Аллиаҭин Агрба: ажәытә аԥсуаа аԥсуара шныҟәыргоз ус ҿык-бзык ала иузеиҭаҳәарым

© Foto / Сырма АшәԥҳаҬырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Аллиаҭин Агрба
Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Аллиаҭин Агрба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуаҩ Аллиаҭин Агрба иеиҳабацәа рҿынтә иаҳахьаз аԥсуа жәабжь игәалаиршәоит.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Аллиаҭин Агрба Ҭырқәтәыла деиуоуп. Имаҷым еиҳабацәа рҟынтә иаҳахьоу ажәабжьқәа, аԥсҭазаараҿы узықәшәо ахҭысқәа, жәлар рҿаԥыцтә ҳәамҭақәа. Урҭқәа зегьы бзианы игәынкыланы имоуп Аллиаҭин.

"Сеиҳабацәа рҟынтә исҵаз ахәыҷы шәзынеиҭасҳәап. Ажәытә аԥсуаа аԥсуара шныҟәыргоз ус ҿык-бзык ала иузеиҭаҳәарым. Аԥсуа ҵасқәа ирықәныҟәон. Аиҳабацәа еидтәаланы ицәажәозар, "шәааи" рымҳәакәа рааигәа ҳнеиуамызт. Уажәы урҭ аамҭақәа гәыблыла иаҳгәалаҳаршәоит, цәгьа ҳазыхьуеит. Аԥсуара уеиқәнархоит, иуызныҟәгар, уԥсҭазаара арԥшӡоит. Ацәгьа абзиа рныҟәгара ахатә ԥҟарақәа рымоуп. 

Ешьреф Гындиа. - Sputnik Аҧсны
Ешьреф Гындиа: зегь реиҳа сгәы ҭызшьаауаз ҳамҭан - аԥсуа нбан

Иаҳҳәап, аԥсуаа ачара шԥамҩаԥыргоз, ишԥахәмаруаз? Уи аҟаҵашьа ԥшӡаны иақәшәон. Уи уажәы иҳацәмаҷхо иалагеит, егьырҭ амилаҭқәа рҟазшьа ананыԥшуагьы ыҟоуп. Аҭацаагара, ачараура изку хҭыск уажәы ишәзеиҭасҳәап, иҳәан Аллиаҭин иажәабжь дналагеит:

"Аҳ иԥа ԥҳәыс дизааигарц иӡбеит. Ар ааизиган ҭацаагара ишьҭит. Аҭаца дрыманы ишааиуаз, ақыҭа ианалалоз шьоукы рықәшәеит. Урҭ цәмаакы ԥхьаҟа иҵакны, даҽа цәмаакы шьҭахьҟа иҵакны, ауардын амҿы ақәҵаны игылан. "Иҟашәҵоузеи?", — анырҳәа, аҳ амҿы изаҳгоит рҳәеит. Цәыбӷак ԥхьаҟа иахон, цәыбӷак шьҭахьҟа иахон. Ауардын ахьгылаз акәзар, еиҭамҵуа ус игылан. "Ас еиԥш аҳ амҿы шԥаизыжәго", анырҳәа, ус ҳақәшәеит, иаҳгароуп рҳәеит. 

Ус ар рымҩа инықәлеит ԥхьаҟа. Иԥшызар, ҽыуаҩ хаҵак аҽы ҩааҵәак аџьықәреи ақәҵаны аӡлагарахь игозаап. Ааҵәақәа рыҵа кылҵәазаарын, аџьықәреи карҳәҳәы иманы ацара даҿуп. "Уанаџьалбеит, уџьықәреи карҳәҳәы ацара уаҿуп", — анырҳәа, аҳ ачара иуеит, ачара азхара аџьықәреи лаганы ашыла сырхиароуп иҳәеит. "Аӡлагарахь унеиаанӡа, уџьықәреи зегьы нҵәашт, нас аӡлагарахь узцагәышьоузеи?", — анырҳәа, ҿымҭкәа даагылеит. Ар, рыла иабо рызхамҵо аҟынӡа инеит. 

Сақариатәи аԥсуаа рхеидкыла аиҳабы Орал Бганба - Sputnik Аҧсны
Орал Бганба: ҳаиҳабацәа иалырхыз амҩа ҳацәхьамҵроуп

Ишааиуаз ус, ҳәсақәак аӡиас ахықәан лыхәҭала аӡы атара иаҿуп. Лыхәҭала аӡы таны, аҳ ачара ахьиуаз аӡы ргап ҳәа иақәыркызаап. "Иҟашәҵоузеи?", — анырҳәа, аҳ ачара иуеит, аӡы изаҳгоит рҳәеит. "Ишәтаз аӡы иара аҭыԥаҿы шәышгыло инашәымпыҵӡаа ицоит, аҳ иҟынӡа изланажәгоузеи?", — рҳәан, ирбаз акыр ирзымбатәбарахеит. 

Ар, аҭаца дрыманы иааит, днаганы аҩны дныҩнадыртәеит. Аҳ иааигәа инеин: "Улылагәырӷьааит, лыхир убааит!", — рҳәеит. "Шәара шәахьцаз, ижәбаз-ишәаҳаз акы аасашәҳәар", — иҳәеит аҳ. "Аҳ, ухаҵкы, ҳара ақыҭа ҳаналалоз ҩ-цәыбӷак зкыз ауаа ҳрықәшәеит. Цәыбӷак ԥхьаҟа иахон, цәыбӷак шьҭахьҟа иахон, ауардын амҿы ақәҵаны игылан. Иҟашәҵоузеи, анаҳҳәа?", — аҳ амҿы изаҳгоит рҳәеит.  

"Шәнеины иаажәгаз аҭаца шәлазҵаа, ас зыҟарҵаз лдырыр ара даанхоит, ианылзымдыр, дахьаажәгаз дыжәгоит", — иҳәеит аҳ. Уантә ҳандәықәла, аӡлагарахь ицоз аӡәы ҳнаихҭыгәлеит, иааҵәақәа ирҭаз аџьықәреи карҳәҳәы ацара даҿын. "Иҟауҵозеи?", — анаҳҳәа, аҳ ичаразы аџьықәреи слагоит иҳәеит. "Уигь зызку шәнеины аҭаца шәлазҵаа", — иҳәеит аҳ. Уигьы азмырхакәа, ҳшааиуаз аҳәса лыхәҭала аӡы атара иахьаҿыз ҳнарыдгылеит", — рҳәеит аҭаца даазгоз ар. "Ус акәзар, уигьы зызку аҭаца шәлазҵаароуп", — иҳәеит аҳ. Илдырыр арҭқәа змааноу ара даанхоит, ианылзымдыр дахьынтәиаажәгаз дыжәгоит, еиҭашәасҳәахуеит", — иҳәеит аҳ. 

Есымша зыԥсадгьыл згәы иҭоу аԥсуа ҳәсақәа ражәа
 

Ар рыхәҭак ауардын ахьырбаз аҭыԥ ахь ицеит, рыхәҭак аҭаца лахь инеит. Инеины иахьыналазҵааз, атаца аҭакс ус ралҳәеит:

"Аҳ Анцәа дисасуп, шәаргьы Анцәа шәисасуп, ари ишәзымдыруа акы акәым, сԥышәшәарц шәҭаххазар акәхап, сара издыруа ахәыҷы схәап, ииашазар сынхап, иашамзар мҩакы сықәышәҵап. Ақыҭа шәаналалаз ижәбаз ҩ-цәмаакы зызку, сыззааз ауаҩы дахьцо сивагылоуп ауп. Иара арахь дахо, сара арахь сахо иҟоу сакәым. Иуҳәо ҟазҵо среиуоуп. Аџьықәреи карҳәҳәы ицоз ихҭыс шәазҵаауазар, аҳ иҟнытә краҳфандаз, акраҳжәындаз ҳәа иҟоу џьоукы ракәым, урҭ рызхара дара ирымоуп, арантә акагьы зго ҳреиуам. Аҳ уи дацәымшәааит. Лыхәҭала аӡы аазгоз аҳәса рхымҩаԥгара акәзар, уи изҭауҭәо зкылымсуа, иуҳәо гәнызкыло ҳәа акы ыҟоуп. Сара иуҳәо заҳауа, иуҳәо гәнызкыло аӡә соуп. Слымҳа аруак иҭаланы, егьи аруак ала иҭыҵӡом. Ус иҟоу ауаа сырхылымҵӡеит. Аҳ уи гәырҩас иҟаимҵааит", — лҳәеит аҭаца. 

Ар, ираҳаз ааганы аҳ иарҳәеит. Нас шәгәы ишԥаанагеи, уи лгәеилгара сзымдыруазтгьы, сара уи ҭацас даазгарымызт. Иаазгаз сҭаца дшыҟоу шәсырдырразы ауп шәзысышьҭыз. Шәчара аҽазыҟаҵара шәалага, шәчара шәақәиҭуп", — иҳәеит ахара иԥшуаз аҳ. 

 

Ажәабжьқәа зегьы
0