Аиҿцәажәара мҩаԥылгеит Рада Ажьиԥҳа.
— Маиа Иван-иԥха акыр ҵуама ахәыҷкәа рзы аенциклопедиа аиқәыршәара напы ашәыркиижьҭеи? Аидеиа анбацәырҵ абас еиԥш иҟоу ашәҟәы аԥҵатәуп ҳәа?
— Аенциклопедиа аиқәыршәара аидеиа сызцәырҵиижьҭеи акыр шықәса ҵуеит. Иара аус аҟаҵара мариамызт. Аԥсуа бызшәа аҿиаразы Аҳәынҭқарратә фонд аҟны аусура саналага ирацәаны ахәыҷқәа рзы ашәҟәқәа ҭҳажьуан. Ахәыҷтәы шәҟәы уи акы ауп, аха аенциклопедиа уи адыррақәа зегьы еидызкыло шәҟәуп.
Уи азыҳәан, аидиеиа схаҿы ианааи раԥхьаӡа сацәшәон аҟаҵара, аха ауаҩы дымшәар, аматериал иидыруазар ихықәкы наигӡоит ҳәа сгәы иаанагоит. Хәы-шықәса ҵуеит ари ашәҟәы аус адызулеижьҭеи. Афинанстә цхырааара иабзоураны сынтәа иҭыжьын. Аӡыргара иаҭааз зегьы гәахәарыла ирыдыркылеит, аахәацәагьы рацәаҩны иҟоуп. Саргьы ашәҟәы даараӡа бзиа избоит, зегьы иреиӷьысшьоит.
— Ишԥеиқәыршәоу ари ашәҟәы, иагәылеи?
— Аенциклопедиа адыррақәа иршәындыҟәроуп зегьы ижәдыруеит. "Аенциклопедиа ахәыҷқәа рзы" захьӡу ашәҟәы 3-6 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа ирзырхоуп. Аенциклопедиаҿы еизгоуп, насгьы системала еиқәыршәоуп ахәычқәа рхәыцреи, ргәынкылареи, рыгәцаракреи, рыхшыҩи, рлогикеи аизырҳаразы еиуеиԥшым аметодикатә материал.
Ари аматериал адидактика апринципқәа ирықәыршәаны иҟаҵоуп, аматериал имариоу аҟынтәи ицәгьоу ахь ицоит. Ахәыҷқәа 3-6 шықәса анырхыҵуа иаарыкәаршаны иҟоу адунеи ахь азҿлымҳара роуеит, ахәыҷқәа ринтерес инақәыршәаны ишьақәыргылоуп аенциклопедиа атемақәа.
Уахь иаҵанакуеит ахәыҷы ихаҭара, иааикәыршәаны иҟоу адунеи. Иаҳҳәап ахәыҷы ихаҭараҿы, хы-шықәса анихыҵуа инаркны ахәыҷы ихаҭа иҭаххоит: сара иҳәоит, сара схы-сҿы иҳәоит, сара сҭаацәара иҳәоит, имаха-ишьаха дахәаԥшуа далагоит, ахьыӡқәа иҵоит иишәу иматәақәа, иихаиҵо, иифо-иижәуа.
Иааикәыршаны иҟоу адунеи даназҿлымҳахо ахәыҷы аинтерес изцәырҵоит аԥстәқәеи, аԥсаатәқәеи ирыхьыӡқәоу, урҭ бжьыс ирхылҵуа. Ахәыҷы абарҭ ашықәсқәа рзы иоуроуп аелементартә ҟазшьа змоу аматематикеи агеометриеи ирыҵанакуа адыррақәагьы, абарҭқәа зегьы аныԥшуеит ҳенциклопедиа.
Ахәыҷы акы инаркны 10- рҟынӡа дыԥхьаӡозар ауп. Идыруазар ауп агеометриатә фигурақәа, иаҳҳәап: аки арацәеи, еиҳау еиҵоу, еиҟароу, ау-акьаҿ, аԥхьа, ашьҭахь, агәҭа. Еиҳа имариоу аматематикатә дыррақәа роуп. Ахәыҷқәа ирдыруазар ауп абри ашықәс иаҵанакуа асааҭ, амчыбжь амшқәа, аԥсабара ацәырҵрақәа, ашықәс аамҭақәа. Иара убас ашәҟәаҿы ахшыҩзышьҭра аҭоуп ахәыҷы маха-шьахалатәи иааӡареи, уи игәабзиареи, ифатәи, ицәареи рзы арежимқәа аазырԥшуа азыҟаҵарақәа.
Ашәҟәаҿы ахшыҩзышьҭра аҭоуп ахәыҷы аԥшшәқәа ирҵара, избан акәзар аԥсуа бызшәаҿы ирацәоуп аԥшшәқәа рыхьыӡқәа. Аенциклопедиа иану аҽаршьцыларақәа рыцхыраарала ахәыҷы ижәар иалалоит ахәыҷы ицәанырреи, ифизикатә ҟазшьақәеи, ауаа реизыҟазаашьақәа аазырԥшуа ажәақәагьы.
Иҳәатәуп, ашәҟәаҿы еизгоу аматериал ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа ашкол рҭаларазы ишыцхыраагӡоу. Ари ашәҟәы аҭаацәарагьы, ашколқәранӡатәи аусбырҭақәагьы рхы иадырхәоит, иара ашкол аҟынгьы рхы иадырхәоит. Иаҳҳәап џьоукы-џьоукы аԥсуа бызшәа ззымдыруа ахәыҷқәа рзыҳәангьы иаархәоит. Ҳара иаҳарбаз ашықәс акәымкәа, иҵегь еиҳау ахәыҷқәа рзыҳәангьы ицхыраагӡоуп.
— Ацхыраагӡатә материал анаҩс, ашәҟәы ҩычоуп асахьақәа рыла, авторцәа зусҭацәада, ишәыцхраада?
— Аенциклопедиаҿы иануп х-нызқь цыра асахьа, урҭ асахьақәеи, аҽаршьцыларақәеи, ажәеинраалақәеи, алакәқәеи ирызкуп. Асахьақәа рзынархоуп ахәыҷқәа ирыҭоу адҵақәеи, аҽаршьцыларақәеи рынагӡареи, аинтерес дыркреи.
Аенциклопедиазы асахьаҭыхыҩцәа рацәаны иҳаман, аха еиҳарак аус еицаауан Асҭамыр Кәҵниеи сареи, иаҳәшьа Саида Кәыҵниаԥҳа лсахьақәа рацәаны иагәылоуп, иара убас ацхыраара ду сиҭеит асахьаҭыхыҩ ду Зураб Гыцба, Ирина Џьамидаа, Ельвира Бениа, иара убасгьы ааигәа машәырла зыԥсҭазаара иалҵыз Мариа Гобечиаԥҳа. Аенциклопедиа редакторс дамоуп Гәында Кәҵниаԥҳа.
— Азыҟаҵарақәа рыда уаҳа иануи аенциклопедиа?
— Аенциклопедиа ианылеит ажәеинраалақәа 112 цыра, урҭ аԥсуа поетцәа иреиӷьу рхәыҷтәы поезиа аҟынтә иаагоуп. Ажәеинраалақәа ахәыҷқәа рықәра иақәнаго еихшаны иҟаҵоуп, иҟоуп ҷыдала аенциклопедиа азыҳәангьы иҩу ажәеинраалақәа, авторс дрымоуп Гәында Сақаниаԥҳа.
Аенциклопедиа иануп 45 цыра аԥсуа лакәқәеи, ажәабжьқәеи, урҭ инарываргыланы аенцеклпедиа ианылеит аурыс хәыҷтәы шәҟәыҩҩцәа, аклассикцәа рҩымҭақәагьы. Дара зегьы еиҭаганы, иахьаҭахыз адаптациа рызуны, қәрала еихшаны иҟаҵоуп. Фы-шықәса зхыҵуа ахәыҷы аенциклопедиа ацхыраарала иактивтә жәар ианылоит 1200 ажәа, уи ҳара аенциклопедиа аныҟаҳҵоз ажәар ҳаԥхьаӡеит.
Апсихологцәеи аметодистцәеи иларҳәо ала, ари ажәар азхоит хатәы бызшәала ашкол аҿы аҵара. Ус акәзар, аенциклопедиа ицхыраагӡа духоит ашколқәранӡатәи ахәыҷқәа рзы. Амала ииашаны, методикала ахәыҷкәа ирызнагазар ауп.
— Аԥсуа бызшәа аҿиаразы Аҳәынҭқарратә фонд аҟны аиԥш зеиԥшу аенциклопедиа аҭыжьра шәгәы иҭоума, амала еиҳау ахәыҷқәа рықәра иаҵанакуа рзы?
— Аԥсуа бызшәа аҿиаразы Аҳәынҭқарратә фонд аҿы апроект системала аус аауеит, уи азин ҳанаҭоит иҵегь иацҵаны аусура. Ари аенциклопедиа актәи ашәҟәы ауп. Аҩбатәи ашәҟәы аус адулара ҳалагахьеит, аматериал еизаҳгоит, уигьы аенциклопедиа акәхоит 7-12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа рзы. Аха уи аенциклопедиа амҽхак даҽакуп, амахәҭа иамоу даҽакуп.
Ари аенциклопедиа аматериал, сара сызламетодисту ала, ахәыҷқәа рзы ашәҟәқәа шызыҩхьо ала, аизгара сара сзыҳәан усҟак ицәгьаӡамызт. 7-12 шықәса зхыҵуа ахәыҷқәа ирызку аенциклопедиаҿы иҟалароуп иҵегь атемақәа. Сара даара исҭахуп уи аенциклопедиаҟны ианылар ажәҩан, акосмос иазку амтериал.
Аԥсуаа уи даара ибзианы ирымоуп, ахьыӡқәа мыӡырц азыҳәан. Иҭыҵыз аенциклопедиаҟны атемақәа ирхәмарны ишрызнагоу еиԥш, егьи аҟынгьы ус иҟалароуп, ахәыҷы игәы ахымшәарц азы, есымша аԥхьара иҭаххарц азы. Аматериал аидкылараҿы исҭаххоит аҭоурыхҭҵааҩцәеи, аԥсабараҭҵааҩцәеи, амшынҭҵааҩцәеи рыцхыраара. Ахарџь маҷны иагаӡом ашәҟәы, аха знык ҳаналага, ауаа ианыргәаԥха амҩабжа ааныжьра азин ҳамаӡам, иацҵаны аҟаҵараз агәахәара ҳамоуп. Х-нызқь цыра ҭҳажьит ари аенциклопедиа, ахарџьгьы рацәаны иагеит.
— Ашәҟәы аазхәарц зҭаху иоуырц абаилшо? Шаҟа иркои?
— Ашәҟәы шаҟа ирко акәымкәа еиҳа ирмаҷны иаҳҭиуеит, избан акәзар, иаҳҭахым ирацәаны ахә ашьҭыхра, иара усгьы зықь мааҭ ахьаҳҳәо ҳацәыԥхашьоит, иара ахаҭа ахәԥса 1800 мааҭ ҟанаҵоит. Проблемак ыҟоуп ашәҟәы аҭираҿы, афонд иҭнажьуа ашәҟәқәа зегьы аԥсуа шәҟәқәа ахьырҭиуа адәқьанқәа рыҟны иаҳҭиуеит, аха изҭиуа ахә иацҵаны ирҭиуеит, 30-50% иацҵаны ахә иқәдыргылоит Шәазхәыц ҳара зықь мааҭ иаԥсоуп ҳҳәазар, дара 1500 мааҭ ҳәа ирҭиуеит. Ари ахә зегьы ирзышьҭыхӡом, уи аҟынтә макьана адәқьанқәа рахь инаҳамгаӡеит, изҭахыу аԥсуа бызшәа арҿиаратә фонд аҟны иаархәарц рылшоит.