Микрофон  - Sputnik Аҧсны
Арадио

Џьансыхә Нанба: аусбарҭа хықәкы хадас иамоуп аҳәынҭқарратә финанстә ресурсқәа зегьы џьарак реизгара

© Sputnik / Томас ТхайцукАказначеитә усбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба
Аказначеитә усбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аԥсны Аҳәынҭқарра афинансқәа рминистрра иатәу аказначеитә усбарҭа иҿыцу усбарҭаоуп. Ари аусбарҭа еиҿкаауижьҭеи рацәак ҵӡом, аха уи аамҭа кьаҿ иалагӡаны иҟарҵахьоу, изыхьӡахьоу маҷӡам. Урҭқәа дырзааҭгылоит аказначеитә усбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба.

"Аказначеитә усбарҭа хықәкы хадас иамоуп аҳәынҭқарратә финанстә ресурсқәа зегьы џьарак реизгара. Даҽакала иуҳәозар, иакыу хыԥхьаӡаларҭак аҿы аизгара", — иҳәеит Нанба..

Аказначеитә усбарҭа аԥҵара иалнаршеит Аԥсны Аҳәынҭқарра иатәу абиуџьет ахарџьқәеи ахашәалақәеи егьырҭ аныхтәқәеи рхылаԥшра. Ари аҳәынҭқарразын даара акраҵанакуеит. Абиуџьет ишакәым аныхра алнаршаӡом, уи иахылаԥшуеит.

"Хра злоу ахҭысқәа": аказначеитә усбарҭа аиҳабы Џьансыхә Нанба дазааҭгылоит имҩаԥыргахьо аусурақәа ртәы

Хԥа-ԥшьба мза ирылагӡаны аказначеитә усбарҭа еиуеиԥшым аҳәынҭқарратә усбарҭақәа рбиуџьети, рхашәалақәеи, рхарџьқәеи ирхылаԥшны иҳәаақәнаҵо ишьақәгылахьеит. Ажәакала аказначеитә усбарҭа аҳәынҭқарратә биуџьет иҭалази инырхзи иаанхази зегьы ирхылаԥшуеит.

Аказначеитә усбарҭа иазку аинформациа инарҭбааны шәаԥхьар ҟалоит абра

Еизнагоит аҳәынҭқарратә финанстә ресурсқәа зегьы ҭыԥк аҿы – хыԥхьаӡаларҭак аҿы. Уи даара иарманшәалоит аҳәынҭқарратә финанстә система амҩақәҵара

 

Ажәабжьқәа зегьы
0