Акапԥҳа: ақыҭа ҳцәыӡыр, Аԥсны ҽакхоит

© Sputnik Леон ГунияАԥсны аҳәсақәа рассоциациа ахантәаҩы Наҭела Акаԥҳа.
Аԥсны аҳәсақәа рассоциациа ахантәаҩы Наҭела Акаԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Жьҭаара 15 рзы Аҟәа имҩаԥысраны иҟоуп ареспубликатә қыҭанхамҩатә џьырмыкьа.

Sputnik акорреспондент Бадри Есиава аинтервиу анилҭоз аџьармыкьа шеиҿкаахо атәы далацәажәеит Аԥсны аҳәсақәа рассоциациа ахантәаҩы Наҭела Акапԥҳа.

— Наҭела Нури-иԥҳа, иаҳзеиҭашәҳәа аџьармыкьа аартразы аидеиа шцәырҵыз атәы?

— ООН аҿиара апрограмма аҳәара ҟанаҵеит асоциалогиатә ҭҵаарақәа мҩаԥаагарц. Ҳара ақыҭауаа ҳразҵаауан, рпроблемақәа ҭаҳҵаауан, еилаҳкаауан ақыҭанхамҩатә аалыҵ аусхк аҟны проблемақәаны ирбо азы. Арҭ аусурақәа раан ҳара аинформациа рацәа ҳауит, иагьалаҳкааит ақыҭанхамҩа знапы алаку зегьы раалыҵ аҭира проблеманы ишрымоу. Зегьы иаадыруеит ақалақь џьармыкьақәа рҟны иқәгылоу аиҭарсыҩцәа шракәу.

Ҳара иазҳархиеит аналитикатә ажәахә. Ҳажәалагалақәа ируакын "аԥсшьарамш аџьармыкьа" амҩаԥгарагьы. Ҳәарада уи апроблема аӡыбӡом аха… акырӡа еиӷьхон ақыҭауаа раалыҵ рымзыхәҳауа структурак ыҟазар.

— Макьаназ усеиԥш аструктура ҳамам. Иахьазы, аҳәынҭқарра ақыҭауаа иабанӡарыхәо, ишԥарыхәо?

Аџьармыкьа - Sputnik Аҧсны
Ақыҭанхамҩатә иармарка Аҟәа иаартхоит

— Иахьынӡаздыруа ацхыраара зынӡа имаҷӡоуп. Акредитқәагьы рзоурышьҭлоит аха уи апроблема азыӡбаӡом, избанзар анхацәа урҭ акредитқәа роура рзыуадаҩуп избанзар шасыс иҟарҵо рымам. Убри азы иахәҭоуп анхацәа ркооператив еиԥшу структурак аԥҵазарц.

Ҳәарада, аколнхарақәа ҳархынҳәып сҳәом аха, афермерцәа еидкылазар зегьы рзы хра аманы иҟалон. Ақыҭақәа шьҭыхтәуп. Ақыҭа ҳцәыԥсыр, Аԥсынгьы ҽакхоит.

— Аџьармыкьа анбаҟало, ишԥаҟалоу?

— Аџьармыкьа амҩаԥгараҟны ацхыраара ҳанаҭоит ақалақь Ахадара. Имҩаԥысраны иҟоуп аплатформа "Гәыма" аҟны. Уажәы уа аҽазыҟаҵаратә усурақәа мҩаԥысуеит. Аџьармыкьа ихы алаирхәыр алшоит дарбанызаалак анхаҩы.

— Аалыҵ ахаҭабзиара гәазҭода?

— Уи макьаназы ишьақәҳмыргылац.

— Ахәқәа шԥаҟало? Ишьақәзыргылода?

— Ҳара ахәқәа шьақәҳаргылаӡом, аха аалыҵ аагараҿы ацхыраара раҳҭоит. Ус анакәха ахәқәагьы маҷзароуп.

Аџьармыкьа амҩаԥгараан ахәаахәҭра адагьы иҟалоит акультуратә программа. Иқәгылараны иҟоуп ахәыҷтәы акәашаратә ансамбль. Ныҳәак еиԥшны имҩаԥгахоит ақыҭанхамҩатә џьырмыкьа.

Ажәабжьқәа зегьы
0