Афон ҿыц ахәыҷбаҳча ргылахоит

© SputnikАԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәара
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәара - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәара мҩаԥысит аҩаша, жьҭаара 4 рзы.

АҞӘА, жьҭаара 4 — Sputnik, Бадри Есиава. 0,89 гектар рҟынӡа аҳәынҭдача "Афон ҿыц" иахьаҵанакуа адгьыл азоужьуп ахәыҷбаҳча аргыларазы. Абри аҩыза Ақәҵара аднакылеит Аԥсны Аминистрцәа Реилазаара аилатәараҟны. Аԥсны Аԥыза-министр Беслан Барцыц иажәақәа рыла Афон ҿыц ахәыҷбаҳча аргылара азыԥхьагәаҭоуп 2015-2017 шықәсқәа рзтәи аинвестициатә программа иаҵаркны.

Аҳәынҭдача иахьаҵанакуа ахәыҷбаҳча аргылара ԥсыхәа замамыз атәы иҳәеит Аԥыза-министр.

"Афон ҿыц иахьа ахәыҷбаҳча иаҵанакыша адгьыл алхра уадаҩуп", — иҳәеит иара.

Аԥыза-министр иазгәеиҭеит азҵаара атәыла Ахада иҟны ишалацәажәо, уи мап шацәимкыз.

Ахәыҷбаҳча аргылара иартәоит 144 миллион мааҭ. Аусурақәа ирылагараны иҟоуп 2017 шықәса актәи азыбжазы.

Ажәабжьқәа зегьы
0