Аграрии-ҿарацәа Ҟабарда-Балкариа аԥышәа иахысуеит

© Фото : Дарья Бакир-ОглыАԥснытәи астудентцәа хәымш рыҩныҵҟа Ҟабарда-Балкариа ақыҭанхамҩатә ԥышәа рҵон.
Аԥснытәи астудентцәа хәымш рыҩныҵҟа Ҟабарда-Балкариа ақыҭанхамҩатә ԥышәа рҵон. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университети Ҟабарда-Балкариатәи аграртә университети рыбжьара анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Аԥснытәи астудентцәа хәымш рыҩныҵҟа Ҟабарда-Балкариа ақыҭанхамҩатә ԥышәа рҵон.

АҞӘА, цәыббра 16 — Sputnik, Анжелика Бениаԥҳа. Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә университети Ҟабарда-Балкариатәи аграртә университети рыбжьара анапы зҵаҩу аиқәшаҳаҭра инақәыршәаны Аԥснытәи астудентцәа хәымш рыҩныҵҟа Ҟабарда-Балкариа ақыҭанхамҩатә ԥышәа рҵон.

Хәымш рыҩныҵҟа дара ақыҭанхамҩаҿ абизнес амҩаԥгашьаз анаплакуаа аекспрес-курс рзымҩаԥыргеит, ақыҭанхамҩа ааглыхрақәа ирҭааит, анаукатә еилацәажәара рхы аладырхәит. Абри атәы Sputnik иазеиҭалҳәеит аделегациа анапхгаҩы, ААУ арҵаҩы Дариа Бакир-оӷлы.

Мчыбжьык аҩныҵҟа Валери Коков ихьӡ зху аграртә университет аекскурсиақәа рзымҩаԥнагеит еиуеиԥшым ақыҭанхамҩатәи ааглыхратәи еиҿкаарақәеи анаплакқәеи рахь.

Апрактикахь ишьҭын ААУ агроинџьинертә факультет астудентцәа.

"Ҳара уахь ҳцара хықәкны иаман – аҵарадырра. Иаҳҭахын ҳастудентцәа ирбарц атехнологиа ҿыцқәа, иахьатәи аамҭаз ахархәара змоу амыругақәа", — лҳәеит Бакир-оӷлы.

Аԥснытәи аделегациа ашәҭшьыҵәрақәа шьҭарҵеит Аԥсны ашҭаҟны игылоу абаҟа аҿаԥхьа, ирԥылеит Аԥсны хатәгәаԥхарыла иааны еибашьуаз, ирбеит Нальчик аҭыԥ ԥшӡаррақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0