Ҳашыг: Владислав Арӡынба идыруан аибашьра анеилгоз

© Sputnik / Томас ТхайцукАтелерадиоеилахәыра "Абаза-ТВ" адиректор, ажурналист Руслан Ҳашыг
Ателерадиоеилахәыра Абаза-ТВ адиректор, ажурналист Руслан Ҳашыг - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Ателерадиоеилахәыра "Абаза-ТВ" адиректор, ажурналист Руслан Ҳашыг Владислав Арӡынба изку игәалашәарақәа ҳацеиҩишеит.

Sputnik, Бадри Есиава 

– Руслан Мкан-иԥа, шәара Владислав Арӡынба акраамҭа аус ицыжәуан. Шәгәалашәараҟны дышԥаанхеи?

– Владислав Григори-иԥа ԥхьаҟа иԥшуаз уаҩын, цәгьала даартын. Шамахамзар иинтервиуқәа зегьы срылахәын. Ибзианы избон дзыҿцәажәоз ауаа шидихалоз. Шамахамзар аинтервиу иҽазыҟаиҵомызт. Изиазҵаауаз зегьы дазыҟаҵан. Нанҳәа 14, 1992 шықәса рзы аԥсуа жәлар рахь иҟаиҵаз аҳәамҭа ҭааҩуан. Ақәгыларазы иазырхиаз атекст данаԥхьа, игәамԥхеит. Иара уа ирҽеиит, аредакциа азиуит.

Жәларбжьаратәи афонд Аԥсны ахада Сонер Гогәуа. - Sputnik Аҧсны
Гогәуа: Владислав Арӡынба наунагӡа дԥызаны даанхоит

Уажә ихымԥаданы избоит аҵыхәтәантәи аредакциала иҟаҵаз уи аҳәамҭа. Иаҭахыз, аамҭа иақәшәоз ажәақәа ԥшаан. Аемоциа ҳарак зҵаз уи аҳәамҭа ажәлар иаразнак ргәаҟынӡа анеира алшеит.

Аибашьраан реиҳа иуадаҩыз аамҭаны исгәалашәоит цәыббра 3 рзы Москва имҩаԥысуаз аиԥылара. Усҟан зегьы ишрылшоз иара ишьамхныршлара рҽазыршәон. Ақырҭцәа ирҳәон ар ралгара ргәы ишҭам, избанзар урҭ дара рҵакырадгьыл аҟны ишыҟоу. Ар ҭыԥк аҟынтәи аҽа ҭыԥк ахь ииасит ауп, уаҳа акагьы рҳәон урҭ. Ельцин иакәзар, адокумент унапы аҵаумҩыр аԥхьаҟа иҟалашаз аҭакԥхықәра иаҵагыло уара уоуп ҳәа иеиҳәон. Арӡынба ҩеижәантә раҟара ажәа игеит, аха ииаша аӡәгьы игәаҟынӡа инеимгеит. Адокумент аҟны иарбан хатәгәаԥхарала Аԥсны еибашьуаз ԥсахыҩцәоуп ҳәа. Владислав мап ацәикит асеиԥш зныз адокумент анапаҵаҩра. Абри апункт аалрымхыр имуит. Насоуп инапы анаҵеиҩ. Уи аҽны ар ралгара алзыршоз алҵшәа ҟамлазаргьы, сгәы иаанагоит Владислав Арӡынба аиааира игеит ҳәа.

Руслан Ҳашыг иинтервиу шәазыӡырҩыр ҟлоит абра

– Аибашьраан еснагь ицызма аиааира ҳара ишаҳтәхоз азы агәрагара, мамзаргьы уи агәыӷра аныӡуаз ҟалалозма?

– Владислав Григори-иԥа знызаҵәыкгьы игәы иҭамшәацызт ҳаҵахар алшоит ҳәа. Ахааназгьы ицын агәрагара – аиааира ҳара иаҳтәхоит ҳәа. Исгәалашәоит марттәи ажәылара ашьҭахь аефир ахь ицәырҵра. Уи акыр иуадаҩын. Изныкымкәа избахьан аибашьраантәи ҳцәыӡқәа рзы адыррақәа данрыԥхьоз иҭагылазаашьа зеиԥшраз. Атәыла ду аҟны аибашьра анымҩаԥуго, шамахамзар иудыруа иԥсӡы анумаҳауеи иахьеи-уахеи узлагылаз ҭахеит ҳәа ануаҳауеи акырӡа еиԥшым. Ҳрыцҳара зегьы иӷрысуан, мцала дабылуан. Аҵыхәтәан уи игәабзиарагьы ҵнашәааит ҳәоуп ишысыԥхьаӡо.

Аԥсны Раԥхьатәи Ахада Владислав Арӡынбеи ҭырқәтәылатәи ҳџьынџьуааи реиԥылара - Sputnik Аҧсны
Аԥыза иажәа: Владислав Арӡынба Ҭырқәтәылантә иааз аделегациа ираиҳәаз

– Изныкымкәа исаҳахьан марттәи ажәылара ашьҭахь адгылара ӷәӷәа изҭаз иан лоуп ҳәа. Шәара уи атәы ҳәа иҳашәҳәозеи?

– Иан Надежда Иазычба ҳәа длышьҭан. Аԥсҭазаараҟны лара еснагь дивагылан, дидгылан. Убасеиԥш диԥхьаӡон Сократ Џьынџьалгьы. Еснагь Сократ Џьынџьали Станислав Лакобеи ражәа дазыӡырыҩуан. Урҭ рабжьагарақәа ирыликаауан иӡбра. Аинформациа заҟа ирацәаны иоуаз аҟара ишьаҭеиркуан игәаанагара. Аҽаӡәы диеԥшымкәа дахьыҟазгьы зыхҟьоз иара иполитикра аасҭа иҵарауаҩра аԥыжәара ахьамаз акәын. Дахымҟьо идыруан хықәкны имаз. Сара саԥхьеит цәыббра 26, 1993 шықәса рзы Женеваҟа идәықәиҵаз ателеграмма атекст, Аԥсни Қырҭтәылеи рыбжьара аибашьра аанкыларазарц аиҿцәажәаратә процесс алагаразы аҭагылазаашьақәа раԥҵаразы ажәадгалақәа ахьыҟаиҵаз. Аиааира агара мышқәак шагызгьы хымԥаданы идыруан аибашьра убри амш азы ишеилгоз.

Ажәабжьқәа зегьы
0