АҞӘА, жьҭаара 13 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Апоет ҿарацәа злахәыз апоезиеи алафи рыхәылԥаз мҩаԥысит Аҟәа аԥшьаша жьҭаара 13.
"Ас еиԥш иҟоу ахәылԥазқәа мҩаԥаҳгалон ҳҩызцәеи ҳареи, иаҳҳәап акаҳуажәырҭа "Амра" аҟны, иара убас, Елеонора Коӷониаԥҳа имҩаԥылгоз аклуб "Ажәа" аҟны. Иахьа араҟа даҳҭоуп ҳарҵаҩы Гәында Сақаниаԥҳа, даҳҭоуп Ҭырқәтәылантәи иааны иахьа иҳаланхо ҳџьынџьуаҩ Аҭаман Кәыџба. Апоезиатә хәылԥазқәа мҩаԥаҳамгеижьҭеи даара акыр ҵуеит. Сгәы иаанагоит уахатәи ҳаиԥылара шәгәалаҟазаара маҷк иадымхаргьы ишьҭнахып ҳәа", — лҳәеит ахәылԥаз аиҿкааҩ, апоет Альбина Анқәабԥҳа.
Аиԥылара иалахәын апоет ҿарацәа, асахьаркыратә ажәа бзиа избои алаф пату ззақәу жәпаҩык.
Еизаз рҿаԥхьа "иаарту амикрафон" рхы иархәаны иқәгылеит Дмитри Габелиа, Инал Гыцба, Аинар Ҷыҭанаа, Руслан Дочиа, Ҳаџьараҭ Ҳашымба, Адгәыр Гәынба, Аслан Занҭариа, Альбина Анқәабԥҳа. Давид Шьоуа аԥсышәала ареп даԥхьеит, Абзагә Марыхәба иакәзар аԥсуа жәытә-ашәақәа неигӡеит.
Урҭ рықәгыларақәа ахәаԥшцәа даара ибзианы ирыдыркылеит, ражәеинраалақәа ирыԥхьаны ианалгалак гәахәарыла рнапқәа еинырҟьон. Апоетцәа рхатәы жәеинраалақәа рнаҩс еиҭарҳәон аԥсуа поетцәа рырҿиара иаҵанакуа аҩымҭақәа, иара убас, алаф злоу ажәабжьқәа, ажәеинраалақәа.
"Ари еиԥш аиԥыларақәа реиҿкаара маҷк иуадаҩзаргьы, урҭ ирыҵаркуа маҷӡам, избан акәзар, ҿыц еиҵагыло абеиԥара ҳаиднакылоит, ҳаизааигәанатәуеит. Абраҟа еиқәшәаз зегьы ажәа алԥха шәыманы, агәабзиара шәыманы Анцәа иҟаиҵааит", — иҳәеит апоет қәыԥш Инал Гыцба.
Ахәылԥаз аҿы иара убас дықәгылеит Инал Лазба, уи иҭахаз иҩыза Баграт Аҳәба иажәеинраалақәа дрыԥхьеит.
"Мшьҭацәгьала ҳамҩахыҵоз џьаҳшьон Гәында Кәыҵниаԥҳаи сареи. Шәара ишәышьҭало аӡәгьы дыҟам ҳәа ҳарҳәон, аха иахьа сахьшәылаԥшыз адунеи азна сгәы азҳаит. Ара иқәгылаз издыруа ракәын аҷкәынцәа, аха аҿыцқәагьы ацлеит, еиҳа-еиҳа ҳхәышҭаара еиҵыҵуеит. Агәра ганы сыҟоуп ҳаԥсуа литература, ҳаԥсуа бызшәа аԥеиԥш бзиа шамоу", — лҳәеит апоет Гәында Сақаниаԥҳа.
Анаҩс лхатәы жәеинраалақәа еизаз дырзаԥхьеит. Абри алагьы ахәылԥаз хыркәшахеит.