Анзор Кәарҷелиа игәалашәара иазку ахаҳә иаҭааит иҭаацәеи иҩызцәеи

© Sputnik / Саида ЖьиԥҳаАнзор Кәарҷелиа игәалашәаратә хаҳә иаҭааит иҭаацәеи иҩызцәеи.
Анзор Кәарҷелиа игәалашәаратә хаҳә иаҭааит иҭаацәеи иҩызцәеи. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Гагра араион ахақәиҭтәраан иҭахаз, аԥсуа телехәаԥшра аоператор Анзор Кәарҷелиа игәалашәаратә хаҳә иаҭааит иҭаацәеи иҩызцәеи.

ГАГРА, жьҭаарамза 4 — Sputnik, Саида Жьиԥҳа. Есышықәса, Гагра араион ахақәиҭтәра аламҭалаз, ауацәа, аҭаацәа, аҩызцәа ашәҭ шьыҵәрақәа шьҭарҵоит Гагра араион аҭарцәразы имҩаԥгаз ажәылараан иҭахаз, аԥсуа телехәаԥшра аоператор Анзор Кәарҷелиа ихьӡала ареспубликатә агәабзиара чаԥарҭатә центр аҵакыраҟны ишьақәыргылоу ахаҳә амҵан.

Аԥсны аџьынџьтәылатә еибашьра ԥышәаратә аамҭаны иҟалеит аԥсуаа зегь рзы. Ҳаԥсадгьыл ашәарҭара ианҭагыла, зықьҩыла ҳҵеицәа гылеит уи ахьчаразы. Дара рыгәҭа дыҟан аԥсуа телехәаԥшра аусзуҩ Анзор Кәарҷелиагьы.

"Ажурналист икалам, аоператор ивидеокамера бџьар хаданы иҟоуп амассатә информациатә хархәагақәа русзуҩцәа рзы. Анзор Кәарҷелиа дшоператорзгьы, иԥсаҵкьыс бзиа иибоз Аԥсынра ахьчара дазгылеит абџьар кны. Зны-зынла икамера аашьҭхны иҭихуан илаԥш иҵашәоз зегьы", — игәалаиршәоит, ицеибашьуаз арратә корреспондент Слава Сақаниа.

Жьҭаара 2 1992 шықәсазы Гагра иҟоу ареспубликатә агәабзиара чаԥарҭатә центр агаразы имҩаԥгаз ажәылараан аӷа ихымца дагоит Анзор Кәарҷелиа. Иара дҭахоит еибашьҩык еиԥш, абџьар кны. Анзор Кәарҷелиа дҭаацәаран, иҭынхеит ҩыџьа аԥацәа.

"Иахьазы телехәаԥшрала иаҳдырбалоит 1989 шықәсазы иҟаз ахҭысқәа зныԥшуа авидеокадрқәа. Усҟан амилаҭтә хақәиҭратә қәԥара иалахәыз аԥсуа ҵеицәа, Гагратәи астадион аҟны аҿагылара рырҭеит ақырҭуа националистцәа. Арҭ акадрқәа зегьы Анзор Кәарҷелиа иҭыхымҭоуп. Усҟан иара ақырҭцәа ахаҳә дшадыргозгьы илшеит иус анагӡара", — ҳәа ациҵеит Слава Сақаниа.

Анзор Кәарҷелиа иуацәеи, иҩызцәеи, аус зциуази наунагӡа ргәаҵаҿы даанхоит. Иара иҭыхымҭақәа хәы-змаӡам архивны иҟоуп, шьаҭасгьы иамоуп амилаҭтә хақәиҭратә ҵысреи Аԥсны Аџьынџьтәылатә еибашьреи аҭоурых.

Ажәабжьқәа зегьы
0