АҞӘА, жьҭаара 12 – Sputnik, Бадри Есиава. Қырҭтәыла мап ацәнакит амч ахамырхәаразы аиқәшаҳаҭра анапаҵаҩра, иҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрраҟны имҩаԥысуаз апресс-конференциаҟны.
"Қырҭтәыла мап ацәнакит абри адокумент анапаҵаҩра. Ҳара изныкым асеиԥш ахымҩаԥгашьа аабоижьҭеи, оумашәагьы иаабом", — иҳәеит Ҭаниа.
Жьҭаара 4-5 рзы имҩаԥысуаз аиҿцәажәарақәа азыԥхьагәоуҭартә иҟан иҳәеит Адәныҟатәи аусқәа рминистр ихаҭыԥуаҩ Кан Ҭаниа.
"Аиашаз аҽакы ҳазыԥшын уҳәартәгьы иҟам. Женеватәи аиҿцәажәарақәа рылҵшәақәа азыԥхьагәоуҭартә иҟан, аиҳаракгьы Қырҭтәыла имҩаԥысуаз алхрақәа урызхьаԥшуазар", ҳәа азгәеиҭеит Кан Ҭаниа.
Адәныҟатәи аусқәа рминистр Даур Ақаҩба дазааҭгылеит Аԥсназы Женева аҵак ду шамоу, уаҟа ишалыршо еиуеиԥшым азҵаарақәа рганахьала аԥсуа ган агәаанагара зегь дырҳара.
Женеватәи аиҿцәажәарақәа рформа иазыԥхьагәанаҭоит аусутә гәыԥқәа ҩба реиԥылара ашәарҭадареи агуманитартә зҵаарақәа рыӡбрази.
Ҭаниа иажәақәа рыла ирылацәажәан Гал араион ауааԥсыра аҳәаа рахысра, аушьҭырҭатә пунктқәа ҩба раркра.
Аԥсуа делегациа ҷыдала иазааҭгылеит Қырҭтәыла Адәныҟатәи аусқәа рминистрра ажәахәқәа, Аԥсни Аахыҵ Уаԥстәылеи рҟны ауаҩытәыҩса изинқәа рыхьчара аганахьала.
Абри азҵааразы аԥсуа ган аҳәамҭа ҟанаҵеит. Уа иарбоуп 80% рҟынӡа ажәахәқәа аиаша иақәшәом ҳәа.
Аԥсуа делегациа иара убасгьы иазгәанаҭеит НАТО ар Қырҭтәыла аҵакырадгьыл аҟны имҩаԥырго аҽазыҟаҵарақәа ишрықәшаҳаҭым.
Кан Ҭаниа иажәақәа рыла аиҿцәажәарақәа раан узыргәырӷьаша акәны иҟалеит ЕАШ (США) Аԥсны атәылауаа авизақәа рыҭара мап ацәаҳкуам ҳәа иҟанаҵаз аҳәамҭа.
Аԥснытәи аделегациа напхгара аиҭон Кан Ҭаниа, аделегациа иалахәын аминистрра аусзуҩцәа Тимур Шанаа, Лаша Аҩӡба, Денис Оҭырба.