Цәеиԥҳа: абызшәа арҿиаразы иамоу ауаажәларратә функциақәа еизырҳатәуп

© SputnikАИ аспирантка Лиубов Цәеиԥҳа
АИ аспирантка Лиубов Цәеиԥҳа - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аҵарауаҩ-қәыԥш Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аусзуаҩ Лиуба Цәеиԥҳа Sputnik иалҭаз аинтервиу аҟны дазааҭгылеит аԥсуа бызшәа иахьа ахархәара ахьынӡамоу.

Абызшәадырыҩ Лиуба Цәеиԥҳа Sputnik акорреспондент Бадраҟ Аҩӡба изеиҭалҳәеит иахьа Аԥсны ақыҭақәеи ақалақьқәеи рҟны аԥсуа бызшәа ахархәара ахьынӡамоу атәы. 

– Лиуба, бара аԥсуа бызшәа ахархәара ахьынӡамоу ҭыбҵаауеит, иабанӡамоу иахьа аԥсуа бызшәа ахархәара?

– Сара сдиссертациатә усумҭа ари азҵаара иазкуп. Абызшәа аҭагылазаашьа агәаҭаразы аҭҵаарақәа мҩаԥаагеит. Сара хықәкыла аҭҵаарақәа ахьымҩаԥызгаз ақалақьқәа рҿоуп, сылкаақәа рыла, абызшәа ҳдыруеит ҳәа аиҳараҩык иазгәарҭоит, аха рыԥсҭазаараҿы рхы иадырхәаӡом, аурысшәахь ииасуа рацәаҩуп. Урҭ изларҳәо ала, аԥсшәа ахьраҳауа маҷуп, рхы иахьадырхәо маҷуп ҳәа азгәарҭоит.

– Аԥсуа бызшәа аҭҵаара анаҩс бара аус буеит Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны, астудентцәа абызшәа дбырҵоит. Ирацәаҩума астудентцәа рыбжьара аԥсуа бызшәа иазҿлымҳаны изҵо?

– Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аҟны абызшәа ззымдыруа агәыԥқәа роуп исымоу, урҭ абызшәа рҭахны ирҵоит, аха аамҭа маҷны иҳамоуп азы ирҵаз иацырҵартә еиԥш аҭагылазаашьа рымаӡам. Аха исҳәар сылшоит даара ирҭахны иазҿлымҳаны аԥсшәа рҵоит ҳәа. Насгьы агәыԥқәа рҟны аԥсуаа рыдагьы атәым милаҭқәа ыҟоуп, аха урҭгьы иаҳҵандаз ҳәа агәаҳәара рымоуп.

Архивтә фото. - Sputnik Аҧсны
Аԥсуа бызшәаҿы иҿыцу ахырхарҭа - асоциолингвистика иахьа аҿиашьа

– Еиҿырԥшны ҳахәаԥшуазар аԥсуа бызшәа ахархәара иаҳа иабарацәоу, ақыҭараҿы акәу ақалақь аҿы акәу?

– Еиҿсырԥшыр сылшоит, избанзар сара сусумҭа атема иашьашәалоу атема сҩыза Аҳәԥҳа Асҭанда илымоуп. Сара аԥсуа бызшәа аҭагылазаашьа ақалақьқәа рҿы иҭысҵаауеит, лара ақыҭақәа рҿы. Ҳара ҳаҭҵаарақәа еиҿҳарԥшуеит, убри ала ақыҭаҿы ҳәарада, аԥсшәа ахархәара ыҟоуп, насгьы абызшәа аиҳараҩык ирдыруеит, ақалақь аҿы ахатәы бызшәа иацәхьаҵны аурысшәахь ииасыз ҳԥылоит. Ҳара ҳзазҵаауаз шәҩык рҟынтәи, 80% рҟынӡа абызшәа ҳдыруеит ҳәа ҳарҳәеит, аха ҳазҵаарақәа рҭак аны ҟарҵоз, дара ирҳәеит аԥсҭазаараҿы рхы иахьадырхәо шмаҷу. Иаҳҳәап аҩызараҿы аԥсшәа зхы иазырхәо рхыԥхьаӡара уиаҟара ирацәаӡам. Ақыҭаҿгьы еиуеиԥшым асоциалтә гәыԥқәа алахәын ҳаҭҵаара, анхаҩцәа ҳәарада, рхатәы бызшәа рҳәоит, рыԥсҭазаараҿы аиҳарак уи ауп рхы иадырхәо. Аха иаҳҳәап ашколхәыҷқәа, насгьы астудентцәа ақалақь ахь ианаауа, иаҳа ираҳауа, аинформациа злароуа абызшәахьы ииасуеит. 

– Аԥсуа бызшәа арҿиаразы мҩақәас иҟоузеи бгәаанагарала?

Аҵарауаҩ-қәыԥш Аԥснытәи аҳәынҭқарратә университет аусзуаҩ Лиуба Цәеиԥҳа Sputnik Апсны иалҭаз арадиоинтервиу шәазыӡырҩыр ҟалоит абра

– Абызшәа аҿиаразы зегь раасҭа ихадароуп иамоу ауаажәларратә функциақәа реизырҳара. Абызшәа афункциақәа шаҟа ирацәаны инанагӡо аҟара, уи амч аиуеит. Абызшәа раԥхьаӡа иргыланы аҩнынтәи ахәыҷы иаҳалар ауп, насгьы иԥсҭазаараҿы иахьабалак иаҳалар ауп, иара ада ԥсыхәа имоуа дҟалар ауп, убасҟан ауп абызшәа анҿио. 

Ажәабжьқәа зегьы
0