Аргәынԥҳа: аџьармыкьақәа жәба ргылахоит

© Sputnik / Илона ХварцкияАԥснытәи аҳәса Рассоциациа алахәыла, ақыҭанхамҩатә џьармыкьа аиҿкааҩ Кама Аргәынԥҳа
Аԥснытәи аҳәса Рассоциациа алахәыла, ақыҭанхамҩатә џьармыкьа аиҿкааҩ Кама Аргәынԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵыҵындра, аџьыка уҳәа аԥсуа фермерцәа ақыҭанхамҩатә џьырмыкьахь ицәырыргаз ртәы далацәажәоит Аԥснытәи аҳәса Рассоциациа алахәыла, ақыҭанхамҩатә џьармыкьа аиҿкааҩ Кама Аргәынԥҳа.

Кама Аргәынԥҳа Sputnik акорреспондент Бадри Есиава изеиҭалҳәоит Аҟәа раԥхьатәи ақыҭанхамҩатә џьармыкьа шымҩаԥысыз атәы.

— Кама, сара ишыздыруа ала аџьармыкьа аламгац уҳәоны ихыркәшахеит. Избан?

— Аџьармыкьа раԥхьаӡа акәны имҩаԥысит. Ҳара аҳәара ҟаҳҵеит анхацәа раалыҵ арахь ицәырыргарц. Аџьармыкьа аҽны ақалақьуаа рацәаны иаҳзааит. Абырсааҭк ицәыргаз аархәеит. Уи қәҿиара дууп. Анхацәа ракәзар даара еигәырӷьеит. Иҳазҵаауан еиҭах асеиԥш анбаҳзеиҿышәкаауеи ҳәа.

— Шәара усеиԥш апланқәа шәымоума?

Аџьармыкьа - Sputnik Аҧсны
Ақыҭанхамҩатә иармарка Аҟәа иаартхоит

— Усеиԥш апланқәа рымоуп ҳпартниорцәа: Аҟәа ақалақь Ахадара, ООН аҿиара апрограмма, Ақыҭанхамҩа аминистрра. Сгәы иаанагоит аџьармыкьа изныкымкәа имҩаԥгахап ҳәа.

— Аџьармыкьа хдыртаанӡа ацәажәарақәа рацәан ахәқәа рганахьала. Изеиԥшрааз урҭ?

— Анхацәеи ҳареи ҳаицәажәараан иаразнак ираҳҳәон, ахәқәа аџьармыкьаҿ аасҭа еиҵазароуп ҳәа. Иҟан урҭ шьҭызхуазгьы, аха агәҽанҵара раҳҭон рыхәқәа ладырҟәырц.

— Хаҭала шәара иҟашәҵооз?

— Мызкы инеиҳаны ақыҭақәа ҳрылан, анхацәа ҳарҭаауан, рынхашәа гәаҳҭон. Убас ҳара ҳаҟан Аԥсны араионқәа зегьы рыҟны.

— Гал араион ахы шԥаанарԥши?

— Галаа рассортимент хкы рацәала еилаԥсан. Аҵыҵындраҵәҟьагьы ҳазкылыргеит. Иҟан заалыҵ ззымҭир ҳәа ишәозгьы. Азыҳәа ҟарҵеит 40–ҩык, арахь иааиит 39-ҩык.

— Уаҳа иазыԥхьагәаҭоума аџьармыкьа амҩаԥгара?

— ООН аҿиара апрограмма инақәыршәаны аџьармыкьақәа жәба ргылахоит амҩаду иахьаԥну. Анхацәеи аахәаҩцәеи хаҭала реинырра шаҭаху ашьақәырӷәӷәарагьы аҭахым. Еилкаауп.

Ажәабжьқәа зегьы
0