟарақәа. Усҟантәи адунеи ауаажәларреи, амассатә хархәагақәеи аҭырқәцәа ргәымхарақәа рнацәкьарақәа ирылҧшны иахьрыхәаҧшуаз иахҟьаны ҳаҧшаҳәаҿы хышә шықәса ахынҭаҩынҭарақәа еихсыҕьуамызт.

Раҧхьаӡа рычҳара хыжжит аурысцәа. Урҭ ааигәа инхон азы, ргәы ҧнаҵәеит иахьахәлаанӡа Амшын Еиқәа аҧшаҳәаҟынтә ирызнеиуаз аҕьбжьқәеи, ацәҳарақәеи. Дара ирҭахыз даҽакын – ашьхарыуаагьы ҧыҭраамҭак адунеи иааланыҟәарц.

Дмитри Габелиа. - Sputnik Аҧсны
Габелиа: ахәынҭқарра зыргыло аекономика акәӡам, ажәлар рҟазшьеи рдоуҳамчи роуп

Убас зны, аурысқәа аакылсын аҭырқәцәа рхацәа иқәсит, ашьхарыуаа ныҟәара идәықәырҵеит. Аҭырқәцәа гәааит, насгьы ицаны усҟан адунеи аҿы аҧҟарақәа рхәыцра иазҟазаз афранцызцәеи англызцәеи рҿы ацәгьа рҳәеит. Аҵыхәтәантәиқәа ирҭахымхеит ҭырқәцәақәак рзыҳәа аибатыҟра рхы алагалара, рыҩнашәқәеи рҧенџьырқәеи адыркын, аҩны ҳаҟаӡам рҳәеит. Аҭырқәцәа иаанкыланы ирымаз адгьыл ааныжьны ицар акәхеит.

Ари аҩыза аҭагылазаашьаҿы, атәым усқәа зхы рылажьра бзиа избо англызцәа иҭацәыз аҧшаҳәа цәгьа ирымбо иалагеит. Уимоу, ари адгьыл аанкыланы измаз аҭырқәцәеи ҳареи ҳаиуацәоуп ҳәа аҩнусбарҭа аҟынтәи апарламентбжьаратә ассамблеиа амҳәыр аарханы ашәҟәқәа цәырыргеит, аха англызцәа аӡәгьы рыгәра изымгеит, избанзар рҧынҵақәа аҭырқәҧынҵақәа иреиҧшмызт, рышәҟәқәагьы ҧаршеины еиқәыршәан. Метрак аҟарагьы англызцәа аӡәгьы дырзымжьеит.

Аҵыхәтәан, абарҭ аибарххарақәа рҿы аиааира ргеит аҭыҧантәи ауааҧсыра. Рыдгьыл даҽазны аӡәгьы ирымаимкырц аҧшаҳәаҿы абаақәа дыргылеит, абзарбзанқәагьы рхәыцит.

Ашықәсқәа наскьон, аҭынчра аҽарҕәҕәон, аҧшаҳәа ҿион, ашьапы иқәгылон. Нап аркхеит ақалақьқәа реиҭашьақәыргылара, урҭ рҿы атуристтә базақәа рыргылара. Ауаатәыҩса арахь иаауан иҟоу-иану рбарцаз, рыҧсы ршьарцаз".

Абраҟа иҿахҵәоит Амшын Еиқәа аҧшаҳәа иазку ҳара иаҳҧыхьашәаз ажурнал "Сатирикон" идырым адаҟьақәа.

Ҳазлацәажәо амшын аҧшаҳәа ҳаамҭазтәи аҭоурых акәзар, уи иануп ишьахәу, аҧхьаҩцәа зегьы ирабжьаҳго, еиҳа ииашоу адаҟьақәа. Ари аҩымҭаҿы ҳамшын аҧшаҳәа аҭоурых маҷк "иаҳцәеилахәазаргьы", уи зыҟаҳҵаз еиҳа ииашоу аҭоурых шәазхьаҧшырц азоуп. Усҟан ари аҩымҭагьы ахықәкы нанагӡоит…

Ажәабжьқәа зегьы
0