Владимир Маршьан 70 шықәса ихыҵуазаарын

© Sputnik / Сергей Соловьев / Амедиаҵәахырҭахь аиасраЗых иақәиҭу ақәԥара. Архивтә фото
Зых иақәиҭу ақәԥара. Архивтә фото - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Владимир Маршьан, зых иақәиҭу ақәԥаразы СССР дачемпионын.

АҞӘА, жьҭаара 5 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Владимир Маршьан, зых иақәиҭу ақәԥаразы СССР ачемпион, диит 70 шықәса раԥхьа. "Оумашәа дуаҩ бзиан, аҟазара злаз тренерын. СССР ачемпион ҳәа аԥсуаа рыгәҭа раԥхьатәины иҟаз иара иоуп", иҳәеит Владимир Маршьан иҵаҩы Ҭимур Џьопуа.

Џьопуа иазгәеиҭеит Владимир Маршьан инапхгарала жәашықәса инареиҳаны иҽшазыҟаиҵоз.

Ҭимур Џьопуа иажәақәа рыла Владимир Маршьаниа ҷыда ҟазшьаны илан дарбанызаалак иҵаҩы хаҭала изнеира, иеилкаара.

Владимир Маршьан игәалашәара иашьананы иахьа Аԥсны еиҿыркаауеит зых иақәиҭу ақәԥаразы Жәларбжьаратәи атурнирқәа. Урҭ ирылахәуп аԥсуа спортсменцәа реиԥш аҳәаанхыҵтәи аспортсменцәагьы.

Владимир Маршьан диит жьҭаара 5, 1946 шықәса рзы.

Ақәԥара аспортхкы инапы алеикит 1964 шықәса рзы. СССР ачемпионатқәа 10 дрылахәын. 1972, 1973, 1976 шықәсқәа рзы имҩаԥысуаз атурнирқәа дрылахәын.

Ажәабжьқәа зегьы
0