Валери Кәарҷиа Аҳәынҭқарратә бызшәа анагӡашьа далацәажәеит

Анапаҵаҩра
Валери Кәарҷиа излазгәеиҭаз ала, Аԥсны аиҳабыра апрезидент аԥхьа днаргыланы аԥсуа бызшәа иахаҵгылоит.

Аԥсны абызшәақәа зегьы аҭыԥ рымазар рылшоит, аха аҳәынҭқарра иныҟәнаго, уи зхылаԥшуа ҩ-бызшәак роуп, акы аҳәынҭқарратә аԥсуа бызшәа, егьи аурысшәа, иҳәеит абызшәадырҩы Валери Кәарҷиа Ауаажәларратә палата аилатәара аҟны, ахәаша жьҭаара 14 рзы. 

"Иахьа Аԥсны инхо дарбанзаалакгьы, ҩ-бызшәак изымдыркәа, аминистрра ахьгьы дзымнеиуа иҟазар ауп, адепутатра ахьгьы имҩа аркызар ауп ҳзакәан излаҳәо ала. Ак удыруа, ак узымдыруа акәымкәа, еицаҳдыруазар ауп. Аурысшәа зегьы еицаҳдыруеит, еицаҳзымдыруа ҳбызшәа ауп", — азгәеиҭеит уи. 

Валери Кәарҷиа иҳәеит Аԥсны Аҳәынҭқарратә бызшәа азакәан анагӡараҿы ауадаҩрақәа маҷымкәа ишыҟоу.

Ажәабжьқәа зегьы
0