Кавказаа рхылҵшьҭрақәа Иорданиа иаԥырҵаз ансамбль "Аль-Аҳли" аишьа

© Foto / Сырма АшәԥҳаАнсамбль "Аҳли"
Ансамбль Аҳли - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Иорданиа инхо Кавказаа рхылҵшьҭрақәа иахьа ирыԥсҭазаашьои, уа иаԥҵоу акәашаратә ансамбль "Аль Аҳли" шышьақәгылаз атәы аҭоурых.

Sputnik, Сырма Ашәԥҳа

Иорданиа аҳҭнықалақь Амман инхоит зықьҩыла Кавказ ажәларқәа рхылҵшьҭрақәа. Адгьыл ҭыԥқәа рзалырхит усҟантәи аосман империа ахадацәа, араб тәылақәа ракәзар, зегьы хьӡык еиднакылон "Шьам" — Шьамтәыла. Османтәи аимпериа анеилабга, атәылақәа рҽеиҩыршеит, анаҩс хаз ҳәынҭқарраны ишьақәгыло иалагеит.

Ҭоурыхла Џьгьарда ақыҭа иалҵыз Сеиҳан Ашәԥҳа - Sputnik Аҧсны
Сеиҳан Ашәԥҳа: Аԥсныдгьыл ааныжьны, сҽамыкәкәааны, сызлацарызеи

Усҟантәи аамҭазы Иорданиа аҳратәра амҩа ианын. Убри азы, Ҳашьым иахылҵшьҭраз ажәлаҟынтә далхтәын аҳ. Иалырхыз аҳ иҿагылақәозгьы ҟалеит. Ҽнак, амҩа дшықәыз дыршьырц иалагеит, аха уи заҳаз Кавказаа иреиуаз амҳаџьырқәа, дара ахьынхоз аҭыԥ аҿы днаганы дырҵәахит аҭагылазаашьа еихсыӷьаанӡа. Мызкы ааҵуаны, иара иаҳратәра иатәыз аҭыԥ ааникылеит, Хашьым иахылҵшьҭраз Иорданиатәи аҳас дшьақәырӷәӷәахеит закәанла.

Аҳра инапахьы аагара иацхрааз, насгьы иара дзыхьчаз амҳаџьырқәа дахьырҵәахыз аҭыԥ аҿы, џьшьаратә дыргак аҳасаб ала ирызиргылеит "Аль-Аҳли" ихьӡ зхыз акультура-спорттә центр. Араб бызшәала еиҭоугозар ари ахьӡ "Аль-Аҳли", иаанагоит "Сара Сҭаацәа".

Уи, Иорданиа ахҵәара иақәшәаны иқәнагалаз Кавказаа шаҟа афырхаҵара рылаз, рыхьӡ-рыԥша акыр ишаҳаракыз акәын иаанагоз. Ачерқьесқәа ркультура-спорттә центр аартын 1844 шықәса азы. Ари ацентр аус ауеит иахьа уажәраанӡагьы. Иара аҳәынҭқарратә структура иадҳәалоуп, хатәӡам. Есышықәса ари аусбарҭа аҿиара амҩа иануп, еиҵанааӡоит аҟазара, абаҩхатәра злоу ауаа. 

Берзеқь Кәыџԥҳа. - Sputnik Аҧсны
Берзеқь Кәыџԥҳа: ҳабдуцәа ахьықәҵыз адгьыл сызнеир, избар - џьанаҭ сымцоз

Ааигәа, Иорданиантәи раԥхьаӡа акәны Аԥсныҟа иааит Кавказ ажәларқәа рхаҭарнакцәа еидызкыло акәашаратә ансамбль "Аль-Аҳли". Ансамбль "Аль-Аҳли" акәашацәа ишьҭыху рнацәкьарақәа ҩба ҵакыс иамоуп акультуреи, абызшәеи рыхьчара. Имаҷҩым иахьа Иорданиа инхо, еиуеиԥшым азанааҭқәа знапы рылаку, аиҳабыратә маҵзурақәа рҟны аус зуа ауаа, зҭоурыхтә ԥсадгьыл ахь зхы кыду аҿар.  

Ачерқьессқәа рцентр алахәцәа рахьтә иҟоуп еиуеиԥшым аспорттә хкқәа рҿы аԥхьахәтә ҭыԥқәа аанызкылахьоу аспортсменцәа. Иаҳҳәозар, хылҵшьҭрала иаԥсыуоу, ԥҟарадатәи аиқәԥараҿы абаҩхатәра аазырԥшуа, Ҳашьым Архага ихьӡ. Раԥхьа уи иҟазара Иорданиа иалаҵәеит, анаҩс атурнирқәа данырхыс араб тәылақәа рыхьӡала мрагыларатәи атәылақәа рҿы деицырдыруа дҟалеит. Иара убас, акультура ахырхарҭаҿы, ахатә ҭыԥ ҷыда ааннакылоит зыӡбахә ҳамоу аклуб аҿы иаԥҵоу аҿар еидызкыло ансамбль "Аль-Аҳли".  

Уи қәҿиарала иқәгылахьеит абарҭ реиԥш иҟоу атәылақәа рҿы: Катар, Дубаи, Израиль, Куфур-Кама, Америка, Англиа, Нидерланды уҳәа. Ҳәарада, ансамбль алахәцәеи анапхгареи рзы аҵак ду амоуп Нхыҵ-Кавказтәи Ареспубликақәа рҭаара, урҭ рхыԥхьаӡараҿы Аԥсны рыҟазаара.

Ансамбль қәҿиарала иқәгылеит, ахәаԥшцәа рхыхрагы рылдыршеит Аԥснытәи Аҳәынҭқарратә филармониаҿы, Гагра, Аҟәа, иара убас Гәылрыԥшь араион аҿы. Ргәаҵанӡа имнеирц залымшеит хаҭала изҭааны ирбаз рҭоурыхтә ԥсадгьыл аҭоурыхтә ҭыԥ ԥшӡарақәа. 

Ажәабжьқәа зегьы
0