Аԥсуа коммунист - Енвер Капба иҭоурых

© Foto / из архива семьи КапбаАԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ааԥхьарақәа рахь изныкымкәа иалырххьаз Енвер Қапба
Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ааԥхьарақәа рахь изныкымкәа иалырххьаз Енвер Қапба - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аполитикатәи ауаажәларратәи усзуҩы, Аԥсны апартиа Ацентртә комитет актәи амаӡаныҟәгаҩ, Аԥсны Иреиҳаӡоу Асовет ааԥхьарақәа рахь изныкымкәа иалырххьаз Енвер Қапба жьҭаара 20 рзы ихыҵуазаарын 80 шықәса.

Енвер Қапба инапхгарала акурорт "Пицунда" аҽшеиҭанакыз, агазеҭ Times асовет ԥшыхәыҩ ҳәа шизназҳәаз иара убасгьы аинтерес зҵоу иҭоурыхқәа Sputnik акорреспондент Рада Ажьиԥҳа илзеиҭалҳәеит Енвер Қапба иԥшәмаԥҳәыс Изольда Қапԥҳа.

Sputnik, Рада Ажьиԥҳа.

"Ихшыҩ, иҟазшьа, ихымҩаԥгашьа, иԥшра-исахьа, ицәажәашьа – абарҭ зегьы аԥсуа хаҵаҵәҟьа иакәны дҟарҵон. Иара илшеит иҟазшьа ҷыдақәа: апатриотизмра, активра, амилаҭ кадырқәа рааӡара аџьабаа адҵара, иқалақь гәакьа арҿиара, арегион аҟны аԥсуа топонимикатә хьыӡқәа рышьақәыргылара раарԥшра. Ақырҭцәа ирҳәон: "Енвер, уара ухаҵоуп, аха уаԥсыуоуп" ҳәа", — абас лцәажәара хлыртлоит Изольда Қапԥҳа.

Енвер Қапба Гагратәи абжьаратә школ №2 даналга ашьҭахь дҭалоит Қарҭтәи аполитехникатә институт, аграждантә ргылара афакультет. Аинститут даналга ашьҭахь Гаграҟа дхынҳәуеит. 1962 шықәсанӡа иара дҭаҩӡамкәа иаб иҩнаҟны дынхон, џьаԥсахәыдагьы аргыларатә еиҿкаараҟны ҟазас аус иуан. 1965 шықәса рзы ақалақь анапхгаҩ ҿыц дарҭеит Иура Кәыҵниа ицхыраарала Енвер Қапба илшеит аҽҭаҩра, 1967 шықәса рзы Гагратәи ақалақьтә Совет ахантәаҩыс дҟалоит. 1970 — 1975 шықәсқәа рзы напхгара аиҭо далагеит Пицунда акурорт апансионатқәа Реидгыла.

"Хәышықәса рыҩныҵҟа Енвер Қапба акурорт Пицунда адиректорс дыҟан. Уи аамҭазы ауп акурорт еицырдыруа ианыҟалаз. Араҟа рыԥсы ршьон Асовет еидгыла ауааԥсыра реиԥш аҳәаанырцәтәи асасцәагьы. Акурорт Пицунда иацәыхарамкәа иҟан аҳәынҭқарратә дача. Уахь лассы-лассы ԥсшьара ҳәа иаалон ачиновникцәа, рҭаацәа рыманы. Урҭ акурорт ахь инеиуан, анапхгара ирабадыруан. Убас, ирлас-ырласны Енвер аус ахьиуаз днеилон СССР Аминистрцәа Рсовет ахантәаҩы Алексеи Косыгин. Иара акурорт апроблемақәа дрызҵаауан гәцаракрыла, Енвери иареи аизыҟазаашьа бзиа рыман. Уи атәы еилыркааит Қырҭтәыла анапхгара, ирыӡбеит Енвер Аԥснынтәи дықәыргарц", — еиҭалҳәоит Изольда.

1975 шықәса рзы, амаҵура ҳаракы уаҳҭоит ҳәа ҿыӡгас иҟаҵаны Енвер Қарҭҟа диаргоит, Қырҭтәыла азанааҭеидгылақәа Рсовет амаӡаныҟәгаҩыс ҳәа. Уаҟа аус иуит 1980 шықәсанӡа. Уи ашьҭахь Аԥсныҟа ддырхынҳәуеит, гагратәи акалақьтә Комитет актәи амаӡаныҟәгаҩ иҭыԥ иҭаны.

Абри амаҵзура мҩаԥигон 1986 шықәса рҟынӡа. Усҟантәи ашықәсқәа рзы Енвер аинтузиастцәа идыргыланы 1930-1950 шықәсқәа рзы ирԥаршеиз аԥсуа топанимика арҽеира далагеит. Уи иахҟьеит иара еиҭах Қарҭҟа ииагара.

"Иара шьыжь шаанӡа ишофер диманы ақалақь гәеиҭон, мҩа дук, мҩа хәыҷык ҳәа инмыжькәа зехьынџьара далсуан. Џьара гәамк кажьума, ӡык џьара иоунашьҭуама – иаразнакы акоммуналтә маҵзурақәа аҭел дырзасуан. Џьара драцәҳауа ансаҳалак, изууазеи анысҳәоз "Сара схазоума иҟасҵо зыҟасҵо, ақалақь азоуп", иҳәон. Енвер абзиарақәа ҟаиҵон, аха напхгаҩык иҳасабала дыџьбаран", лҳәоит иԥшәмаԥҳәыс.

Изольды Қапԥҳа лажәақәа рыла Енвер иман Гагра аиҭакра иазкыз агәаҳәарақәа. Абарҭ аусқәа загьы рҟны адгылара ииҭон Косыгин.

© Foto / из архива семьи КапбаЭнвер Капба
Энвер Капба - Sputnik Аҧсны
Энвер Капба

"Ԥсшьара ҳәа Аԥсныҟа данаауаз Косыгин хымԥада Енвер диԥылон. Урҭ акраамҭа еицәажәон, рыпланқәа, рпроектқәа еицрыхәаԥшуан. Енвер иҭахын Мамзышьха асасааирҭақәа рыргылара, уахь аканаттә-мҩа ахагалара амшын аԥшаҳәаҟынтә. Иара убасгьы иҭахын Ольденбургски ипарк аҟны аконцерттә зал аартра, арахь адунеи ахы-аҵыхәа аҟынтәи артистцәа аалартә еиԥш. Иҭахын гагра Ницца инаваҟәало аҟаҵара", — лҳәоит Изольда Қапԥҳа.

Енвер игәҭакқәа шааиҵырдырааз еиԥш Қарҭҟа диаргеит Қырҭтәыла Акомпартиа Ацентртә Комитет асоциал-економикатә ҟәша аиҳабыс.

Енвер Қапба Пицунда акурорт аиҳабыс даныҟаз Европаҟа дныҟәалон, уаҟатәи акурортқәа рԥышәа рымдаразы. Уи адагьы ирацәаҩын аофициантцәа, абарменцәа Франциаҟа стажировка ҳәа иишьҭуаз. Аамҭақәак рзы ихаҭагьы Франциаҟа дцалон, аиҳаракгьы Грасс ақалақь ахь. Грасси Гагреи ақалақь-еишьцәа ҳәа иҟан.

"Зны, СССР Адәныҟатәи аусқәа рминистрра анапынҵала Енвер дрышьҭит Шри-ланка. Уи аамҭазы уа аимакқәа ыҟан. Дара ирыӡбеит Енвер СССР инанашьҭыз ԥшыхәҩуп ҳәа. Абри атәы анын агазеҭ Times. Кернасовски зыжәлаз аӡәы ифотосахьа анын, аха ҵаҟа Енвер Қапба. СССР аԥшыхәыҩ ҳәа аҵаҩын".

Абри аҩыза аниба Енвер аҳәара ҟаиҵеит Шри-Ланка Апрезидент дидикыларц. Урҭ реиқәшәараан Енвер Қапба иҳәеит:

"Шәара сара сшәырпатудеит. Сареи стәылеи рҿаԥхьа аҭамзаара шьҭашәҵароуп" ҳәа. Апрезидент аҭамзаара ашьҭаҵара далагеит, аха Енвер иазгәеиҭеит ҩыратә формала шакәу аҭамзаара шышьҭаҵатәу. Шри-Ланка аиҳабыра ус егьыҟарҵеит", ҳәа еиҭалҳәоит Изольда.

© Sputnik / Томас ТхайцукИзольда Капба
Изольда Капба - Sputnik Аҧсны
Изольда Капба

Лара лажәақәа рыла компенсациак аҳасабала хнызқь доллар изыршәеит, абри ахҭыс атәы "Голос Америки" алагьы еиҭаҳәан.

1989 шықәсанӡа Қапаа рҭаацәара Қарҭ инхон. Аԥсни Қырҭтәылеи реимак аибарххара аан Енвер арзаҳал иҩит имаҵзура шышьҭеиҵо ала.

Аибашьра аҟалара рацәак шагмыз урҭ Аԥсныҟа ихынҳәит.

"Исызҳәом ҳара уа ибааԥсны иҳазныҟәон ҳәа. Енвер иакәзаргьы ауаа ҳаҭыр-патула рызныҟәашьа дақәшәон. Иара ахаангьы аӡәы димҵахырхәомызт, аха иԥсадгьыл ахь имаз абзиабара еснагь иааирԥшуан. Џьара еишәа-чарак аҟны қырҭтәылаз аныҳәаҿа ашьҭахь дҩагылан Аԥсназы аныҳәаҿа шьҭихуан" убасҟан ауп ақырҭцәа ианиарҳәоз: "Ухаҵоуп уара, Енвер, аха уаԥсыуоуп" ҳәа.

Гамсахурдиа иҟазаараан амитингқәа рҟны еиқәырыԥхьаӡон Қарҭ аус зуаз аԥсуаа рыжәлақәа: Қапба, Лабахәуа, Анқәаб, ақырҭуа жәлар ираӷацәоуп ҳәа рызҳәо – лҳәоит Изольда Қапԥҳа.

Енвер Аԥсныҟа даныхынҳә ашьҭахь Владислав Арӡынба Аԥсны Аминистрцәа Рсовет ахантәаҩ ихаҭыԥуаҩра идигалеит. Шықәсык аус иухьан еиԥш амзыз ҳәа акгьы амырбаӡакәа дамырхит имаҵзура. Енвер дыԥсаанӡагьы дзыхдырҟьаз издырамызт.

Иҟалап иан дахьақырҭуаз, мамзаргьы 15 шықәса инарзынаԥшуа қарҭ аус ахьиухьаз дахдырҟьазаргьы, ҳәа азгәалҭоит иԥшәмаԥҳәыс.

1992-1993 шықәсқәа рызтәи Аԥсны жәлар Рџьынџьтәылатә еибашьраан Енвер Қапба иҭаацәеи иареи гагра иҟан. Иԥацәа Ҭимури Нурии рыԥсадгьыл рыхьчон.

"Аибашьра ианалага ҳақәҵны ҳцап ҳәа сҳәақәахьан, ҳаршьыр ҳәа сшәаны. Гагра ахы ианақәиҭыртәуаз амш аҽны ҳаҩны иакәшеит 14-ҩык ақырҭцәа ҳаршьырц рҭахны. Урҭ арахь ишааиуаз ҳаҳәара дахьӡеит ҳгәылаԥҳәыс. Сара слыҳәеит агәылацәа зегьы адәахьы идәылҵырц. Зегьы ишырбо ҳашԥаршьри сгәахәт. Иааиз дрылан ақырҭуа милиционер Качарава, уи ара иҟаз схаҵа иаҳәшьаԥа Борис Адлеиба дидырит. Нас инахынҳәны ицеит. Убас ҳаиқәхеит. Сыҷкәынцәа аибашьра аԥхьатәи амш инаркны абџьар ркын", — лҳәоит лара.

Аибашьра ашьҭахь Енвер аполитикахь дыхнымҳәырц иӡбеит. Ассоциациа "Северный Кавказ и Юг России" аусқәа рзы анапынҵа ҷыдақәа неигӡон. 2000 — 2004 шықәсқәа рзы арратә санаториа деиҳабын.

1997 шықәса инаркны иԥсҭазаара далҵаанӡа Енвер қапба Аԥсны Аҳәынҭқарра Акоммунисттә партиа амаӡаныҟәгаҩыс дыҟан.

Мшаԥымза 20 2004 шықәса рзы 67 шықәса дшырҭагылаз иаалырҟьаны иԥсҭазаара далҵит.

© Foto / из архива семьи КапбаЭнвер Капба во время выступления на референдуме "О сохранении СССР" в Сухуме, в 1991 году
Энвер Капба во время выступления на референдуме О сохранении СССР в Сухуме, в 1991 году - Sputnik Аҧсны
Энвер Капба во время выступления на референдуме "О сохранении СССР" в Сухуме, в 1991 году

"Иарбан ҭыԥзаалакгьы иникылоз иахьмырԥшыкәа Енвер Қапба Аԥсны аинтересқәа ихьчон. Аус ицызуаз еснагь ҳаҭыр, пату иқәырҵон. Иара иҟамзаара аҭаацәа зегьы ҳзы даара ицәыӡ дууп", — лҳәоит Изольда Қапԥҳа.

Енвер Қапба 70-тәи ишықәсхыҵраан исахьа зныз амарка ҭыжьын. Гагратәи абжьаратә школ №4 ихьӡ ахҵоуп.

Ажәабжьқәа зегьы
0