00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
00:00
01:00
02:00
03:00
04:00
05:00
06:00
07:00
08:00
09:00
10:00
11:00
12:00
13:00
14:00
15:00
16:00
17:00
18:00
19:00
20:00
21:00
22:00
23:00
08:30
31 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:02
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
Ихадоу атемақәа
13:32
13 мин
Ҳазлацәажәаша ҳамоуп
Амилаҭтә чыс иазку Виолетта Аҩӡба-Рудаҭ лышәҟәы еиҭаҭажьуп: автор лыҿцәажәара
13:45
11 мин
Новости 14.00
Главные темы
14:08
10 мин
Посредник
Болезни животных, птиц и внешние угрозы. Разговор с главным ветврачом Абхазии
14:18
25 мин
Новости 14.30
Главные темы
14:33
10 мин
Такие обстоятельства
Российские госзаказы для абхазского бизнеса: возможности и реальность
14:44
26 мин
Ажәабжьқәа
Ихадоу атемақәа
18:06
10 мин
On air
18:16
11 мин
Иактуалтәу ахҳәаа
Гәдоуҭа ақыҭақәа рҿы аӡы азҵаара аамҭала иӡбоуп: анџьныр хада иҿцәажәара
18:28
12 мин
Новости
Главные темы
18:37
12 мин
Актуальный комментарий
Выборы в Госдуму РФ: почему голос Абхазии имеет значение
18:49
10 мин
Ажәабжьқәа 13:00
13:01
3 мин
Ажәабжьқәа 13:30
13:31
3 мин
Новости 14.00
14:01
3 мин
Новости 14.30
14:30
3 мин
Ажәабжьқәа
18:01
3 мин
Новости
18:31
3 мин
Ажәабжьқәа
21:01
3 мин
Новости
21:31
3 мин
ИацыИахьа
Аефир азы
ақ. Гагра101.3
ақ. Гагра101.3
ақ. Аҟәа103.2
ақ. Гәдоуҭа105.9
ақ. Очамчыра100.7
ақ. Тҟәарчал102.5
ақ. Пицунда101.7

Гаграа иазгәарҭеит Аиааира 23 шықәса ахыҵра

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГаграа иазгәарҭеит Аиааира 23 шықәса ахыҵра
Гаграа иазгәарҭеит Аиааира 23 шықәса ахыҵра - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Цәыббрамза 30, Аиааира амш аҽны Гаграа иргәаладыршәеит Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра зхы ақәызҵаз аҵеицәа.

ГАГРА, цәыббрамза 30 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Цәыббрамза 30 рзы, Аиааира амш аҽны Гагра ақалақь Ахьӡ-аԥша абаҟа аҿаԥхьа имҩаԥысит ашәҭ шьыҵәрақәа рышьҭаҵара ацеремониа. Еизаз зегьы иргәаладыршәеит, аибашьра хлымӡаах иалаӡаз аҵеицәа.

Абаҟа амҵан ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵеит аибашьра аветеранцәа, иҭахаз рҭаацәа, Гагра араион анапхгара, анаплакқәеи аусбарҭақәеи реиҳабацәеи рхаҭарнакцәеи, ашколхәыҷқәеи астудентцәеи, ауаажәларреи ақалақь иаҭааз асасцәеи.

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаГаграа иазгәарҭеит Аиааира 23 шықәса ахыҵра
Гаграа иазгәарҭеит Аиааира 23 шықәса ахыҵра - Sputnik Аҧсны
Гаграа иазгәарҭеит Аиааира 23 шықәса ахыҵра

Ашәҭ шьҭаҵара ацеремониа анаҩс имҩаԥган амитинг.

209-ҩык Гагра араион иалҵыз аибашьцәа Аԥсны рхы ақәырҵеит. Дара рыхьӡқәа хьтәы нбанла Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра аҭоурых адаҟьақәа рҟны иаанхоит.

"Иахьа Аԥсны иқәынхо зегьы иазгәарҭоит Аиааира амш. Гагра араион Ахадара рыхьӡала ишәыдысныҳәалоит ари агәырӷьаратә мшы. Араҟа иҟоуп аибашьраҿы иҭахаз аҵеицәа ранацәа. Сара шәҿаԥхьа схырхәо иҭабуп ҳәа шәасҳәоит, апатриотцәа дуцәа ахьышәааӡаз. Иахьатәи, шьала иҿыху ҳиааира иҵыхәтәантәизааит Аԥсны аҭоурых аҟны", — иҳәеит Гагра араион Ахадара аиҳабы ихаҭыԥуаҩ Геннади Ҵәыџьба.

Иҭахаз рҭаацәа, арҭ агәалашәаратә мшқәа раан, рхәыцрақәа ҩаԥхьа ихьадырԥшоит ашықәс еиқәаҵәақәа рахь.

"Ари Аиааира даара акраҵанакуеит аԥсуаа зегь ҳзы. Уи рыԥсы ахҭнуп зықьҩыла аибашьцәа. Ҳара агәра ҳгоит, еиҵагыло абиԥара рабдуцәеи рабацәеи шьала иҿырхыз аԥсадгьыл, ахаан аӡәгьы иширымҭо", — ҳәа азгәарҭоит иҭахаз ранацәа.

Гагра араион аҿар Рхеилак "Аԥсҭазаара" ахаҭарнак Алан Макоев еизаз зегьы Аиааирамш рыдныҳәало иазгәеиҭеит, иахьатәи аҭынч ԥсҭазаара ахә ҳаракны ишыршьо. Иахьа зыԥсы ҭаны иҟоу аибашьцәа Аиааира ду азы иҭабуп ҳәа реиҳәеит. Иҭахаз ракәзар ахаан рыхьӡ шдмырӡо иҳәеит.

Анаҩс амитинг аҟны ашколхәыҷқәа ирыԥхьеит апатриоттә жәеинраалақәа.

Ажәабжьқәа зегьы
0