Антони Погорельски иповест иалху аспектакль "Черная курица, или Подземные жители" РУСДРАМ асценаҟны ихәмарын ҩынтә: асааҭ 16.00 рзи асааҭ 19.00 рзи. Ахәаԥшыҩцәа рыԥсы ӡаны иахәаԥшуан аспектакль. Аԥсшьарақәа раангьы адәахьы идәылҵуамызт. Урҭ злазхалаз алакә аԥырҵра рҭахымызт.
© Sputnik / Томас Тхайцук"Черная курица, или Подземные жители" – XIX ашәышықәсазы Урыстәыла иаԥҵаз автортә лакәуп.
1/8
© Sputnik / Томас Тхайцук
"Черная курица, или Подземные жители" – XIX ашәышықәсазы Урыстәыла иаԥҵаз автортә лакәуп.
© Sputnik / Томас ТхайцукАиҩызареи аибаҭиреи ирызкуп алакә. Ари аҭоурых иунарбоит ахәыҷқәа ирыхьуа, урҭ анухоуршҭуа. Араҟа иубоит имариам афырхаҵа хәыҷы игәы изырхьуа аҭагылазаашьақәа.
2/8
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аиҩызареи аибаҭиреи ирызкуп алакә. Ари аҭоурых иунарбоит ахәыҷқәа ирыхьуа, урҭ анухоуршҭуа. Араҟа иубоит имариам афырхаҵа хәыҷы игәы изырхьуа аҭагылазаашьақәа.
© Sputnik / Томас ТхайцукАфырхаҵа ишоурапатараан ибоит акәытқәеи арбаӷьқәеи рышьҩы – аҭакәажәи заҳәақәа еилазҵо арыцарцәеи, иара иихьчо акәтеиқәаҵәа Чернушкеи.
3/8
© Sputnik / Томас Тхайцук
Афырхаҵа ишоурапатараан ибоит акәытқәеи арбаӷьқәеи рышьҩы – аҭакәажәи заҳәақәа еилазҵо арыцарцәеи, иара иихьчо акәтеиқәаҵәа Чернушкеи.
© Sputnik / Томас ТхайцукАроль хада дыхәмаруеит Дмитри Пациа. 13-шықәса зхыҵуа артист хәыҷы атеатр асценаҿ дықәгылоит раԥхьаӡа акәны. Акызаҵәык ицәыуадаҩу атекст аҵареи аҳәареи роуп. Иара иазгәеиҭоит маҷк ахулиганра злоу аҵаҩы-ҷкәын ироль анагӡара рацәак ишицәыуадаҩым.
4/8
© Sputnik / Томас Тхайцук
Ароль хада дыхәмаруеит Дмитри Пациа. 13-шықәса зхыҵуа артист хәыҷы атеатр асценаҿ дықәгылоит раԥхьаӡа акәны. Акызаҵәык ицәыуадаҩу атекст аҵареи аҳәареи роуп. Иара иазгәеиҭоит маҷк ахулиганра злоу аҵаҩы-ҷкәын ироль анагӡара рацәак ишицәыуадаҩым.
© Sputnik / Томас ТхайцукРУСДРАМ азал ахәаԥшцәа рыла иҭәуп. Аиҳараҩык хәыҷқәоуп. Аӡәгьы иемоциақәа иҵәахуам. Ахәаԥшыҩцәа иазгәарҭоит артистцәа рыхәмарра шьахә.
5/8
© Sputnik / Томас Тхайцук
РУСДРАМ азал ахәаԥшцәа рыла иҭәуп. Аиҳараҩык хәыҷқәоуп. Аӡәгьы иемоциақәа иҵәахуам. Ахәаԥшыҩцәа иазгәарҭоит артистцәа рыхәмарра шьахә.
© Sputnik / Томас ТхайцукАрежиссиор Анастас Кичик иажәақәа рыла ароль азы аҷкәын инаԥхьара експерементк иаҩызан, иинтересын. "Раԥхьаӡа акәны ас идуу ароль аҷкәын хәыҷы исырхәмарит", - иҳәоит иара.
6/8
© Sputnik / Томас Тхайцук
Арежиссиор Анастас Кичик иажәақәа рыла ароль азы аҷкәын инаԥхьара експерементк иаҩызан, иинтересын. "Раԥхьаӡа акәны ас идуу ароль аҷкәын хәыҷы исырхәмарит", - иҳәоит иара.
© Sputnik / Томас ТхайцукАлакә џьашьахә иаҳәоит имариоу амҩақәа рыԥшаара ишашьҭалатәым, аиҳабацәа ишырзыӡырыҩлатәу, аҽырԥагьарагьы уҽшацәыухьчалаша.
7/8
© Sputnik / Томас Тхайцук
Алакә џьашьахә иаҳәоит имариоу амҩақәа рыԥшаара ишашьҭалатәым, аиҳабацәа ишырзыӡырыҩлатәу, аҽырԥагьарагьы уҽшацәыухьчалаша.
© Sputnik / Томас ТхайцукАспектакль "Черная курица, или Подземные жители" апремиера аҽны ҩынтә ихәмарын. Афырхаҵа хада, аҷкәын Алиоша ироль нарыгӡон Дмитри Пациеи Марина Сичинааи.
8/8
© Sputnik / Томас Тхайцук
Аспектакль "Черная курица, или Подземные жители" апремиера аҽны ҩынтә ихәмарын. Афырхаҵа хада, аҷкәын Алиоша ироль нарыгӡон Дмитри Пациеи Марина Сичинааи.