АҞӘА, жьҭаара 11 – Sputnik. Аԥсны Ахада Рауль Ҳаџьымба Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩбеи аминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниеи анидикылоз иазгәеиҭеит Женеватәи аиҿцәажәарақәа иахәҭоу алҵшәақәа аарышьҭуам ҳәа. Абри атәы аанацҳауеит атәыла Ахада иофициалтә саит.
Женеватәи аиҿцәажәарақәа 37-тәи рраунд аан аԥсуа делегациа напхгара азҭоз Кан Ҭаниа иазгәеиҭеит ақырҭуа ган ада аиҿцәажәарақәа рлахәылацәа зегьы амчра ахархәара ишаҿагылоу.
Женеваҟа рвизит далацәажәо Кан Ҭаниа атәыла Ахада изеиҭеиҳәеит актәи аусутә гәыԥ аиԥылараан ишалацәажәаз Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟны НАТО архәҭақәа имҩаԥырго аҽазыҟаҵарақәа ртәы. Аминистр ихаҭыԥуаҩ инаҵшьны иазгәеиҭеит урҭ аҽазыҟаҵарақәа Аԥсназы ашәарҭара шрымоу.
"Ҳара ҳделегациа аҳәамҭа ҟанаҵеит ООН Ассамблеиа хадаҟны ахҵәацәа рызҵаара иалацәажәонаҵы Женеватәи аиҿцәажәарақәа рҟны уи азҵаара ашьҭыхра ҳақәшаҳаҭым ҳәа", азгәеиҭеит Ҭаниа.
Аԥсны аделегациа акритика азыруит Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны ауаҩытәыҩса изинқәа рзы Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ажәахәи ахҵәацәа рганахьала арезолиуциеи ҳәа арбоуп адырраҟны.