Аекспертцәа: аусутә форум абжьагарақәа рҟынтәи аилаӡарақәа рахь ииасит

© Sputnik / Томас ТхайцукАусутә форум алахәыла-експертцәа абизнес аусура иалацәажәеит
Аусутә форум алахәыла-експертцәа абизнес аусура иалацәажәеит - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Аусутә форум алахәыла-експертцәа абизнес аусура иалацәажәеит Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы аҩаша, абҵара 16 рзы.

Sputnik, Владимир Бегунов

Аусутә форум алахәыла-експертцәа абизнес аусура иалацәажәеит Sputnik Аԥсны апресс-центр аҿы аҩаша, абҵара 16 рзы. Афорум аихшьаалақәа ҟарҵеит ЕврАзЭС Аинститут адиректор Владимир Лепехин, Урыстәыла-Аԥснытәи аусутә форум ахантәаҩы Андрей Сергеев, Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц, Sputnik Аԥсны аиҳабы Руслан Бганба.

Владимир Лепехин иажәақәа рыла раԥхьаӡа акәны сынтәа афорум абжьагара ҟазшьа адагьы аилаӡарамҩахь ииасит, ареалтә проектқәа цәырган.

"Уаанӡатәи афорумқәа ипроблема хаданы ирыман адиалог ашьақәымгылара. Аԥсны ҵаауан — Урыстәыла иаҳнаҭарц иалшозеи? Ҳәа, Урыстәыла ҵаауан – Аԥсны иаҳҭарц иаҭахузеи? Ҳәа. Уажәы ицәырҵит адиалог амҩаԥгара алзыршо аструктурақәа. Урҭ — Аԥсны Аекономика аминистрра анапаҵаҟа иаарту аинвестициатә Маҵзуреи Москва еиҿкаау акоммерциатә маҵзуреи роуп", — иҳәеит Лепехин.

Иара иҳәеит ишаԥҵоу Аԥсны аинвестициақәа радыԥхьалара иазырхоу амеханизм "25 шьаҿа".

Абри аконцепциа аӡыргара амҩаԥысра иалахәын шәҩык рҟынӡа аинтерес змаз ауаа. Ара иҟан ААУ ахаҭарнакцәа, Урыстәылатәи аекспертцәа, Аԥсны араионқәа рхадацәа, абизнес ахаҭарнакцәа.

"Афорум аҟны аиқәшаҳаҭрақәа ҩба анапы рыҵаҩын. Ганкахьала Аԥснытәи аган егьи аганахьала урыстәылатәи аинвесторцәа", — иҳәеит Урыстәыла-Аԥснытәи аусутә хеилак ахантәаҩы Андреи Сергеев.

Сергеев иажәақәа рыла афорум алҵшәақәа иреиҳаны иҟалаз Аԥсни, Алада Урыстәылеи, Нхыҵ Кавкази Рыхәаахәҭра-Ааглыхратә палатақәа реинырроуп.

"Аԥсны акраамҭа иаҭахын арахь абизнес ду аарц. Убри аан абжьаратә бизнеси абизнес маҷи рацәак ирызхьаԥшуамызт. Аха арҭ абизнесқәа адунеи зегь аҟны ихадоу сигментны иҟоуп. Уажәы уи аилкаара аиуит", — иҳәеит Андреи Сергеев.

Аинвестициатә программа иаҵаркны зыргылара иаҿу аобиектқәа ируакуп асасааирҭа Сухумская Ривьера - Sputnik Аҧсны
Алиса Гәылариаԥҳа: аргылара нап аҳаркит жьҭаарамза алагамҭазы

Аԥсныҟа аинвестициақәа раара иаԥырхагоу амзызқәа ируакны апресс-конференциа алахәылацәа иазгәарҭеит абизнес аусура ашәарҭадареи аартреи аҭара.

"Аԥсны тәыла хәыҷуп ара зегь еибадыруеит, аинформациа рымоуп, аха урыстәылатәи аинвестор иҭахуп атәыла Ахада исаит мамзаргьы иарбанызаалак аилахәыра асаит аартны изҵаарақәа зегьы рҭак иоурц. Абасеиԥш аусушьа ҵатәуп", — иҳәеит Андреи Сергеев.

Апресс-конференциа алахәылацәа зегьы иазгәарҭеит Sputnik Аԥсны аусура, ирҳәеит аԥхьаҩцәа аоперативтә информациа шрынаҭоз.

"Ҳара афорум аҿы иҟоу аҳәара аҳәаақәа ҳарҭысны ҳаиасит информациатә партниорны аҟаларахь. Ҳара ҳарзааҭгылараны ҳаҟоуп ҳусура аганахьала иҟаҵоу абжьагарақәеи азгәаҭарақәеи. Агәра згоит аусутә форуми ҳареи ҳусеицура ԥхьаҟагьы ишацҵахо", — иҳәеит Sputnik Аԥсны анапхгаҩы Руслан Бганба.

Урыстәыла иҟоу Аԥсны ахәаахәҭратә хаҭарнак Олег Барцыц иҳәеит ишазыԥхьагәаҭоу Урыстәыла ахәаахәҭратә Ҩны "Аԥсны" аартра, ари аидеиа Аԥсны анапхгараҿы ҩымз раԥхьа ишиз, афорум аҿгьы уи аидеиа анаплакыҩцәа ишцәырыргаз.

Апресс-конференциа алахәылацәа зегьы еицҿакрыла иазгәарҭеит уажәтәи афорум уаанӡатәиқәа акырӡа ишреиԥшым, алҵшәақәа раашьҭра ишалагаз, аиқәшаҳаҭрақәеи аилаӡарақәеи уи шышьақәдырӷәӷәо.

Ажәабжьқәа зегьы
0