00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
2 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
2 мин
13:59
1 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Инструкция по применению
14:57
2 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
18:28
2 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Ҳара ҳжәар
21:28
2 мин
Новости
21:31
3 мин
On air
08:00
30 мин
On air
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
Ихадоу атемақәа
13:06
10 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
10 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Аԥсуа сахьаҭыхыҩцәа Ҟрым арт-кластер "Таврида" иҟоу амҿтәы ҩны дырԥшӡеит
13:48
8 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:07
10 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Хәаԥ ақыҭан инхо 111 шықәса зхыҵуа Ҭина Бебиаԥҳа лҭоурых

© Foto / Сырма АшәԥҳаХәаԥ ақыҭан инхо 111 шықәса зхыҵуа Ҭина Бебиаԥҳа
Хәаԥ ақыҭан инхо 111 шықәса зхыҵуа Ҭина Бебиаԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
"Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны" имҩаԥнаго, шәышықәса инареиҳаны изхыҵуа абыргцәа ирызку апроект "Ақәранҵыра" аҳәаақәа ирҭагӡаны, афонд ахаҭарнакцәа Ҭина Бебиаԥҳа аҳамҭақәа рыманы илҭааит. Урҭ рхыԥхьаӡараҿы иҟан ателевизор, иара убас агәаларшәагатә маҭәахәқәа.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Згәашьамх ӷәӷәоу, зыхшыҩ цҳафыруа иҟоу, алафҳәара бзиа избо Ҭина Каҷа-иԥҳа Бебиа лылаԥшҳәаа ахара инаӡоит, ауаа рацәажәара бзиа илбоит. Абар уи илҳәо: 

"Сара сиит Гәдоуҭа араион Хәаԥ ақыҭан. 100 шықәса сшырҭыхьоугьы сгәабзиара сахашшаауам, еснагь сгәалаҟазаара бзиоуп, уимоу, амҵәыжәҩақәа сымазар ажәҩан ахь сԥырратәы сыҟоуп. Хҩык аҭыԥҳацәа срануп, фҩык амоҭацәа срандууп.

Иахьа уажәраанӡа схатә џьабаала сынхоит-сынҵуеит, анхара аус аҟны изласылшо ала сҭаацәа срыцхраауеит. Сара, Едуард Бебиа ихьӡ зху аҳәынҭқарратә акәашаратә ансамбль "Шьараҭын" аҟны аус зуан, ансамбль алахәцәа рымаҭәақәа ҳуанҭон сыԥҳаи сареи.

Аҳәаанырцәтәи атәылақәа жәпакы сырҭаахьеит. Аха, излазбаз ала, Аԥсны еиӷьу џьаргьы акгьы сымбац. Ҳаԥсуа чыс мацара зыԥсоузеи?! Ҳара ҳаԥсадгьыл ишахәҭоу пату анаҳзақәҵа, еиӷьу ыҟаӡам. Аԥсуара уанахамыҵгыла уарԥхашьоит. Сгәы иалоуп ҳҿар машәырла иахьҭахо, ргәабзиара иахьамеиҷаҳауа, арҩашьыгатә маҭәашьарқәа ахьрыдыркыло. 

100 шықәса зхыҵыз Дочиа Илиа Шәлиман-иԥа - Sputnik Аҧсны
100 шықәса зхыҵыз Дочиа Илиа Шәлиман-иԥа идырныҳәалеит
 Ҳара аибашьра иацәынхаз жәлар маҷуп, ҳаҿиароуп. Ҳазшаз Анцәа ду сиҳәоит ҳаԥсуа жәлар абзиара рԥеиԥшны иҟаиҵарц, цәгьара рзааимгарц, ҳаԥсуара ҳмырӡырц. Сара ажәытә аамҭа сахаануп, зеиԥш еихаҵгыларааз иҟаз, нан, усҟан?! Ас еиԥш иҟамызт аамҭа, амамзаарақәагьы ыҟан, аха аԥсуа ҭаацәарақәа ахшара рацәа рааӡон, мацқьа-шьацқьа рхы ныҟәыргон. Уи еиҳау иарбан беиароу иҟоу?  

Сыуаажәлар агәабзиара рымазарц сҭахуп. Сара еиуеиԥшым ачымазарақәа ԥсыуа хәшәыла исхәышәтәуеит, аҭәҳәақәа ҟасҵоит, ақыҭаҿы ныҳәаҩыс ирымоу сара соуп. Сасра исҭаауа ауаа рацәаҩуп. Урҭ рацәажәара бзиа избоит, уи ала сыԥсы ҭоуп. Сықәра амаӡақәа ируакуп гәыла амажәра, еснагь алахҿыхра, алафҳәара.  

Сыуаажәлар срықәныҳәоит. Аԥсуа жәлар ҳахьӡ адунеи иалаҵәо Анцәа ду иҟаиҵааит! Ҳара даҽа милаҭқәак ҳазлареиԥшым аҟазшьа ҷыдарақәа ҳамоуп. Урҭ ҳхаҳмыршҭлароуп. Аибашьра иалаӡыз маҷҩума, нан. Уаҳа уи аҩыза ҳхәыҷқәа ирымбааит.Ҳбызшәа атәым бызшәақәа алаҵаны ианцәажәо бзиа избом. Ҳаԥсшәа шаҟа иԥшӡоузеи. Уаԥсыуаны уи узымдырыр ҟалоума, даара иԥхашьароуп. Анцәа илаԥш хаа шәхызааит! Сара саҟара ҩба-хԥа нышәҵааит!". 

Ажәабжьқәа зегьы
0