Кьылба: еидҵоу ар ргәыԥ аратификациа азура хҭыс дууп

© Sputnik / Владимир Федоренко / Амедиаҵәахырҭахь аиасраУрыстәыла Афедерациа ахеилак ратификациа азнауит Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭра – еидҵоу ар ргәыԥ азы
Урыстәыла Афедерациа ахеилак ратификациа азнауит Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭра – еидҵоу ар ргәыԥ азы - Sputnik Аҧсны
Анапаҵаҩра
Абҵара 16 рзы Урыстәыла Афедерациа ахеилак ратификациа азнауит Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭра – еидҵоу ар ргәыԥ азы.

АҞӘА, абҵара 17 – Sputnik, Бадраҟ Аҩӡба. Ахаша, абҵара 16 рзы Урыстәыла Афедерациа ахеилак ратификациа азнауит Аԥсни Урыстәылеи реиқәшаҳаҭра – еидҵоу ар ргәыԥ азы. Ари аҵак ду змоу хҭысуп ҳәа иҳәеит Аԥсны Ашәарҭадаратә хеилак амаӡаныҟәгаҩ Муҳамед Кьылба ҳкорреспондент диҿцәажәо.

"Ҳара, Қырҭтәыла аҵакырадгьылаҟнеиԥш зехьынџьара Аҩада Атлантикатәи аблок бџьарла аҽеибыҭара ишаҿу аабоит. Урҭ рҿагылара ҳара иҳалшом. убри азы еидҵоу арратә мчқәа раԥҵара аҵак ду аманы иҟоуп", — иҳәоит Кьылба.

Урыстәылеи НАТО-и реизыҟазаашьақәа рыуадаҩра атәы далацәажәо Кьылба иҳәеит иаарту аиҿагылара ҟалап ҳәа дшыҟам.

"Урстәыла алшарақәа ааԥшит Шьамтәылеиԥш егьырҭ адунеи аҭыԥқәа жәпакы рыҟны. Урыстәыла арратә мчқәа акыр иӷәӷәоуп. Ҟрым аҵакырадгьыл аҟны имҩаԥнагаз ауснагӡатәқәа ракәзар имаҷымкәа агәшырақәа рырхьшәашәара рылшоит", — иҳәеит Муҳамед Кьылба.

Аиқәшаҳаҭра аратификациа иақәыӡбахьеит Қырҭтәылеи Америкеи. Хаҭала Америка Апрезидент ихаҭыԥуаҩ Джо Баиден. Уи аҳәамҭа аҭакс Аԥсны Адәныҟатәи аусқәа рминистрра иазгәанаҭеит еидҵоу арратә мчқәа раԥҵара зус алоу Аԥсни Урыстәылеи рымацара шракәу.

Ажәабжьқәа зегьы
0