Иаҳиа Акәтба: ҳара аԥсуаа ҳлеишәа, ҳаихаҵгылара аҩыза аӡәгьы имам, егьыҟаиҵом

© Foto / Сырма АшәԥҳаИаҳиа Акәтба
Иаҳиа Акәтба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ, шәышықәса иазааигәоу Иаҳиа Акәтба еиҭеиҳәоит аԥсуаа ахҵәара ишақәшәази ишырхыргази ртәы, иара убас аԥсуара шеиқәдырхази атәы.

Аамҭақәак рзы Ҭырқәтәылаҟа ахҵәара иақәшәаз аԥсуаа ирхыргаз ауадаҩрақәеи, агәаҟрақәеи ртәы здыруа, аҭоурых аиҭаҳәара зылшо абыргцәа рхыԥхьаӡара еиҳа-еиҳа имаҷхоит. Аӡәык-ҩыџьак ракәзаргьы уи иахаану, иаҳзеиҭазҳәаша, уарла-шәарла иаҳԥылоит. Шәышықәса иазааигәоу, Ҭырқәтәыла, Измиҭ азааигәара иҟоу Ҭуҭунчефлиқ аҭыԥаҿы инхо Иаҳиа Акәтба иаб, Аԥснынтә Ҭырқәтәылаҟа ахҵәара иақәшәаз дреиуоуп. Анаҩстәи иҿиарагьы атәым дгьыл аҿы акәхеит. Иаҳиа, Аԥсны аӡбахә цәгьа ихьааго, иабдуцәа зықәшәаз аҭоурых ашьҭа дхыланы ҳацәажәара хациркит:

Берзеқь Кәыџԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Берзеқь Кәыџԥҳа: ҳабдуцәа ахьықәҵыз адгьыл сызнеир, избар - џьанаҭ сымцоз

"Кәыдырхәа, Кәыдаа рхәы ахьӡын ҳара ҳахьынхоз ақыҭа. Аҽԥыхәаа, Арҩыҭаа, Аҵанбақәа еидтәалан. Нас, Аԥсны агәаҟрақәа рацәаны иҟалеит, аибашьрақәа мҩасит. Аԥсуаа рыхәҭа дук Ҭырқәтәылаҟа ихҵәеит. Зегьы иаразнак ала егьзымааит, гәыԥ-гәыԥла аӡыӷба иаанагеит. Синоп, Самсун, Кьефқьен, Кара дениз уҳәа Ҭырқәтәыла амшын агаҿақәа рҟны иӡхыҵит. Аҳәынҭқар ара атәарҭақәа риҭеит. Иӡхыҵыз аԥсуаа аҭырқәшәа рыздыруамызт, ара цәгьала имҩасуа иалагеит ихҵәаз аԥсуаа рыԥсҭазаара.

Аԥснытәи ақыҭақәа иреиԥшыз анхарҭа ҭыԥқәа ирышьҭан. Ицәгьами уԥсадгьыли ужәлари урылҵны атәым дгьыл ақәынхара. Ирымаз-ирыхӡыз зегьы ааныжьны, рцәамаҭәа ада акрымамкәа Ҭырқәтәыла иқәнагалеит. Сара саб даазгаз аӷба 400-ҩык ауаа ҭан. Аухаҵәҟьа инканаԥсаны, ихынҳәны шьҭахьҟа ицеит. Аӷба ианааҭыҵ, инаԥшааԥшуа ишнеиуаз хаҳәра хәыҷык рбеит, ианазааигәаха аӡы ыҵхәраа ицон. Аҵла ацәа ахыхны, аӡыхь хәыҷы ихҵаны, иржәуа иҟарҵеит, идырҭбааит.  

Акәымжәы акәыршаны, ашьаҟақәа ргыланы, чуанла аӡы ршны, аҳәсақәа  уи нарықәырҭәо иҟарҵеит. Ари ахҭыс ахьымҩаԥысуаз Синоп акәын. Анаҩс, Синоп иахылаԥшуаз дырбар рҭаххеит. Арахә зыхьчоз рбеит, аха бызшәала изеилибакаауам. Ирыулак, аиҳабы дырбар шырҭахыз рарҳәеит. Ахьчацәа ирыбзоураны, Синоп иахылаԥшуаз ихьӡала аӡәы дырзааит, аԥсуаа рхы-рҵыхәа ҽеила еилыркаарц. Ажәа рниҵеит аиҳабы дук хара имгакәа дшырԥыло. Ахацәагьы аҳәсагьы ԥсыуа маҭәала рҽеиларҳәеит.

Наиме Барцыц - Sputnik Аҧсны
Наиме Барцыцԥҳа: сылақәа ирбаз ала, сгәы раҳаҭӡа сыҟоуп

Аиҳабы данааи, ԥсыуа ҵаслаҵәҟьа иԥылеит. Аҭыԥҳацәа ракәзар иԥшӡаӡа, рмаҟа ҟьаҟьақәа рымӷаҵаны, рыбӷаӡарақәа еиҵыхны, рыхцәқәа шьқьыруа ирықәҵаны убас  еиԥш рхы цәырыргеит. Ари збаз аиҳабы, Ҭырқәтәыла иахылаԥшуаз аҳәынҭқар иаразнак адырра ииҭеит. 

"Џьоукы ҳзааит, иаҳбахьоу шьоукы ракәым, реилаҳәашьа, реилацашьа, рхымҩаԥгара уҳәа, зегь рыла убла хыркратәы иҟоуп". Анаҩс, аҳәынҭқар азин ҟаиҵет арҭ ауаа дара иахьырҭаху аҭыԥқәа рҿы анхарҭақәа рыла еиқәдыршәарц. Егьа ирцәыуадаҩхазаргьы, маҷ-маҷ анхара напы адыркит.  

Ҳажәлар аџьықәреиҵәҟьа злаларҵоз рымамызт. Аҵлақәа ирулак ихшьааны, аҵәаҟьақәа ҟаҵаны адгьыл бӷьаҭны аџьықәреи хәыҵарыҳәҳәон. Ахәӡы бысҭа ҟарҵон. Алу напыла идыргьежьуаз рыԥшааит. Аԥснынтә иааргаз аџьықәреи хәыҷқәа ааилаԥсаны, илаганы, бысҭас иҟаҵаны, иларҵаз аадрыхаанӡа, убриала рхы ныҟәыргеит. Убас, анахьынтәи арахьынтәи иааз, ишнеи-неиуаз еибадырит. Убарҭ раԥхьа иааз, 1884 шықәса азы, Кандра ахьырҳәоз иӡхыҵит, аԥсуааи азахәқәеи (адыгаа) еиланы.

Ҳаԥык аҿы иахьыԥхьаз, рнапылаҩырақәагьы аанханы иҟоуп. Аџьамыӷәа цәгьа рхыргеит. Ахьҭа, амла, ачымазара бааԥсқәа рызхымгакәа иԥсқәаз ҟалеит. 1941–ҩык аамта кьаҿк иалагӡаны анышә иарҭеит. Ауаа зларжуаз амаҭәахә рымамызт. Зыԥсахәага ҭаны иаанхаз рымчқәа каԥсахьан. Иаҳзымдыруа егьа хлымӡаах рхыргагәышьеит.

Ишнеишнеиуаз ахеилакқәа аԥырҵо иалагеит. Аԥсҳәаа рҟынтә 15-ҩык алырхит, ахҷыԥсаа 10-ҩык алырхит, ахылҵысқәа рҟынтә 11-ҩык рылҵит. Рыззегьы рҽеизырган рыхшыҩқәа еиларҵеит. Ажәла ҟарҵеит. Ажәлақәа убасҟан иршеит. Аҳ уаҳыз рҳәеит, аамсҭа уаамысҭоуп рҳәеит, анхаҩы унхаҩуп рҳәеит. Еизаны азакәанқәа аныҟарҵа, ақыҭақәа рҟны аиҳабацәа алырхит.

 Урҭ ирҳәоз иазыӡырҩуан. Ахеиқәырхаразы ахара иҟаз ақыҭақәа ирықәланы идырҳәуан. Усҟан мҩаныфас иныҟәыргоз аҳампал акәын, ацхаӡала иркәаҳауан. Рыԥсы аныршьоз ирԥханы ирфон. Ранацәа ирҩаны ирырҭон.  Аԥсуаа арахь ианаауаз агырцәа рыманы иаауан. Урҭ тәыс иҟарҵон. 

Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Аллиаҭин Агрба - Sputnik Аҧсны
Аллиаҭин Агрба: ажәытә аԥсуаа аԥсуара шныҟәыргоз ус ҿык-бзык ала иузеиҭаҳәарым

Саԥсыуоуп аҳәара иаҵанакуа даара ирацәоуп. Аԥсуаа аԥсшәа еибырҳәоит, лаҵархәыла еихәаԥшӡом, лахаала иԥшуеит, аԥсуа ззырҳәо убри иоуп. Иахьа, аҭаца лыҩны дақәиҭуп, ланхәа иллырбаз ала дныҟәоит. "Сыԥҳа боуп иахьарнахыс, бахьаадәылҵызи, бахьаанагази аҭаацәа рыҟазшьа еиԥшӡам, бызланагалаз бырнаалароуп", ҳәа лабжьылгон.

Аҭацагьы, анхәа лажәа ҩбамтәқәа илалҳәаз аԥҟарақәа дрықәныҟәон. Ҳара аԥсуаа ҳлеишәа, ҳаихаҵгылара аҩыза аӡәгьы имам, егьыҟаиҵом. Аԥсыуа ҭыԥҳак абра дтәазар, амҩан шьоукы ыиасуазар, иаразнак лҽеикәаԥсаны днархаҵгылоит. Ус лаԥсуара илыднаҵоит, аԥсуа леишәа ус аҳәоит. Аԥсуа акамбашь ҵаикӡомызт, аԥсуа цәы ҵаикуан, аԥсуа еиԥш ираӡоуп, иахьтәо уанавалалак, аӷьеиҳәа иҩагылоит. Акамбашь ҵазкуа аҭырқәа иоуп, аӡы иалатәоушәа изазамазо иахьтәо егьгылом.

Аҽы, Анцәа ҳазшаз зегьы ирзикит, аха адыгақәеи аԥсуааи шҽыжәло, уаҩ дызҽыжәлом. Аԥсуаа еиҳабыла, еиҵбыла еидтәалоит, досу иара ихатә ҭыԥ имоуп. Аԥсуа иныҟәашьала дыудыруеит, аԥхәыс пату лықәиҵоит, аԥсуа ԥхәыс аӡә дыԥсыр дшәаџьҳәаҩуп. Аԥсуа ԥхәыс аҩнада акгьы дагьазкым. Уи азы даара ҳаҭыр лықәырҵоит.  

Ҳазшаз ҳикәыхшоуп. Аԥсныҟа, ҳаԥсныдгьыл иқәынхо зегьы асалам рзысышьҭуеит. Ҳара ҳабацәа, ҳабдуцәа анышә иахьамо иныҟәызго, изыхьчо Аԥсны иҟоу аԥсуаа роуп. Срыкәыхшоуп!"

Ажәабжьқәа зегьы
0